Амениу
5 Лаҵара 2026
11:50
Аҽҭаҩра

Адунеизегьтәи
аԥсуа-абаза
конгресс

Ҳара адунеи иқәынхо аԥсуааи абазақәеи реидкылара хықәкыс иҳамоуп

Амультимедиа

21.04.2026 16:00 Авидеонҵамҭақәа 589
«Аԥсны аҭоурых»

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресси Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә еилаки иҭрыжьит анимациатә проект "Аԥсны аҭоурых".

14.12.2025 02:15 Алонгрид 2199
14.12.1992

01.12.2025 15:05 Авидеонҵамҭақәа 3311
«Гәыкала». Денис Чачхалиа

«Гәыкала» сасра даҭоуп апоет, ашәҟәыҩҩы, аҭоурыхҭҵааҩ Денис Чачхалиа. Ахәыҷтәы гәалашәарақәа, раҧхьатәи ажәеинраалақәа, Есенин иҩымҭақәа аҧсуа бызшәахьы реиҭагара, игәы шьҭызхуа аусқәа, уҳәа егьырҭ азҵаарақәа ирызкны шәахәаҧш аинтервиу.

24.11.2025 12:05 Ахҭысқәа 4212
Зыҧсы ҭоу аҟазара. Ажьицәа рфестиваль.

Амца, аметалл, ашәышықәсақәа иргәылгоу аҵасқәа – Аҟәатәи абаагәараҿы ҩымш рыҩнуҵаҟа имҩаҧысит ажьицәа рфестиваль. Асасцәа амастер-классқәеи алекциақәеи, абџьартә цәыргақәҵақәеи ирҭааит. Иҷыдоу аинтерес цәырнагеит заатәи абжьарашәышықәса иаҵанакуа ахысҩы иҭеиҭҧш. Уи асахьаҭыхҩы Баҭал Џьапуа авторс дамоуп. «Зыҧсы ҭоу аҟазара » аҭыжьымҭа ҿыц аҿы ҳара афестиваль ҳаҭаауеит, ишәҳарбоит абџьар «шиуа» - ажьаҳәала актәи акшара инаркны, аҵыхәтәантәи аҟынӡа.

13.10.2025 11:50 Ахҭысқәа 5498
Зыҧсы ҭоу аҟазара. Ашьхааӡара

Жәытәнатә аахыс Аҧсны рнапы алакын ашьхааӡара. Уи аалыҵқәа рхы иадырхәон ауаажәлар рынхамҩеи рдоуҳатә ҧсҭазаареи рҿы. «Зыҧсы ҭоу аҟазара» аҭыжьымҭа ҿыц аҿы ҳазцоит Лыхны ақыҭа иҟоу ашьхагәара. Уаҟа ҳара еилаҳкаауеит ацхаҧшра амаӡақәеи ашьхақәа рааӡара иадҳәалоу акәама-ҵамарақәеи.

«Гәыкала». Артур Гагәылиа

Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгресс иацнаҵоит апроект «Гәыкала» - аинтерес зҵоу ауааҧсыра рыҿцәарақәа рыла ишьақәыргылоу аинтервиуқәа рсериа. Аҧсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы аусура, акино ахь абзиабара, Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгресси иареи русеицура ирызкны дцәажәеит адипломат, ҳсаит англыз версиа аиҭагаҩ Артур Гагәылиа. Аинтервиу ҭаҩын хәажәкырамза 19.

«Гәыкала». Олег Барцыц

Иацаҳҵоит апроект «Гәыкала» - аинтерес зҵоу ауаа рыҿцәажәарақәа рыла ишьақәгылоу аинтервиуқәа рсериа.

«Гәыкала». Дауҭ Логәуа

Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгресс иацнаҵоит апроект «Гәыкала» – аинтерес зҵоу ауаа рыҿцәажәарақәа рыла ишьақәгылоу аинтервиуқәа рсериа. Автортә кино аҷыдарақәа, игәы иҽанӡамкәа изцәырҵуа аидеиа ҿыцқәа, АААК апроектқәа аус шрыдиуло ирызкны ҳиҿцәажәеит арежиссер Дауҭ Логәуа.

Иҵегь аҭагалара