Амениу
26 Мшаԥы 2024
07:22
Аҽҭаҩра

Адунеизегьтәи
аԥсуа-абаза
конгресс

Ҳара адунеи иқәынхо аԥсуааи абазақәеи реидкылара хықәкыс иҳамоуп

Аҭоурых иаазыркьаҿны

03.07.2020 14:00 29392
Иԥҽу агәқәа рбааш: шықәсык имҩаԥысуаз Аԥсуа баарыԥхрақәа рыҭҵаара хыркәшоуп

Археологиатә проект «Аԥсуа ҭӡеибаркыра ду амаӡақәа» хацыркуижьҭеи шықәсык ҵит. Ажрақәа ирылахәыз аволонтиор Васили Никулин иҳацеиҩишеит абри аусура инаҭаз агәалаҟара, иаҳзеиҭеиҳәеит иԥшааз артефактқәа ртәы, иара убас аекспертцәа рҿы еиликааит аԥшаахқәа ҵакыс ирымоу.

17.01.2020 09:00 90918
Иҳаракны игылоу аамҭа ахылаԥшҩы: Аҟәа ақалақь ахадара ахьтәоу ахыбра аҭоурых

Аҟәа ақалақь ахадара ахьтәоу ахыбра ргылан 1914 шықәсазы: уи 105 шықәса ахыҵит. Аҟәа ахаҿра аазырԥшуа ахыбра аҭоурых: уи зыргалаз, аамҭа цацыԥхьа иара аҽшаԥсахуаз, насгьы ԥсахра зқәымкәа инхаз уҳәа иазкны шәаԥхьар шәылшоит АААК аинформациатә портал иазнархиаз аматериал.

13.01.2020 11:30 33460
Агазеҭ «Абазашҭа»: абаза жәлар рбызшәа аиқәырхага, «рышықәснҵа»

Адунеи аҿы абаза бызшәала иҭыҵуа газеҭ заҵәык ауп, уи «Абазашҭа» ахьӡуп. Агазеҭ раԥхьатәи аномер ҭыҵит 1938 шықәса, ԥхынгәымзазы. Уи инаркны абар уажәшьҭа 80 шықәса раахыс «Абазашҭа» адаҟьақәа ирнылоит Урыстәылеи адунеи егьырҭ атәылақәеи ирыланхо абазақәа рыԥсҭазаашьа атәы еиҭазҳәо астатиақәа: ауаа ргәыӷрақәеи рхьаақәеи аарԥшуа, ауадаҩрақәа рԥызгало, агәахәара рызҭо цәыргауа.

09.01.2020 12:25 100879
Аԥшьаҭыԥ, мамзаргьы архитектуратә баҟа: Бедиатәи аныхабаа

Бедиатәи аныхабаа ргылан 999 шықәсазы, Тҟәарчал араион иатәу Агәыбедиа ақыҭа иахьаҵанакуа ашьхаҟьаҟьаҿы. Ари ақьырсиантә ныхабаа Аԥсны анҭыҵ хараӡа ирдыруеит. 2019 шықәсазы Бедиатәи аныхабаа ргылоуижьҭеи 1020 шықәса .

26.12.2019 15:10 Ажәабжьқәа 33280
Аԥсны далыркааит ашықәсан иреиӷьу асахьаҭыхҩы: уи Сабина Кәарҷелиаԥҳа лоуп

Аҟәа имҩаԥысит есышықәсатәи апремиа «Ашықәсан иреиӷьу асахьаҭыхҩы» анашьара.

24.09.2019 10:50 43215
Аԥсуа баарыԥхрақәа: азҵаарақәеи, урҭ рҭакқәа рыԥшаареи

Аԥсны иҟоуп Аԥсуа баарыԥхрақәа ҳәа изышьҭоу аргылара ду – зҭоурых иахьа уажәраанӡагьы инагӡаны иҭҵаам ижәытәӡатәиу хыхьчаратә ҭӡуп. Иҟалап, ҳазҭоу ашықәс, аԥхынразы иаԥшьгаз аҭҵаарадырратә проект абзоурала иқәгылоу азҵаарақәа зегьы рҭак ҳаургьы.

30.08.2019 11:50 35306
Урҭ рыхабар иазԥшуп: нанҳәа 30 рзы Аԥсны иазгәарҭоит хабарда ибжьаӡыз рымш

Хабарда ибжьаӡыз жәларбжьаратәи рымш азгәарҭоит есышықәса, нанҳәамза 30 рзы. Ҳтәылаҿы ибжьаӡыз ирхыԥхьаӡалоу реиҳараҩык — Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьраан ибжьаӡыз роуп.

25.08.2019 08:10 48693
Ажәларқәа аӡәыкны ишеидгылаз: Кавказ жәларақәа Рконфедерациа аԥҵара амш иазкны

1989 шықәса, нанҳәамза 25-26 рзы Аҟәа имҩаԥысит Кавказ ашьхарыуа жәларқәа Рассамблеиа (Рконфедерациа) актәи аизара ду.

15.08.2019 10:05 56391
Аибашьра ахаҿсахьақәа: аԥсуа хатәгәаԥхарауаа рҭоурых

Нанҳәа 15 рзы Аԥсны иазгәарҭоит Ахатәгәаԥхарауаҩ имш. Ари амш рызкуп – Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьраан хатәгәаԥхарала ҳажәлар ирывагыланы аӷа иабашьыз афырхацәа. Абри арыцхә инақәыршәаны АААК аинфопортал иазнархиеит аветеранцәа-ахатәгәаԥхарауаа ирызку ҭоурыхқәак.

28.07.2019 11:00 105665
Аԥсуаа рышәк: хьаҵрак ззымдыруаз арыцарцәа иашақәа

2019 шықәсазы 105 шықәса ҵуеит Актәи адунеизегьтәи аибашьра иалагеижьҭеи, уи аибашьра адәаҿы афырхаҵара дуӡӡеи Аԥсадгьыл ахь еицакра зқәым абзиабареи аадырԥшит аԥсуа ҵеицәа.

Иҵегь аҭагалара