АААК Аҳәса ркоординациатә центр анапхгаҩы Екатреина Бебиа иҭылхыз адокументалтә фильм лызкуп агазеҭ "Абазашҭа" аредактор хада, ҞЧА зҽаԥсазтәыз ажурналист, Аԥсны ажурналистцәа реидгыла алахәыла, "Ахьӡ-Аԥша" аорден III аҩаӡара занашьоу Фардаус Ҟәыл.

Адокументалтә фильм "Аамҭа иацныҟәо" аҟны иаарԥшуп абаза журналист Фардаус Ҟәыл дызнысхьоу лыԥсҭазаареи лырҿиаратә мҩеи. Лара ҩажәа шықәса инареиҳаны абаза бызшәала иҭыҵуа агазет "Абазашҭа" аредакциа деиҳабуп. Екатерина Бебиа лфильм аҟны иаалырԥшуеит ҳаамҭазы ихандеиуа ажурналист, аредактор инапы иану закәу, иара уи аамҭазы афырԥҳәызба лхаҭаратә ҟазшьақәа цәыргауа. Афильм асценари аҩра инаркны амонтаж аҟынӡа Бебиаԥҳа лхала лнапы иҵылхит.