30 шықәса раахыс ари аиҿкаара адунеи иалаԥсоу аԥсуааи абазақәеи реидкыларазы аус ауеит. Абызшәеи, аҵас-қьабзқәеи, акультуреи реиқәырхара иазыхандеиуеит, ауаажәлар рыҿиара иацхраауеит.

АКОНГРЕСС АԤҴАРА АҬОУРЫХ

1992 шықәса жьҭаарамзазы Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра анцоз аамҭазы еиуеиԥшым атәылақәа рҟынтә аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәа еизеит Лыхны ақыҭан I-тәи Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза (абаза) жәлар рконгресс ахь, аҭоурыхтә ԥсадгьыл ахьчаразы ажәлар зегь реидкылара хықәкыс иҟаҵаны. 

Аконгресс ихадароу аӡбамҭас иҟалеит Жәларбжьаратәи аԥсуа-абаза жәлар рассоциациа аԥҵара, уи ахадас далхын иналукааша ауаажәларратә усзуҩ, аиуристтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Тарас Шамба.

АКОНГРЕСС АМИССИА

Аконгресс аусура хықәкы хадас иамоуп аԥсуааи абазақәеи, ҭыԥс иахьынхозаалакгьы, реидкылара, ажәлар ринтересқәа ирзынархоу аргыларатә процессқәа ирылахәхартә аҟаҵара. Уи алыршахоит, аԥсуа-абаза жәлар дарбанзаалак ахаҭарнак ипотенциал ааирԥшыртә еиԥш аҭагылазаашьа аԥҵазар. Аконгресс иахьатәи акоманда русура ззынархоу – ажәлар ракзаара арӷәӷәара, Аԥсны аекономикатә ҿиара ацхраара, аҳәаанырцәтәи ҳашьцәа рҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь ахынҳәра ргәазырԥхаша иманшәалоу аҭагылазаашьақәа раԥҵара, аграждантә уаажәларра арҿиара уҳәа абарҭқәа роуп. Абаза жәлар реиқәырхареи реизҳареи аидеиа анагӡаразы Аконгресс аус ауеит ҳмилаҭ ахаҭарнакцәа ахьынхо атәылақәа зегь рҟны.

АААК ИРЕИҲАӠОУ АХЕИЛАК АХАНТӘАҨЫ МУССА ЕГЗАКЬ

2017 шықәсазы имҩаԥысыз абыжьбатәи аизара ду Аконгресс аҭоурых аҟны аетап ҿыц хацнаркит. Аизара алахәцәа официалла ишьақәдырӷәӷәеит аиҿкаара ахьӡ – Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс. Аконгресс Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩыс далхын аҳәынҭқарратә, ауаажәларратә усзуҩ, амеценат Мусса Егзакь. Иара иаликааит АААК аусура астратегиатә хырхарҭас иамоу – арегионалтәи, аҭыԥантәи аҟәшақәа раартра, иагьазгәеиҭеит қыҭацыԥхьаӡа, қалақьцыԥхьаӡа аҿиара ианаалаша аиндивидултә программақәа шьақәыргыланы ишымҩаԥгалатәу. Ҷыдала азҿлымҳара аҭан аинформациатә усура, еиуеиԥшым атәылақәа ирыланхо адиаспора ахаҭарнакцәа реидкылара аус ахаҭабзиара ҳаразкуа хархәагак аҳасабала.  

