Аетнографиа
Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгрессии аилазаара «Алашареи» еицыртәу апроект «Амазара» иацҵахоит абаза ҭацаагаратә қьабзқәа ирызку авидеофильмқәа рцикл аҭыхрала.
АААК анфопортал иазнархиаз афотолентаҟны шьаҿа-шьаҿала иаарԥшуп ашьамаҟа шыҟарҵо.
Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс еиҭахацнаркуеит аԥсуа қьабызтә цәымза аркра атрадициа. Ҩышықәса ирықәуп Кавказтәи аибашьра иаланҵәаз ргәалашәара амш, лаҵарамза 21 азы ашьамаҟа рбылуеижьҭеи. Изеиԥшра традициоузеи иара, иабаҟоу ахыҵхырҭа, иабантәаауеи аҭоурых? Аконгресс аинформациатә портал иазнархиеит абри азы инарҭбаау аматериал.
Ансамбль «Аԥхьарца» алахәцәа реиҳараҩык ҩышықәсаҟа раԥхьа иарбанзаалак амузикатә арҳәагак рнапаҿы ирымкӡацызт, анотақәагьы рыздыруам – аха ус шакәугьы, ааигәа иаԥҵаз ари аколлектив аханатә инаркны афестивальқәа рҟны аԥхьахәқәа аго иалагеит. АААК акорреспондент еилылкааит арҿиарауаа абас ахаарԥшра зларылшо.
Аԥсуа бызшәа – кавказтәи абызшәатә ҭаацәара иалоу мраҭашәара-кавказтәи (аԥсуа-адыга) абызшәатә гәыԥ ахь иаҵанакуеит. Зегь реиҳа иазааигәоу бызшәоуп абаза бызшәа, аԥсшәеи абаза бызшәеи иргәыцхәу бызшәақәоуп иара убас адыга бызшәа, аҟабарда-черқьес бызшәа, нас аубых бызшәа (иахьазы иԥсхьоу). Аԥсуа бызшәа адунеиаҿы зегь реиҳа ижәытәӡоу, ҳаамҭанӡа еиқәхаз архаикатә бызшәақәа ируакуп. Аԥсуа бызшәа алфавит 64 нбан рыла ишьақәгылоуп: ацыбжьыҟа шьҭыбжьқәа 56 ыҟоуп, абжьыҟақәа 6, иара убас арԥшқага дыргеи ахаргьежьратә дыргеи.
Шәышықәса раԥхьаҟа ухаҿгьы иузаагомызт ашьха ааӡара знапы алакымыз абаза ҩнаҭак ыҟоуп ҳәа, ианакәзаалакгьы ари аус зегьы бзиа ирбоз, пату зқәыз акы акәны иҟан. Иара иахьагьы аҭагылазаашьа рацәак аҽамԥсахит: ҳаамҭазтәи ашьхааӡаҩцәа ашьхагәарқәа дырҿыцит, иахьатәи аамҭа иақәшәо иҟарҵеит, аха ус шакәугьы, дара ирылшеит ижәытәӡатәиу ашьхааӡаратә традициақәа ҟазарак еиԥш реиқәырхара.
Баграт Шьынқәба ихьӡ зху аԥсуа бызшәа афонд ахантәаҩы, АААК Иреиҳаӡоу ахеилак алахәыла Виачеслав Чрыгба еиҭеиҳәеит аԥсуа бызшәа аиқәырхара аус аҿы Уельстәи (Британиа Ду) аԥышәа ҳаҿыԥшыр шыҟало.
Аԥсуа шәаҳәаҩы, асахьаҭыхҩы, иара убасгьы амультипликатор Асҭамыр Кәыҵниа аус адиулоит аԥсышәала ицәажәо амультфильм «Абраскьыл ифырхаҵарақәа».
Ашәышықәсақәа цацыԥхьаӡа аԥсуа ҭацаагаратә традициақәа даара акыр рҽырыԥсахуан, аха иџьоушьаша – иахьанӡа еиҭакрада еиқәхазгьы рацәоуп. Традициала аԥсуа чара шымҩаԥыргози иахьатәи ҳаамҭазы уи амҩаԥгашьеи ртәы ҳазааҭгылеит АААК аинформациатә портал иазнархиаз аетнографиатә очерк аҟны.
Абаза бызшәа – нхыҵкавказтәи абызшәатә ҭаацәара иатәу аԥсуа-адыга бызшәатә гәыԥ ахь иаҵанакуеит. Уи агәыԥ шьақәгылоуп еигәыцхәу абызшәақәа хәба рыла: адыга бызшәа, аҟабарда-черқьес бызшәа, аубых бызшәа (иахьазы иӡхьоу), аԥсшәа, абаза бызшәа (арҭ аҩба зынӡа еизааигәоуп). Абаза бызшәа иамоуп ҩ-диалектк: тапанҭатәи – алитературатә бызшәа шьаҭас иамоу, нас ашьхарыуатәи. Иахьазы арҭ аҩ-диалектк ахархәара рымоуп. Раԥхьатәи абаза алфавит аԥиҵеит абаза, ачерқьес шәҟәыҩҩы, апоет Ҭаҭлусҭан Табулов.