Ҟарачы-Черқьестәыла ихыркәшахеит акультура-спорттә фестиваль «Абаза». Иара иаҵанакит Урыстәыла зхыԥхьаӡара маҷу ашьагәыҭ милаҭқәа Рфорум, Абаза жәлар ркультура Амш, Аԥсны аҳәынҭқарратә бираҟ Амш. Афестиваль еиҿнакааит абаза-аԥсуа етнос аҿиара ацхрааразы Жәларбжьаратәи аидгыла «Алашара».

Алиса Хәытаба

Урыстәыла зхыԥхьаӡара маҷу ашьагәыҭ милаҭқәа Рфорум  - ари зхыԥхьаӡара маҷу ашьагәыҭ милаҭқәа рыҿиара иазку азҵаара хадақәа  рзы аексперттә гәаанагарақәеи аидеиақәеи ахьеимырдо ҭыԥуп. Ауснагӡатә иаԥшьгамҭоуп АААК Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы, АНО «Алашара» ахада, ҞЧА Апарламент ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ  Мусса Егзакь. Афорум еиҿнакааит  абаза-аԥсуа етнос аҿиара иацхраауа Жәларбжьаратәи аиҿкаара «Алашара», РАН, Пиотр актәи ихьӡ зху антропологиеи аетнографиеи рмузеии  (Кунсткамера), Ҟарачы-Черқьесстәыла ахадеи аиҳабыреи рыдгыларала.

Афорум аԥхьатәи амш мҩаԥысит Черқьесск ақалақь Аҳәынҭқарратә филармониаҿы. Ауснагӡатә хацдыркит ахәаԥшыҩцәа згәылазхалаз Абаза жәлар рҭоурых иадҳәало атеатртә қәгыларала.  Афорум аофициалтә хәҭа ааиртит ҞЧА аиҳабыра рхантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Мураҭ Суиунчев. Иара ҭабуп ҳәа ахиҳәааит афорум аиҿкаашьа бзиазы, иазгәеиҭеит  аҩаӡара ҳаракы шамоу. Мураҭ Суиунчев даԥхьеит ҞЧА ахада Рашид Темрезов афорум алахәылацәа рахь иаашьҭымҭа.

«Сара гәахәара дула аԥсшәа расҳәоит Урыстәыла Афедерациатә хеилак, Аҳәынҭқарратә дума, Урыстәыла арегионқәа, Аԥсны, Италиа рҟынтәи ҳасасцәа. Шәара ара шәыҟазаара символра рызнауеит ҳаинырра, ҳусеицура, ҳаиҩызара. Шәдырреи шәԥышәеи хымԥада  ҳаимак-ҳаиҿакқәа дырбеиоит, ҳхықәкқәа рынагӡара иацхраауеит.  Ҳара зегьы ҳкультуратә традициақәа, ҳбызшәақәа, ҳдинхаҵарақәа рҿы ҳхазыхазызаргьы  аиашареи уаҵәтәи ҳԥеиԥши рзы ҳҽазышәарақәа акуп. Ҳаидгыланы иҳалҳаршоит ҳҿаԥхьа иқәгыло иарбанызаалак ауадаҩрақәа риааира. Акзаароуп ҳара амчхара ду ҳазҭар зылшо» ҳәа аҳәоит аацҳамҭаҿы.

АААК Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы, АНО «Алашара» ахада Мусса Егзакь ҭабуп ҳәа иеиҳәеит ҞЧА аиҳабыра рхада ауснагӡатә аиҿкаараҿы иҟаҵаз ацхырааразы, инаҵшьны иазгәеиҭеит  афорум абызшәақәа, атрадициақәа, акультурақәа еиқәзырхо, ԥхьаҟа аҿиара рызҭо мҩаны ишыҟоу.

«Ҳкоманда «Алашара» иахықәкы хаданы, иаус хаданы еснагь ишьо  абызшәа амчра, атрадициақәа  рҵакы, акультуратә ҭынха ахәшьара ду рыгәра агароуп. Ҳара ибзианы еилаҳкаауеит абызшәа ыӡыр, дунеик уи иашьҭаланы ишыӡуа. Атрадициақәа ыӡыр – иаҳцәыӡуеит ҳабацәеи ҳареи ҳаимадара. Акультура пату ақәымҵара ҳаҟазаара арԥсыҽуеит. Абарҭ адыррақәа роуп иҳазҭо амчра ԥхьаҟацаразы, иуадаҩу аԥынгылақәа риааиразы, уаҵәтәи амш лаша  аргылара аҭаххаразы» ҳәа иҳәеит Егзакь.

Кунсткамера адиректор, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Андреи Головнев иазгәеиҭеит амилаҭтә хдырра аҵак ду шамоу.

«Ҳара иаҳуалԥшьоуп ахшыҩзышьҭра рыҭара аетнокультуратә проектқәа, аетнохдырра. Абри азоуп ари ауснагӡатә, егьырҭ  ауснагӡатәқәа жәпакы реиԥш аҵак ду замоу, еиҳа ихадараны иҟоу – амилаҭтә идеиазы, иуҳәар ауеит Урыстәылаз иԥыжәараны ишьоу амилаҭтә идеиазы… Ҭабуп ҳәа шәасҳәоит  абазауаа, Кавказ ахьысшәырдырыз. Сара сзы Кавказ раԥхьа иргыланы абазақәа ртәылоуп» ҳәа иҳәеит Андреи Головнев.

