Амениу
9 Рашәара 2023
18:32
Аҽҭаҩра

Адунеизегьтәи
аԥсуа-абаза
конгресс

Ҳара адунеи иқәынхо аԥсуааи абазақәеи реидкылара хықәкыс иҳамоуп

Аҭоурых

25.05.2023 14:05 Ахаҭарақәа 905

17.05.2023 12:20 Ахаҭарақәа 1826

03.04.2023 13:10 Аетнографиа 1549
«Амазара»: адоуҳатә-культуратә ҭынха иазку АААК апроект иацҵахеит абаза ҭацаагаратә қьабзқәа рыла

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгрессии аилазаара «Алашареи» еицыртәу апроект «Амазара» иацҵахоит абаза ҭацаагаратә қьабзқәа ирызку авидеофильмқәа рцикл аҭыхрала.  

19.01.2023 13:20 Ахаҭарақәа 2401
Мгәыӡырхәа иалҵны Аддис-Абеба инаӡаз: асовет дипломат Григори Шәлымба иҭоурых

Анхаҩы иҭаацәараҿы ииз, изызҳаз аҷкәын аҵара ду аҵара игәы азыҳәон, уи амҩала ицаз акыр атәылақәа дырҭааит, иилахьынҵахашаз аҭыԥҳа Абжьара Азиа дибан Ефиопиаҟа дигеит. Адипломат Григори Шәлымба имаҵуреи иԥсҭазаареи рылацәажәара иҟазшьамызт, аха ҳара даҳгәалашәоит, иӡбахәгьы еиҭаҳҳәоит.

15.03.2022 11:25 Ахаҭарақәа 34575
«Ажәлар рымцахә змырцәо»: Алықьса Гогәуа имшира иазкны

Аԥсны зегьы бзиа еицырбо жәлар рышәҟәыҩҩы, ҳаамҭазтәи аклассик Алықьса Гогәуа имшира инадҳәаланы АААК аинфопортал иазнархиеит иара изку аочерк.

11.03.2022 09:30 Ахаҭарақәа 24418
"Имариоума зегьы рзыҳәа иахьа хәлаанӡа абылра?": Таиф Аџьба игәалашәаразы

Хәажәкыра 11, 1939 шықәсазы диит Аԥсны хәыҷи-дуи бзиа еицырбо апоет Таиф Аџьба. Жьҭаара 9, 1992 шықәсазы Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьраан Аҟәа иҩны ддәылганы дыргеит ақырҭуа гваридиауаа зҭәымҭа иҭагылаз аклассик. Уиижьҭеи ихабар ыҟам, ибаҩгьы ԥшаам. Ажәлар ргәалашәараҿы Таиф Аџьба иԥсы ҭоуп, ԥсра шрықәым еиԥш иаԥиҵаз ицәаҳәақәа.

04.06.2021 13:35 Афотосахьақәа 24462
Ашьамаҟа аҟаҵашьа: акәамаҵамақәа 

АААК анфопортал иазнархиаз афотолентаҟны шьаҿа-шьаҿала иаарԥшуп ашьамаҟа шыҟарҵо.

04.06.2021 13:10 Аетнографиа 26221
Зыдунеи зыԥсахыз ирызкуп: аҵла иеиԥшу ацәымзақәа раркра аԥсуаа рытрадициаҿы

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс еиҭахацнаркуеит аԥсуа қьабызтә цәымза аркра атрадициа. Ҩышықәса ирықәуп Кавказтәи аибашьра иаланҵәаз ргәалашәара амш, лаҵарамза 21 азы ашьамаҟа рбылуеижьҭеи. Изеиԥшра традициоузеи иара, иабаҟоу ахыҵхырҭа, иабантәаауеи аҭоурых? Аконгресс аинформациатә портал иазнархиеит абри азы инарҭбаау аматериал.

Иԥҽу агәқәа рбааш: шықәсык имҩаԥысуаз Аԥсуа баарыԥхрақәа рыҭҵаара хыркәшоуп

Археологиатә проект «Аԥсуа ҭӡеибаркыра ду амаӡақәа» хацыркуижьҭеи шықәсык ҵит. Ажрақәа ирылахәыз аволонтиор Васили Никулин иҳацеиҩишеит абри аусура инаҭаз агәалаҟара, иаҳзеиҭеиҳәеит иԥшааз артефактқәа ртәы, иара убас аекспертцәа рҿы еиликааит аԥшаахқәа ҵакыс ирымоу.

23.02.2020 10:05 Ахаҭарақәа 30887
Зураб Ачба иажәа амч

Жәабран 23, 1950 шықәсазы Аҟәа диит Зураб Ачба – Аԥсны иналукааша ауаажәларратә, аполитикатә усзуҩы, азиндырҩы, азинхьчаҩ.

Иҵегь аҭагалара