Ахҭысқәа
«Гәыкала» сасра даҭоуп апоет, ашәҟәыҩҩы, аҭоурыхҭҵааҩ Денис Чачхалиа. Ахәыҷтәы гәалашәарақәа, раҧхьатәи ажәеинраалақәа, Есенин иҩымҭақәа аҧсуа бызшәахьы реиҭагара, игәы шьҭызхуа аусқәа, уҳәа егьырҭ азҵаарақәа ирызкны шәахәаҧш аинтервиу.
Амца, аметалл, ашәышықәсақәа иргәылгоу аҵасқәа – Аҟәатәи абаагәараҿы ҩымш рыҩнуҵаҟа имҩаҧысит ажьицәа рфестиваль. Асасцәа амастер-классқәеи алекциақәеи, абџьартә цәыргақәҵақәеи ирҭааит. Иҷыдоу аинтерес цәырнагеит заатәи абжьарашәышықәса иаҵанакуа ахысҩы иҭеиҭҧш. Уи асахьаҭыхҩы Баҭал Џьапуа авторс дамоуп. «Зыҧсы ҭоу аҟазара » аҭыжьымҭа ҿыц аҿы ҳара афестиваль ҳаҭаауеит, ишәҳарбоит абџьар «шиуа» - ажьаҳәала актәи акшара инаркны, аҵыхәтәантәи аҟынӡа.
Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгресс аинтерес зҵоу ауааҧсыра рыҿцәажәарақәа рыла ишьақәгылоу иацнаҵоит апроект «Гәыкала». Изаамҭанытәиу аҭыжьымҭа асас - Аҧсны Агуманитартә ҭҵаарақәа ринститут аиҳабы, ААУ адоцент, АААК Иреиҳаӡоу ахеилак алахәҩы Арда Ашәба.
«Амчҭыҧ рацәаан Кавказ Ааигәеи Агәҭатә Азиеи ртәылақәа рыҟны аҿиара атенденциақәа» зыхьӡу жәларбжьаратәи афорум мҩаҧысит Ростов-на-Дону.
АААКи Ростовтәи атәылаҿацә Каменск-Шахтинск ақалақь аҟнытә иавтономтәу икоммерциатәым аиҿкаара «Асоциалтә ҧшьгамҭақәа руаажәларратә центри» Урыстәыла Ахада игрантқәа рфонд абзоурала имҩаҧыргоз аусура аихшьаалақәа ҟарҵеит.
Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгресс иацнаҵоит апроект «Гәыкала» – аинтерес зҵоу ауааҧсыра рыҿцәажәарақәа рыла ишьақәгылоу аинтервиуқәа рсериа.
Жәытәнатә аахыс Аҧсны рнапы алакын ашьхааӡара. Уи аалыҵқәа рхы иадырхәон ауаажәлар рынхамҩеи рдоуҳатә ҧсҭазаареи рҿы. «Зыҧсы ҭоу аҟазара» аҭыжьымҭа ҿыц аҿы ҳазцоит Лыхны ақыҭа иҟоу ашьхагәара. Уаҟа ҳара еилаҳкаауеит ацхаҧшра амаӡақәеи ашьхақәа рааӡара иадҳәалоу акәама-ҵамарақәеи.
Еицырдыруа абалетмеистер изкыз афильм ддырбеит Ражден Гәынба ихьӡ зху Аҧсны аҳәынҭқарратә филармониаҿы.