АКОНГРЕСС АКОМАНДА РХЫҚӘКЫ ХАДАҚӘА

– аԥсуа-абаза (абаза) жәлар ретнокультуратә акзаара аиҭашьақәыргылара;

– адиаспора ахаҭарнакцәа рҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь рыхынҳәра ацхрааразы иманшәалоу аҭагылазаашьақәа раԥҵара;  

– аҳәаанырцәтәи ҳџьынџьуаа Аԥсны аекономикатә, асоциалтә, акультуратә ҿиара ралархәра;  

– аԥсуа-абаза жәлар иматериалтәым ркультуратә ҭынха аиқәырхара: амилаҭтә хаҿра, аҵасқәеи ақьабзқәеи;

Аконгресс амиссиеи ахықәкы хадақәеи зеиԥшроу ала, уи аусураҿы иалукаар ауеит ихадоу ахырхарҭақәа быжьба:  

– ахатәы бызшәа аиқәырхареи арҿиареи,

– акультура,– аҭаацәара, ахәыҷқәа,– аҿар,– аҵара,– агәабзиарахьчара,– аспорт.

АКОНГРЕСС АУСУРА ИАЛАХӘХАР ЗЫЛШОДА

Аконгресс уажәазы еиднакылоит ҩ-нызқьҩык инареиҳаны адунеи иқәынхо аԥсуааи абазақәеи. Ари аформалтә процедурақәа ирхысны аиҿкаара иалахәхаз мацара роуп. Есҽнытәи аусура мҩаԥыргоит 80-ҩык инареиҳаны аусзуҩцәа.

Аконгресс иалахәхар ҟалоит аԥсуа-абаза ма аубых жәларқәа рхаҭарнакцәа, уи азы иаҭаху арзаҳал харҭәааны аелектронтә ԥошьҭала аашьҭроуп, мамзаргьы аҭыԥан иҟоу Аконгресс ахаҭарнак иҭазар ҟалоит. Убри аан ауаҩы дахьынхозаалак ауеит, итәылауаҩрагьы зеиԥшразаалак ауеит. Аконгресс алахәыла дарбанзаалак илшоит аиҿкаара аусура дахәҭакхар, Аконгресс аизара ду ахь делегатс, мамзар егьырҭ алхратә маҵурақәа рахь ихы ықәыргылар азин имоуп, Иреиҳаӡоу ахеилак аилатәарақәа рылахәхарагьы иара убас.

Аконгресс шәалахәхозар, шәара шәахәҭакхоит Абаза жәлар, урҭ ркультуреи, рҭоурыхи, рыҿиареи, реиқәырхареи аидеиа еиднакыло аҭаацәара ду. Аконгресс аусура аҽалархәреи уи апрограммақәа рынагӡараҿы ацхыраареи рылшоит изҭаху зегьы.

АКОНГРЕСС АХЫДҴАҚӘА ШԤАНАНАГӠО

Ихадароу инструментс иҟоу – нхарҭаҭыԥцыԥхьаӡа иаарту Аконгресс ахаҭарнакрақәа роуп. Дара иалдыршоит аҭыԥантәи ауааԥсыра иаарласны дара рҵакырадгьыл азы хра злоу азҵаарақәа рыӡбалартә еиԥш аус ралархәра.

Аконгресс акоманда хкырацәала еиуеиԥшым апроектқәа мҩаԥыргоит: арҵаратә программақәа, агәыҳалалратә акциақәа, зымҽхак ҭбаау аспорттә, акультуратә, агәаларшәаратә усмҩаԥгатәқәа, исахьаркны аԥхьаҩцәа рконкурсқәа.

Аконгресс ихацнаркит агәыҳалалратә акциа «Агәыбылра», еиԥмырҟьаӡакәа имҩаԥысуеит Адискуссиатә клуб аилатәарақәа, еиҿкаауп зымҽхак ҭбаау акультуратә-спорттә фестиваль «Абаза». Арҭ аусмҩаԥгатәқәа зегьы ахықәкы хада иақәҿырҭуеит – аԥсуааи ашәуааи (абазақәа) рмилаҭтә цәаҩа аиқәырхара, уи адунеи аларҵәара, ажәлар рҭоурыхтә ҭынха амырӡразы реидкылара.

