Аконгресс афестиваль ахь инанагеит аԥсуа милаҭтә хәмаррақәеи  АААК апроект «Амазара» аҳәаақәа ирҭагӡаны иҭыху афильмқәеи («Аԥсуа ашәа», «Ажәытә аԥсуа кәалӡы»).

Аԥсуа исасдкылара иреиӷьу атрадициақәа аарԥшуа аԥсуа культура аԥшьбатәи афестиваль "Аԥсны" москватәи абаҳча "Ермитаж" аҿы иаатит амҽышаҽны, цәыббра 24 рзы. Афестиваль иахықәкы хаданы иҟан асасцәа итрадициатәу аԥсуа культуреи Аԥсны аҭоурыхи дырдырра, иара убасгьы иахьатәи аамҭазы атәыла аҿиара аарԥшра. 

Ауснагӡатә еиҿыркааит Москватәи аԥсуа диаспора анапхгара алахәылацәа, аԥснытәи астудентцәа рыцхыраарала.

Ауснагӡатә ааиртит Москватәи аԥсуа диаспора анапхгара ахантәаҩы Беслан Агрба.

"Ашықәс зегьы аҩныҵҟа, 364 мшы, ҳара аԥсуаа Москва ҳасасцәоуп, аха ҽназаҵәык ҳара шәҳасасцәаз, ишәнырырц ҳҭахуп Аԥсны аҳауа, агьама, акультура, уи азы иҳалшоз зегьы ҟаҳҵеит. Сгәанала иарбанызаалак афестиваль аҿы ихадароу  аныҳәа аигәырӷьара, аҭагылазаашьа агәахәара амазаара роуп. Амш бзиоуп, аԥсабара иаҵәоуп – аамҭа ҳацныҟәеит", – иҳәеит Агрба. 

Афестиваль аартра аԥсуаа ирыдиныҳәалеит Москва иҟоу аԥсуа-абазеи адыгьеи (ачерқьес) диаспора  Абыргцәа рхеилак ахантәаҩы Иури Агырба.

«Москва инхоит 50 нызқь рҟынӡа аедыгьаа, ачерқьесцәа. Ҳара гәыкала ҳарзыҟоуп ҳаиашьаратә аԥсуа жәлар. Агәахәара  унаҭоит иахьатәи амш лашазы афестиваль ҳахьеиднакыло, аԥсуа жәлари ҳареи  ҳаиҩызара ахьазгәаҳҭо» ҳәа иҳәеит Агырба.

Афестиваль асасцәа рзы еиҿкаан ашҭахәаԥшқәа 19. Дара зегьы  ижәытәу аԥсуа епос уазхьадырԥшуан. Аԥсуа ашҭаҿы асасцәа ирылшон ишәаҳәар, икәашар, аԥсуа чыс агьама рбар, амузыкатә арҳәагақәа адырҳәар. Акинотеатр аҿы иддырбон аԥсуа режиссиорцәа рфильмқәа. АААК ирыднагалеит Аконгресс апроект «Амазара» аҳәаақәа ирҭагӡаны иҭыхыз афильм «Аԥсуа ашәа» (арежиссиор  Мадина Аргәынԥҳа), «Ажәытә аԥсуа кәалӡы» (арежиссиор Дауҭ Логәуа).

Апрограмма иаҵанакуан амилаҭтә хәмаррақәа, амилаҭтә кәашарақәа, ахыц ала ахысра уҳәа рзы амастер-классқәа. Иҟалон аԥсуа бызшәазы аурокқәа шымҩаԥысуа абара, аԥсуаа  рҵасқәеи рқьабзқәеи зеиԥшроу аилкаара.

Аҭыԥантәи аҟәшақәа аус рыцуразы АААК аусзуҩ Хьерсон Симониа иазгәеиҭеит амастер-классқәа рымҩаԥгареиԥш ишеиҿкааз Аконгресс алахәхара зҭаху зегьы рзы азҵаабӷьыцқәа рхарҭәаара.

«Иахьа ҳара ҳалахәын Москватәи аԥсуа диаспора иеиҿыркааз афестиваль «Аԥсны». Амилаҭ хәмаррақәа «Аимҵакьачара», «Акьаброу», «Амба», «Ахылԥахас» рыхәмаршьа дҳарбеит.  Арҭ ахәмаррақәа  ақәԥара, аҩра релементқәа рылоуп.  Шамахамзар зегьы  интересс иркит. Абас иахьа абаҳча «Эрмитаж» аҿы Аԥсны аҟәых ааҳгеит. Иара убасгьы традицик аҳасабала афестиваль аҿы ауаа ираҳҭоит алшара Аконгресс иалахәхарц. Сынтәа 40 рҟынӡа зҵаабӷьыц харҭәаан», – ҳәа иҳәеит иара.

