Итрадициатәу Абаза жәлар рыхәмаррақәа мҩаԥысит ԥхынгәы 22 азы Ҟарачы-Черқьессктәи ареспублика, Абаза араион иаҵанакуа аул Псыж аҟны.

Акультура-спорттә фестиваль «Абаза» аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысит  VIII Абаза жәлар рыхәмаррақәа. Афестиваль аамҭа-аамҭала еиҿнакаауеит  абаза-аԥсуа етнос аҿиара иацхраауа Жәларбжьаратәи аиҿкаара «Алашара». Сынтәа аицлабрақәа мҩаԥысит аул Псыж аҿы. Урҭ ирылахәын  жәа-командак ҞЧА аулқәа, ақалақь Черқьесск, Аԥсны Аҳәынҭқарра рҟынтәи.

Ахәмаррақәа ҵаҵӷәра рнаҭоит еимырдо, аџьаз иалху, амилаҭтә символқәа рыла иҩычоу ахраҿа. Иара уажәы ԥсыжаа рнапы иадыкит уаанӡатәи аиааиҩцәа – аул Ҟәбина ахаҭарнакцәа.

Ахәмаррақәа раартра ацеремониа иалахәын Ҟарачы-Черқьесск ахадеи аиҳабыреи Русбарҭа анапхгаҩы Мураҭ Озов, АААК Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы, АНО «Алашара» ахада, ҞЧА Апарламент ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ  Мусса Егзакь, асенатор, Афедерациатә хеилак аҭҵаарадырреи, аҵарадырреи, акультуреи рзы аилак алахәыла Римма Галушина, Аҳәынҭқарратә Дума  амилаҭ рус азы аилак ахантәаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Ильдар Гильмудинов,  Аҳәынҭқарратә Дума адепутат, амилаҭ рус азы аилак алахәыла  Анастасиа Удальцова, РАН, Пиотр актәи ихьӡ зху антропологиеи аетнографиеи рмузеи (Кунсткамера) адиректор, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Андреи Головнев, Аԥсны Апарламент адепутат, АААК анагӡаратә маӡаныҟәгаҩ  Инар Гыцба.

«Ҳара зегьы ҳкультура  алахәылацәа ҳәа акәымкәа ҳамцаныҟәгаҩцәоуп. Арҭ ахәмаррақәа аспорттә ҟазареи ақәҿиарақәеи рымацара ракәӡам символра ззыруа. Арҭ ахәмаррақәа  ҳаиашьареи ҳуаҩытәыҩсаратә доуҳаи ирныҳәоуп. Ҳара аԥсуааи абазақәеи  рыҳасаб ала мацара адагьы  ҳколлективтә мчра  еиднакыло  аиуеиԥшымзаареи, аԥшӡареи, амчреи  шаҳаҭра ззыруа аӡәыкны ҳаҟоуп» ҳәа азгәеиҭеит аицлабрақәа рлахәылацәеи, асасцәеи, ахәаԥшыҩцәеи аԥсшәа раҳәо Мусса Егзакь.

Аспорттә еиндаҭларақәа рҭыԥқәа рҿы еилашыҩкран. Ахәмаррақәа ирыҵаркуан: ашьапылампыл-маҷ, анапылампыл, 100 метрак аиԥхныҩлара, урала аԥара, хы-хкык рыла аицлабра, иара убасгьы  ашашкақәа, ашахматқәа уҳәа егьырҭгьы.

 «Ҩынтәуп сара арахь саауеижьҭеи. Даара исгәаԥхоит имҩаԥысуа. Ҳнапылампылтә команда активла аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥнагон. Аспорттә хәмаррақәа рыдагьы аус аауеит, аҵара ҳҵоит аха аамҭак ала хҭацәыхак шааҳаулак  аспортзал ахь ҳаибарыҩны ҳнеиуан аҽазыҟаҵарақәа рзы. Аҩаӡара ҳарак  уҽазушәалароуп еснагь» ҳәа лҳәеит Аԥснытәи анапылампылтә команда алахәыла Софиа Ҳагԥҳа.

11 спорт-хкы рыбжьара иҟан амилаҭтәқәагьы: аӷбашаха аимырххара, ашьаҟа ақәлара, ахыц ала ахысра.

«Амра шшугьы  аицлабрақәа шьахәла имҩаԥысуеит. Аҭагылазаашьагьы ссируп. Ҳкомандаҿы 35-ҩык ыҟоуп. Зегьы аиааира ргәы азыҳәоит. Аиааира ҳәарада иреиӷьӡоу иоуп изаҭәашьахо, аха уи азы иалшо зегь ҟаҳҵашт» ҳәа иҳәеит  Аԥснытәи акоманда акапитан, АААК аҿари абаҩырҵәыреи рыҟәша анапхгаҩы Валери Берзениа.

Сынтәатәи аспорттә ныҳәа уаанӡа еиԥшымкәа  ажәлар рацәа аднаԥхьалеит. 8 000-ҩык рҟынӡа  ауаа алахәын. Арахь иааиит Аԥсны, Италиа, Урыстәыла арегионқәа, Ҟабарда-Балкариа, Ставропольтәи атәылаҿацә, Москва ақалақь рҟынтәи аделегациақәа. Ахәмаррақәа традициа ҳасабла  имҩаԥыргоит афестиваль «Абаза» аҳәаақәа ирҭагӡаны.

«2014 шықәса раахыс Ахәмарарқәа еиҿнакаауеит Мусса Егзакь зхадараҿы дыҟоу «Алашара». Ацхыраара ду ҟарҵеит аволонтиорцәа, аҳәса рхеилакқәа, ауаажәларратә хеилакқәа, ақыҭақәа рхадацәа, ауаажәларра» ҳәа еиҭеиҳәоит АНО «Алашара» аҟәша ҷыда анапхгаҩы Мураҭ Муков.

Аспорттә уснагӡатәқәа хадырҭәаауан жәлар ргәырӷьарақәа. Афестиваль  алахәылацәеи асасцәеи  аҿыханҵатәи аҩычара-ахархәаратәи ҟазара ацәыргақәҵақәа рбар рылшон, амилаҭ  чыс агьама рбар ауан.

Аицлабрақәа реихшьаалақәа инарықәыршәаны  азеиԥшкомандатә ԥыжәареи Абаза жәлар рыхәмаррақәа рыхраҿеи  анашьахеит Инжич-Чукун акоманда. Аҩбатәи аҭыԥ -  аул Ҟәбина, ахԥатәи – Ельбурган. Аԥснытәи  акоманда ԥшьынтәны сынтәа анапылампыл аҿы актәи аҭыԥ ааннакылеит.

Аспорттә  фестиваль аестафета ииасит аул «Апсуа» ашҟа. Аиааиҩцәа аҳамҭақәеи аԥхьахәқәеи рыҭара ацеремониа ашьҭахь имҩаԥган  Абазашҭа «аеҵәақәа» злахәыз аконцерт.  Абаза жәлар  IX рыхәмаррақәа рҟны ҳаиқәшәараҟынӡа!