Адиаспора
Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс иамоу арегионалтә ҟәшақәа рхыԥхьаӡара иацлеит Британиа Ду иаарту аҟәша ҿыц.
Аԥснытәи анаплакцәа Асҭамыр Кәартааи уи иԥшәмаԥҳәыс Гәында Хьиуитт-Кәартааи Британиа Ду ахь нхара ииасын, уаҟа аҭаацәаратә бизнес нап адыркит: иҟарҵо аԥсуа џьыка аҭыԥантәи ауааԥсыра даара ргәы иақәшәаны иҟоуп.
Ҭырқәтәыла имҩаԥысит Аԥсуа культуратә хеилакқәа рфедерациа VI-тәи аизараду, афедерациа ахантәаҩи анапхгара алахәцәеи ралхра иазкны.
АААК Аинфопортал иацнаҵоит аҳәаанырцә инхо аԥсуа-абаза милаҭ ахаҭарнакцәа рыӡбахә шәзеиҭаҳәара. Иахьатәи анҵамҭа изкуп Иорданиа инхо ҳџьынџьуаҩ Азиз Абаза (Мыхц).
Жьҭаара 27 инаркны абҵарамза 1-нӡа ҞЧА имҩаԥысуан абаза бызшәеи алитературеи аԥшьбатәи рфестиваль. Аусмҩаԥгатә хыркәшан итрадициатәу аконференциа – «Ҭобыль иаԥхьарақәа» рыла.
Ҭырқәтәыла инхо аԥсуааи адыгақәеи рмузыкатә традициқәа ирызку ашәҟәы апрезентациа мҩаԥысит Аҟәа.
Ҟарачы-Черқьесиа абжьаратә школқәа руак аҿы имҩаԥысит ахатәы бызшәеи алитературеи рзы иаарту аурокқәа, иара уи алагьы есышықәсатәи абаза бызшәеи алитературеи рфестиваль хацыркхеит.
Жьҭаарамзазы Аԥсны раԥхьаӡа акәны имҩаԥысит зымҽхак ҭбаау акультуратә-спорттә фестиваль «Абаза», акыраамҭаа ҵуеит уи есышықәса ҞЧА имҩаԥысуеижьҭеи. 2019 шықәса аԥхынразы афестиваль иаҭааит аԥсуа делегациагьы. Ишәыдаагалоит урҭ аныҳәамшқәа ирызкны ҳколлега Екатерина Бебиаԥҳа иазлырхиаз ажәабжь кьаҿқәа.
АААК ауснагӡаратә маӡаныҟәгаҩ Инар Гыцба Ҭырқәтәылатәи Ареспублика иаҭаара аихшьалақәа ҟаиҵеит.
Ҭырқәтәыла араионқәеи ақалақьқәеи рҿы иаартхоит АААК аҭыԥантәи аҟәша ахеилакқәа