АААК ЖӘЛАРБЖЬАРАТӘИ АУСУРА

Аконгресс апроектқәа мҩаԥысуеит Абаза жәлар рхаҭарнакцәа ахьынхо атәылақәа зегьы рҟны. Уи ажәлар реидкылара ахьалнаршо адагьы, урҭ атәылақәа руааԥсырагьы ҳкультуреи ҳатрадициақәеи иргәыланарԥшыртә еиԥш алшара аԥнаҵоит, акультуратә еиҿцаара арҿиоит. АААК ахаҭарнакрақәа Аԥсны анҭыц иаартуп, аусгьы руеит Урыстәыла: Санкт-Петербург, Москва, Ҟарачы-Черқьестәыла, Ҟабарда-Балкариа, Ставропольтәи атәылаҿацә; иара убас Ҭырқәтәыла, Германии, Нидерланды, Бельгиа, Британиа Ду.

Ииасыз шықәсқәак ирылагӡаны Аконгресс анапхгареи алахәцәеи жәабала аиқәшәарақәа мҩаԥыргеит, еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла аусеицуразы аиқәшаҳаҭрақәа рыдыркылеит. Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсуа культуратә хеидкылақәа рфедерациеи, Египет (Мысра) иҟоу Акультуреи аҟазареи рыҿиара афонди, Аконгресси аимадара рыбжьоуп. АААК Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь аамҭа-аамҭала дырԥылоит аԥсуа-абаза диаспора ахьынхо атәылақәа рнапхгара: Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Андреи Руденко, Иорданиа асенат ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ, италиатәи апарламент адепутат Маттео Далль-Оссо уҳәа убас иҵегь аӡәырҩы. Италиа апарламент аҟны 2022 шықәсазы Аконгресс акоманда еиҿыркааз аконференциа далахәын Аԥсны ахада Аслан Бжьаниагьы. Аиԥылара онлаин аформат ала имҩаԥысит, излацәажәоз атема абас иҟан: «Ахҳәаақәҵара азин. Аԥсни Европа Дуи».

Активлатәи Аконгресс жәларбжьаратәи аусура, хаҭалагьы аҳәаанырцәтәи ахаҭарнакрақәа раартра зызҳәоу – ҳџьынџьуаа ахьынхозаалакгьы Аԥсны Аҳәынҭқарра арӷәӷәара аус аҿы ишҵыргәоу аилкаароуп.

АГӘАЛАШӘАРАТӘ УСМҨАԤГАТӘҚӘА

2021 шықәсазы Аҟәа еиҭаҳан Агәалашәаратә аллеиа, 1992-1993 шықәсқәа рзтәи Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз аҵеицәа раҳаҭыразы. Есышықәса Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәалашәара амш аҽны Аконгресс аԥшьгарала амшын аҟәараҿы Ашьамаҟа рбылуеит, Нарҭаа рымца еиқәырҵоит. Аԥсны аҳәынҭқарратә бираҟи агерби рымш, Ахәыҷқәа рыхьчара амш, Ашықәсҿыцазтәи аныҳәақәа, алитературатә хәылԥазқәа уҳәа Аконгресс аҩызцәа аваргыланы алшықәсанык акультуратә усмҩаԥгатәқәа жәпакы еиҿнакаауеит.

АГӘЫБЫЛРА: АГӘЫҲАЛАЛРАТӘ АКЦИА

Аԥсны иахьаҵанакуа ари акциа амҽхак аҭбаарала иацназго даҽак ҟамлаӡацт. Мызқәак ирылагӡаны  афонд «Алашареи» Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсуа культуратә хеидкылақәа рфедерациеи рыцхыраарала амаҭәаԥхақәеи, ашьаҵатәқәеи роуит зықьҩык инареиҳаны ахәыҷқәа. Апроект Аԥсны араионқәа зегьы аҵанакит, ацхыраара зҭаху рсиақәа хадырҭәаауан аҭыԥантәи ауааԥсыра рхаҭақәа – абригьы даҽазнык иаршаҳаҭуеит Аконгресс амҩа иаша ишықәу – Аҭыԥантәи аҟәшақәа раартрала аусура, ауаа ралархәра.  

