Амениу
27 Ԥхынгәы 2024
04:17
Аҽҭаҩра

Адунеизегьтәи
аԥсуа-абаза
конгресс

Ҳара адунеи иқәынхо аԥсуааи абазақәеи реидкылара хықәкыс иҳамоуп

Апроектқәа

15.06.2024 15:30 Аҭҵаарадырра 2868
Аҧсуа-абаза бызшәа арҿиареи аиқәырхареи рзы апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны иҩу раҧхьатәи адиссертациа қәҿиарала ихьчоуп

Аедыгьтәылатәи аҳәынҭқарратә университет азыҳәаҩ Мариана Кармова қәҿиарала илыхьчеит “Абаза бызшәа абызшәарацәаратә ҭагылазаашьаҿы: асоциолингвистикатәи алингвокультуратәи аспектқәа” зыхьӡыз адиссертациа. 

Згәы еисуа аҟазара 

Изныҧшуеи ажәлар рдоуҳа? Ажәлар рдоуҳа аныҧшуеит рбызшәала, рҵас, ркультурала. Иара убасгьы абиҧарала еимырдо, ауаа ргәалаҟазаара ашьҭыхреи ирыхәаша аҟаҵареи рзы алшара аҧызҵо анапҟазарақәа рыла. "Згәы еисуа аҟазара" – Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгресс апроект ҿыц ауп.  Адырраҭарақәа рцикл иаҳзеиҭарҳәоит ҳаҵасқәа ҿымцәаартә, ҳаамҭазтәи акультура иахәҭакны еиқәзырхо анапҟазацәа рыӡбахә. Адырраҭарақәа рыбзоурала анапҟазара аҭоурыхи атехнологиеи рзы шәдыррақәа еизҳауеит, иҟалап аҟазараҿы шәхы ҧышәшәарц азы агәазыҳәара шәоургьы.

16.03.2024 21:15 Ахҭысқәа 4222
Ақьабзтә ныҳәа жәабран аҭоурыхи иахьатәи аҭагылазаашьеи

 Жəабран — ачгара Ду иалагаанӡа шықәсык ахь знык имҩаҧырго қьабзтә ныҳәоуп. Крызхыҵуа ари аҵас адац-ҧашәқәа ҳажәлар ржәытә ҭоурых иаласоуп.

12.03.2024 15:05 Ахҭысқәа 2948
«Ирӡтәым»: 2024 шықәсазы АААК иацнаҵеит апроект анагӡара

АААКи арҵаҩы Инна Џьугьелиаҧҳаи рыпроект аҳәаақәа ирҭагӡаны ҳазҭоу ашықәс азы раҧхьатәи алекциа мҩаҧган Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭаҿы.

03.02.2024 15:35 Аконгресс иазкны 3425
АААК ихацнаркит алагарҭатә арратә ҽазыҟаҵара иазку апроект ҿыц

Апроект ҿыц хацыркуп АААК аҭыҧантәи ахаҭарнакрақәа аус рыцура иазку аҟәша амчқәа рыла, Аҧсны Аҳәынҭқарра Атәылахьчара аминистрреи «Аҧснытәи ахысрҭатә клуби» рыцхыраарала.

31.01.2024 18:00 Аконгресс иазкны 3331
Мусса Егзакь иааихәеит Алықьсандр Чачба-Шервашиӡе иусумҭақәа 10.

Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгресс Иреиҳаӡоу ахеилак Ахантәаҩы Мусса Егзагь иааихәеит раҧхьатәи аҧсуа сахьаҭыхҩы, адунеи аҿы еицырдыруа аҟаза Алықьсандр Чачба-Шервашиӡе иусумҭақәа 10.

25.11.2023 15:00 Ахҭысқәа 2539

20.09.2023 14:10 Ажәабжьқәа 4619
«Аԥсуа кәалӡы»: АААК апроект «Амазара» иӡырнагеит адокументалтә фильм ҿыц

Аԥсуа кәалӡы иазку акиносахьа ҭыхын Адунеизегьтәи Аԥсуа-абаза конгресси (АААК) аԥсуа-абаза жәлар иматериалтәым рҭынхазы аиҿкаара "Алашареи" рыпроект "Амазара" аҳәаақәа ирҭагӡаны.

Иҵегь аҭагалара