Афестиваль «Аԥсны» есышықәса еиҳа-еиҳа азҿлымҳара аиуеит. Асасцәа гәахәарыла ргәаанагарақәа рҳәон:

 «Сара арахь смааир алшомызт. Саԥснытәиуп. Сыԥсадгьыл сацәыхароуп. Афестиваль ахь иаасыԥхьеит сҩызцәа, сколлегацәа. Исҭахын урҭ идсырдырырц ҳкультура. Гәахәараны иҟан еиуеиԥшым ашҭахәаԥшқәа ахьеиҿкааз. Даара исгәаԥхеит АААК  амилаҭ хәмаррақәа ҳахьрылархалаз. Сынтәа  афестиваль изалахәымхаз зегьы ҽааны иаасыԥхьоит», - ҳәеит афестиваль асас Емиль Адлеиба.

Захар Аланиа раԥхьаӡа акәны дызлахәхаз аԥсуа хәмаррақәа игәы хырхит.

 «Москва сынхоит, есышықәса  афестиваль саҭааҩуп. Иахьа иҿыцыз рацәаны издырит. Раԥхьаӡа акәны амилаҭтә хәмаррақәа срылахәхеит. Ссиршәа исгәаԥхеит. Сҩызцәеи сареи ахәмаррақәа рыԥҟарақәа гәнаҳкылеит. Сгәы иаанагоит ҳахәмарлап ҳәа», - иҳәеит  Аланиа.

Афестиваль аҭааҩцәа ирыҭан алшара аԥсуа чара алахәхара, ажәытә ҵасқәеи «Аамсҭа Қьабзи» рдырра. Иара убасгьы афестиваль аҿы имҩаԥган атурнирқәа анардқәеи ашахматқәеи рзы.

Ахҭыс зырԥшӡаз даҽакгьы: алшара ыҟан Адыгатәи  Аҳәынҭқарратә университет аректор иабжьгаҩ, кавказтәи аиога аҟаза  Заура Жана илекциа азыӡырыҩра.

«Аԥсуа  культураҿ иҟоуп адунеи зегьы аҿы еицырдыруа афеномен – ақәранҵыра афеномен. Иахьатәи сзыӡырыҩцәа ирзеиҭасҳәон Аԥсны аԥа,  афилософ Мураҭ Иаан иӡбахә. Иара дырккаҩуп, ишәҟәқәа адунеи абызшәақәа жәпакы рахь еиҭагоуп. Сара аурысшәахь еиҭазгеит урҭ руак: «Наука космического восторга». Ҩ-томкны ишьақәгылоу ашәҟәы ауаҩы игәабзиареи ишықәсынҵыреи рымаӡақәа жәпакы аанарԥшуеит» ҳәа иҳәеит Жана.

Афестиваль апрограммаҿ иазгәаҭан кавказтәи аиога, анардқәеи ашахматқәеи рзы аиндаҭлара, ашәҟәыҭирҭа, анапҟазаратә павилионқәа (ажьиратә, акыцӡратә) рҭаара, ҳаамҭазтәи асахьаҭыхцәа рҭыхымҭақәа рцәыргақәҵа. Агәахәара аҵан атуроператорцәа рҳамҭа – хәыда-ԥсада  Аԥсны  аԥсшьараз апутиовкақәа рырхәмарра.

Асценаҿы  иқәгылон  амилаҭ музыкантцәа, акәашаратә коллективқәа.

Кристина Қьиртбаиаԥҳа лцәаныррақәа ҳазцәырылгеит:

 «Иахьа ҭаацәаныла афестиваль ахь ҳааиит. Даара иаҳгәаԥхеит аформат. Ҳара ишалшо ала асеиԥш иҟоу ауснагӡатәқәа бжьаҳажьӡом. Схәыҷы ансамбль  «Амцабз» аиҵбыратә гәыԥ далахәылоуп. Агәахәара ҳнаҭеит аконцерттә программа, иӡыргаз аекспозициақәа»,- лҳәеит лара.

Уажәы ԥшьынтәуп аԥсуа культура афестиваль Москва инхо аԥсуа  диаспора имҩаԥыргоижьҭеи. Афестиваль иахықәкы хаданы иҟан асасцәа итрадициатәу аԥсуа культуреи Аԥсны аҭоурыхи дырдырра иара убасгьы иахьатәи аамҭазы атәыла аҿиара аарԥшра.