АПОЛИТИКАТӘ ԤСҬАЗААРА АҼАЛАРХӘРА

2022 шықәсазы ԥшьҩык Аконгресс ахаҭарнакцәа Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа ирылахәхарц рыӡбеит. Ари аӡбамҭа доусы хаҭала идикылаз акәын. Аконгресс ахаҭарнакцәа Аԥсны қалақьс, қыҭас иахьымнеиц шамахамзар иҟаӡам. Убас ала ишьақәгылеит асоциалтә хырхарҭа змоу аусуратә программа, уи анагӡарагьы еиҳа ихырҳагахон атәыла зегьы иазынархоу азҵаарақәа рыӡбаразы алшара ҟалазҭгьы. Убас иҟоу инструментк аҳасабала, ҳәарада, иуԥхьаӡаратәы иҟоуп Апарламент. Абжьыҭара алҵшәақәа рыла, Аԥсны Жәлар Реизара адепутатс далхын АААК ауснагӡаратә маӡаныҟәгаҩ Инар Гыцба. Адепутат иуалԥшьа хадақәа иреиуоуп Аԥсны ауааԥсыра ринтересқәа рыхьчара, Аконгресс акомандагьы абри апринцип иқәныҟәоит.  

АКОНГРЕСС ААИГӘАТӘИ АГӘҬАКҚӘА

Аконгресс ааигәатәи агәҭакқәа рахь иаҵанакуеит Аԥсны ақыҭақәа зегьы рҟны АААК Аҭыԥантәи аҟәшақәа раартра апроцесс ахыркәшара.  

Аконгресс аҵыхәтәантәи хықәкыс иамоуп апроцессқәа убас ала реиҿкаара – асистема ахала аусура иалагартә еиԥш. Дарбанзаалак ауаҩы еиликаароуп ԥхьаҟатәи ҳԥеиԥш лаша зхьыԥшу, ҳәоуеиқәшәаралатәи абзазара шьаҭас иамоу – ҳмилаҭтә культура ахаҿра, ҳатрадициақәа, ҳхатәы бызшәа реиқәырхара шакәу.

Ахатәы бызшәа хьчалатәуп, ирҿиалатәуп. Убри азы иазхәыцтәуп, иагьаԥҵатәуп аҭҵаарадырратә, арҵаратә проектқәа рсистема. Аҿар аҭҵаарадырра иазхьаԥшыртә еиԥш, абызшәеи, аҭоурыхи, аетнографиеи реиԥш иҟоу ахырхарҭақәа аинтерес рызцәырырго иҟалартә еиԥш ргәы азҭаҵара, ҳтоурыхи, ҳкультуреи, ҳҵас-қьабзқәеи рыҭҵаара – бзиа ибаны, иалаҽхәаны изҿу усхарц.

Аихьӡарақәа змоу, активла аус зуа амедиасистема аԥҵара – иааидкыланы абаза жәлар зегьы, ачерқьесцәеи, аҳәаанырцәтәи ҳашьцәеи џьарак еидызкылаша, убри аинформациатә ҵакыраҿы доусы ихатәы бызшәа аҵаразы, акультуратә-етникатә акзаара дшахәҭаку ибарц-иаҳарц азы изыманшәалоу алшарақәа иоурц.

АԤСНЫ АҾИАРА АПРОГРАММА

Уажәтәи абиԥара ҳҿаԥхьа иқәгылоуп аҭоурыхтә хыдҵа – аҵареи, акультуреи, аспорти рҟны аԥсахрақәа рымҩаԥгара, зыгәра угаша аграждантә уаажәларра ашьақәыргылара, уи арҿиара аус адулара, ауаҩытәыҩсатә капитал аизырҳара амҩала. Арҭ ахырхарҭақәа ихадароу роуп Аԥсны асуверенитет кәадамхакәа, аҳәынҭқарра еизҳазыӷьуа иҿиаларц азы.

Абри хшыҩ азышьҭны Аконгресс акоманда ишьақәдыргылеит аҳәынҭқарра Аҿиара апрограмма, уи иамҽханакуеит аспорти аҭҵаарадырреи, адемографиеи акультуреи, агәабзиарахьчареи ашәарҭадареи, адәныҟатәи аполитикеи уҳәа ирыҵаркуа азҵаарақәа. Абарҭ ахырхарҭақәа зегь ааидкыланы урыхәаԥшуазар, насгьы дара нагӡахар – Аԥсны ауааԥсыра рымшхәыбзазара зеиԥшрахаша унарбоит.

Аконгресс акоманда аԥышәа ду рымоуп аҭыԥантәи ауааԥсыра иахьеи-уахеитәи рыпроблемақәа дара рнапала ирыӡбартә аус рыдулараҿы, абзазаратә уадаҩрақәагьы уахь иналаҵаны. Ҳара атәыла зегьы ҳалсит, қыҭацыԥхьаӡа ирыгу-ирыбзоу ҳдыруеит, ҳалала иаҳбахьеит.

Убри аҟнытә нхарҭаҭыԥцыԥхьаӡа ианаалаша аҿиара аплан шьақәҳаргылараны ҳаҟоуп, уи шьаҭас иҟаҵаны атәыла зегьы иазынархоу, зыҿҳәарагьы дуу аҿиара апрограмма аԥаҳҵарц.

Ҳара гәыкала иаҳҭахуп зегь ҳаидгыланы абри аидеиа аԥсҭазаара иалаҳарҵәарц.

АААК АХАҬАРНАКРАҚӘА

АААК аҭыԥантәи аҟәшақәа аартуп, аусгьы руеит Аԥсны ақалақьқәеи ақыҭақәеи 43 рҟны. Аконгресс агәы иҭоуп ари аформат ԥхьаҟагьы ацҵара, анхарҭа ҭыԥқәа зегьы – 150 – рымҽхакра. Аԥсны анҭыҵ ахаҭарнакрақәа аус руеит атәылақәеи арегионқәеи 10 рҟны: Санкт-Петербург, Москва, Ҟарачы-Черқьестәыла, Ҟабарда-Балкариа, Ставропольтәи атәылаҿацә, Ҭырқәтәыла, Германиа, Нидерланды, Бельгиа, Британиа Ду.

Ҳџьынџьуаа ахьынхозаалакгьы ари азеиԥш усура ралархәразы Аконгресс ахаҭарнакрақәа (аҟәшақәа) аартхоит, урҭ гәыцәс ирымоуп зегь реиҳа активра аазырԥшуа ауаа, зыкәша-мыкәша иҟоу аԥсҭазаара аиӷьтәра иазыхиоу, уи иазыҳаҵҳаҵо, аҭагылазаашьа бзиақәа раԥҵара иашьҭоу. Дара роуп иалызкаауа хазы игоу ақыҭаҿы раԥхьаӡа иргыланы иӡбатәу, уаҟа АААК аусура излалаго аусқәа. Арҭ апроблемақәа ақыҭа, ма ақалақь иаланхо аҭаацәарақәа жәпакы еицырзеиԥшу роуп.

Абри аҩыза азнеишьа иалнаршлоит ауааԥсыра апроблема аҭҵаареи анаҩс уи Аконгресс акоманда ирывагыланы аӡбареи азы аҭагылазаашьа рзаԥҵара.

Аконгресс акоманда азҿлымҳара ду арҭоит дарбанзаалак ауаҩы ихатә потенциал, мчхарас имоу. Убри апотенциал ахархәара аҭахоит иара дахьынхо аҭыԥ аҿиара аплан ашьақәыргылараан. Уи моу, аҳәаанырцә инхо ҳџьынџьуаа рԥышәеи рдыррақәеигьы аус иахәоит – аҵарауаа, аҳақьымцәа, арҵаҩцәа, анаплакцәа.