Афорум  алахәылацәеи асасцәеи рҿаԥхьа иқәгылеит: асенатор, Афедерациатә хеилак аҭҵаарадырреи, аҵарадырреи, акультуреи рзы аилак алахәыла Римма Галушина, Аҳәынҭқарратә Дума  амилаҭ рус азы аилак ахантәаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Ильдар Гильмудинов,  Аҳәынҭқарратә Дума адепутат, амилаҭ рус азы аилак алахәыла  Анастасиа Удальцова, италиатәи аҭыжьырҭа SpecialEurasia аналитик  хада Џьулиано Бифолки, аҭыжьырҭа  адиректор Сильвиа Болтук.

Афорум алахәылацәеи асасцәеи идырбан «Алашара» акоманда Ҟарачы-Черқьестәыла жәашықәса рыҩныҵҟа имҩаԥнагаз аусура атәы зҳәо  афильм. Аиҿкаара, аетнос аиқәырхареи аҿиареи рмодель аҵантәи ахархәара анаҭоит. Аметод рхы иадырхәоижьҭеи хра шамоу аанарԥшуеит. Хьыӡшьарангьы «Егзакь иметод» ҳәа арҭахьеит.

Абаза жәлар рыхәмаррақәа

Анаҩс афорум асасцәа неиит аул Псыж ашҟа. Ара шьыжьы инаркны  имҩаԥысуан  итрадициатәу Абаза жәлар рыхәмаррақәа. Урҭ ирылахәын  жәа-командак ҞЧА аулқәа, ақалақьқәа Черқьесск, Аԥсны Аҳәынҭқарра рҟынтәи. Ахәмаррақәа ҵаҵӷәра рнаҭоит еимырдо, аџьаз иалху, амилаҭтә символқәа рыла иҩычоу ахраҿа. Сынтәатәи аспорттә ныҳәа уаанӡа еиԥшымкәа  ажәлар рацәа аднаԥхьалеит. 8 000-ҩык рҟынӡа  ауаа алахәын. Ҵыԥхтәи атурнир аҿы аиааира згаз аул Ҟәбина ахаҭарнакцәа ԥсыжаа рнапы иадыркит  аԥхьахә хада – еиҭаҵуа ахраҿа.

«Ҳара зегьы ҳкультура алахәылацәа ҳәа акәымкәа ҳамцаныҟәгаҩцәоуп. Арҭ ахәмаррақәа аспорттә ҟазареи ақәҿиарақәеи рымацара ракәӡам символра ззыруа. Арҭ ахәмаррақәа ҳаиашьареи ҳуаҩытәыҩсаратә доуҳаи ирныҳәоуп. Ҳара аԥсуааи абазақәеи рыҳасаб ала мацара адагьы ҳколлективтә мчра еиднакыло аиуеиԥшымзаареи, аԥшӡареи, амчреи шаҳаҭра ззыруа аӡәыкны ҳаҟоуп» ҳәа азгәеиҭеит аицлабрақәа рлахәылацәеи, асасцәеи, ахәаԥшыҩцәеи аԥсшәа раҳәо Мусса Егзакь.

Аспорттә еиндаҭларақәа рҭыԥқәа рҿы еилашыҩкран. Ахәмаррақәа ирыҵаркуан: ашьапылампыл-маҷ, анапылампыл, 100 метрак аиԥхныҩлара, урала аԥара, хы-хкык рыла аицлабра, иара убасгьы  ашашкақәа, ашахматқәа уҳәа егьырҭгьы. Аицлабрақәа реихшьаалақәа инарықәыршәаны  азеиԥшкомандатә ԥыжәареи Абаза жәлар рыхәмаррақәа рыхраҿеи  анашьахеит Инжич-Чукун акоманда. Аҩбатәи аҭыԥ -  аул Ҟәбина, ахԥатәи – Ельбурган. Аԥснытәи  акоманда ԥшьынтәны сынтәа анапылампыл аҿы актәи аҭыԥ ааннакылеит.

Аспорттә  фестиваль аестафета ииасит аул «Апсуа» ашҟа. Аиааиҩцәа аҳамҭақәеи аԥхьахәқәеи рыҭара ацеремониа ашьҭахь имҩаԥган  Абазашҭа «аеҵәақәа» злахәыз аконцерт. 

Афорум ацҵа

Афорум аҩбатәи амш хаҭала амшхәаԥштә азҵаара иазкын.

«Аԥеиԥш азҵаарақәа азхьаԥшра рыҭара хымԥадатәуп. Акультура  инарҵауланы аҽалахалара дарбанызаалак ауаҩы деилыкка дҟанаҵоит» ҳәа иҳәеит Мусса Егзакь. 

Афорум амодератор Андреи Головнев иазгәеиҭеит ажәларқәа дасу рыбызшәала рхы иахьахцәажәо ауснагӡатә амҩаԥгара аҵак ҷыда шамоу. Ажәахә ҟалҵеит асенатор Римма Галушина. Лара инарҭбааны дахцәажәеит ажәлар маҷқәа рхатәы бызшәақәа рыхьчареи рырҿиареи рзы аҭагылазаашаь бзиақәа раԥҵаразы имҩаԥысуа  аусура, еиҭалҳәеит ахәыