1. Аконгресс алахәцәас иҟалар рылшоит аԥсуа-ашәуа (абаза), аубых жәларқәа рхаҭарнакцәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәанԥҵара инақәыршәаны зықәра наӡахьоу, ҭыԥс иахьынхозаалак, аҳәаанырцәтәи атәылауаҩра рыма-ирымам, Аконгресс Аԥҟаԥҵәа азхазҵо, Аконгресс аусуреи, Аконгресс аԥҟаԥҵәатә хықәкқәеи ахыдҵақәеи рынагӡара иалахәзарц зҭаху, шә-мааҭк ма ҩ-долларк ЕАШ инаӡо алахәҩы илагала ианаамҭоу изшәо (Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс аӡбра, 29.06.2018 аҟнытә

2. Аконгресс ахь адкылара мҩаԥысуеит 1-тәи апункт аҟны иарбоу аԥҟарақәа ирықәшәо акандидат ҩыралатәи иарзаҳал ашьаҭала.

3. Аконгресс алаларазы акандидат иарзаҳал аҟны иаирбароуп ихатәы информациа: ижәла, ихьӡ, иабхьӡы, иҭоурыхтә жәла (имазар), иира арыцхә, дахьынхо аҭыӡҭыԥ, итәылауаҩра, 
имилаҭра.

4. Аконгресс алаларазы арзаҳал нашьҭызар ауеит: 
- Аконгресс иреиҳаӡоу ахеилак ахь;
- Аконгресс аҭыԥантәи ма арегионалтә ҟәша Ахеилак ахь;
- иарбоу аҵакырадгьыл, ма административтә-ҵакырадгьылтә еиҿкаараҿы иҟоу, азинмчы змоу Аконгресс ахаҭарнак иахь, анаҩс иара Аконгресс Иреиҳаӡоу Ахеилак ахь уи арзаҳал алаиҵоит;
- Аконгресс аинформациатә портал www.abaza.org ала. Аконгресс алаларазы акандидат арзаҳал аформа ақьаад аҿы икьыԥхьны инапы аҵаиҩыр илшоит, уи анаҩс ихарҭәаау аформа  асканер иахыжьны Аконгресс аелектронтә ԥошьҭахь info.abk@abaza.org инаишьҭуеит. 
- Арзаҳалцыԥхьаӡа иахәаԥшуеит Аконгресс иарбоу Арегионалтә ҟәша Ахеилак аҟны, уаҟа иагьрыдыркылоит Аконгресс ахь алаҵаразы аӡбра. 
- Аконгресс алахәцәа зегь рахь инашьҭхоит Ауаажәларратә еилазаарахь ишрыдыркылаз азы асалам шәҟәы.

5. Аконгресс алахәцәа зегьы ирыҭахоит ишьақәырӷәӷәоу аԥҟарақәа ирықәшәо афотосахьа зну аршаҳаҭга. Афотосахьа нашьҭтәуп Аконгресс аелектронтә ԥошьҭахь: info.abk@abaza.org. Афотосахьа зеиԥшразар акәу арбоуп аинформациатә портал www.abaza.org аҟны.

Афотосахьа зеиԥшразар акәу

1.  Аизышарақәа: афотосахьаҟны ахаҿы иааннакыло аҭыԥ ашәагаа зегьы аҟнытә 80% иреиҵымзароуп. 
2. Афотосахьа ҭыхзароуп ишкәакәоу еизадоу афон аҟны, ибзианы алашара ахьақәԥхо. 
3. Зфотосахьа ҭырхуа акагь ихамзароуп. Зсахьа ҭырхуа ихы-иҿы, ихәда, ма имаҭәа рҿы – иарбоу аԥҟарақәа инарықәыршәаны иҭаҩым асимволика анызар ҟалаӡом (аиувелиртә арԥшӡагақәеи абижутериеи рыда). Абласаркьа еиқәарақәа (амра аҽацәыхьчаразы иарҭо) ухаҵаны афотосахьа аҭыхра ҟалом (зыблабара иагу рыда). 
4. Афотосахьа ҭыхуижьҭеи 12 мзы иреиҳаны иҵхьазар ҟалаӡом. 
5. Афотоаппарат алашара ацәырҟьара абласаркьа алинзақәа, ма егьырҭ ахәҭақәа ирынҷҷалозар ҟалаӡом.
6. «Иҟаԥшьу алақәа» реффект ыҟазар ҟалаӡом.
7.  Афотосахьа хә-мегабаитк иреиҳамзароуп. 
8. Афотосахьа аелектронтә вариант нашьҭызар ҟалоит Аконгресс аелектронтә ԥошьҭахь: info.abk@abaza.org

АРЗАҲАЛ АҬАГАЛАРА