Ҭырқәтәыла имҩаԥысит Аԥсуа культуратә хеилакқәа рфедерациа VI-тәи аизараду, афедерациа ахантәаҩи анапхгара алахәцәеи ралхра иазкны.

Саид Барганџьиа

Абҵарамза 16 рзы имҩаԥысыз Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсуа культуратә хеилакқәа рфедерациа (Аԥсуафед) VI-тәи аизараду аҟны аиҿкаара ахантәаҩыс деиҭалхын уажәраанӡа ари аҭыԥ аанызкылоз Аҭанур Аҟәысба.

Адаԥазар ақалақь аҟны имҩаԥысыз аизара Аԥсуафед ахантәаҩи анапхгара алахәцәеи ралхра иазкын. Алхрақәа ирылахәхарц азы аизараду ахь иаашьҭын акультуратә хеилақәа зегьы рҟынтә аделегатцәа, Ҭырқәтәыла урҭ рхыԥхьаӡара иахьазы 17 ыҟоуп. Аделегатцәа рышәҟәҭагалара анхыркәшаха ашьҭахь, аизара аофициалтә хәҭахьы ииасит, уаҟа иалхын апрезидиум, Аԥсуафед абыргцәа рхаҭарнак Џьамалаҭин Арӡынба хадас дзауз.

Аконгресс ахьӡала аизара иалахәыз АААК ауснагӡаратә маӡаныҟәгаҩ Инар Гыцба еиҭеиҳәеит аизараҿы Аԥсуафед аус ацура аганахьала Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс аӡбахә рацәаны ишҳәаз.

«Агәырӷьаратә хәҭаҿы иқәгылаз аделегатцәа иазгәарҭон Аԥсуафеди Аконгресси русеицура шыҿио, аԥсуа-абаза милаҭ ркультуратә ҭынха аиқәырхареи аҿиареи аус аҿы Аконгресс инанагӡо ароль алкааны», – иҳәеит Гыцба.

Аԥсуафед ахантәаҩыс ҿыц иалхыз Аҭанур Аҟәысба иҭабуп ҳәа реиҳәеит ари аусмҩаԥгатә аиҿкаара иазааԥсаз зегьы, иагьазгәеиҭеит уи аҩаӡара ҳаракны, даараӡа ибзианы ишымҩаԥысыз. Иаргьы иқәгылараҿы иазгәеиҭеитАфедерациеи Аконгресси русеицура атәы.

«Сара избоит Аконгресси Афедерациеи реидгылара даара пату шақәырҵо ажәлар, уи гәахәароуп», – иҳәеит иара, иагьазгәеиҭеит «Аконгрессгьы ҳара иаҳтәуп, убригьы зегь рыла адгылара аҳҭалароуп» ҳәа.

«Абри зегь ҳауаажәлар рзы, ҳкультуразы, ҳаԥсадгьыл азоуп ҳзаҿу» – иҳәеит иара, ҿыц ахантәаҩыс дахьалху ахҳәаа азыҟаҵо.

Аизараҿы иаԥхьеит Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь иааишьҭыз ааԥхьара.

«Аԥсуа культуратә хеилакқәа рфедерациа иҟанаҵаз рацәаӡоуп Ҭырқәтәыла иҟоу ҳмилаҭ ахаҭарнакцәа реидкылара аус аҿы, аԥсшәеи абаза бызшәеи рҵараҿы, ҳмилаҭтә культура аихьӡарақәа рӡыргараҿы, еиҵагыло абиԥара Аԥсуара рылааӡараҿы, Аԥсны Аҳәынҭқарра ахыԥша бзиа аларҵәараҿы. Гәахәара дууп убасгьы Ҟарачы-Черқьестәыла инхо ҳашьцәеи шәареи шәеимадарақәеи шәусеицуреи ахьыҿиогьы», – ҳәа аҳәоит ааԥхьара атекст аҿы.

Мусса Егзакь иажәа иалан иара убасгьы Аконгресс активла аусура ишаҿу, аҳәаанырцә инхо ҳауаажәлар, хаҭалагьы Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа-абаза хеилакқәа ирыԥсҭазаашьоу аилкааразы, АААК имҩаԥнаго аусмҩаԥгатәқәа активла ирылахәхарц азгьы ааԥхьаара ҟаиҵеит.

«Ара еизаз шәыбжьара иҟоуп урҭ аусмҩаԥгатәқәа ирылахәыз аӡәырҩы, Ҟарачы-Черқьестәылеиԥш Аԥсынгьы. Ҳаԥхьаҟа агәыӷра ҳамоуп Ҭырқәтәылатәи адиаспора еиҳа активла рхы аладырхәып ҳәа арҭ акультуратә-спорттә ныҳәақәа. Ҳара даара ҳаигәырӷьоит аҿарацәа активла абарҭ ҳусқәа ахьҳамырдо. Уажә ааигәа ихацыркыз «Адискуссиатә клуб» (АААК апроект ҿыц – аред.) аҳәаақәа ирҭагӡаны ицәырыргоит зеиԥш ыҟам аидеиа ҿыцқәа маҷымкәа. Аҿар иахьатәи ҳаамҭа иацныҟәоит», – ҳәа Мусса Егзакь иажәахә даԥхьеит Инар Гыцба.

Аԥсуа культуратә хеилакқәа рфедерациа – уаажәларратә еиҿкаароуп, уи иалоуп аԥсуа-абаза милаҭ ахаҭарнакцәа жәпаҩны иахьынхо Ҭырқәтәыла еиуеиԥшым арегионқәа рҟны

иаԥҵоу аԥсуа культуратә хеидкылақәа 17. Иахьазы Аԥсуафед еиднакылоит 15 нызқьҩык рҟынӡа ҳџьынџьуаа