Ҭырқәтәыла
Коџьаели иҟоу Аԥсуа культуратә хеидкыла ахаҭарнакцәа амҳаџьырра иалаӡыз аԥсуа-абаза хылҵшьҭрақәа ргәалашәара аҳаҭыразы Кандыр ақалақь иҟоу аԥсыжырҭа азааигәара азеиҭынҵлақәа еиҭарҳаит.
Ҭырқәтәыла имҩаԥысит Аԥсуа культуратә хеилакқәа рфедерациа VI-тәи аизараду, афедерациа ахантәаҩи анапхгара алахәцәеи ралхра иазкны.
АААК ауснагӡаратә маӡаныҟәгаҩ Инар Гыцба Ҭырқәтәылатәи Ареспублика иаҭаара аихшьалақәа ҟаиҵеит.
Ҭырқәтәыла араионқәеи ақалақьқәеи рҿы иаартхоит АААК аҭыԥантәи аҟәша ахеилакқәа
11 шықәса ҵуеит Ҭырқәтәыла ииз аԥсуа ҭыԥҳа, археолог Еџье Ҭраԥшьԥҳа лҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь нхара ҳәа дааижьҭеи. Лқыҭа гәакьаҿы имҩаԥылгоит археологиатә ԥшаарақәа, иара убасгьы ацхыраара ду ҟалҵоит аԥсуа ҵарауаа жәларбжьаратәи аконгрессқәа рҿы рҿахәы рҳәартә иҟаларц.
Ҭырқәтәылатәи ақыҭа Ақԥынар еиҿкаауп абаза бызшәа аҵаразы аԥхынтәи акурсқәа, иахьазы урҭ иаҭаауеит 70-ҩык инареиҳаны ауааԥсыра.
Ақыҭақәа аныжьны ақалақьахь нхара аиасра зехьынџьареиԥш Ҭырқәтәылагьы ишуԥылогьы, зегь акоуп аратәи аԥсуа қыҭақәа иахьанӡагьы атрадициатә ҟазшьа шрымоу еиқәырхоуп, амилаҭтә цәаҩагьы рхуп.
Аԥсуа бызшәа аҵаразы иҟоу алшарақәа ирызку астатиақәа рцикл иацҵо, АААК аинфопортал иазнархиеит Босфортәи ауниверситети Ҭырқәтәыла иҟоу амилаҭтә центрқәеи рҟны аԥсуа бызшәа шыддырҵо азы астатиа.
Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа-абаза диаспора активистцәа рыбзоурала аԥсуа хылҵшьҭра змоу 300 ҭаацәара Аԥсуафед акультуратә центрқәа ирылаҵоуп.
Ҭырқәтәылеи Иорданиеи инхо аԥсуа хәыҷқәа ԥсшьара ҳәа Аҟәаҟа иааит. Дара рныҟәара еиҿнакааит Аԥсны арепатриациазы аминистрра.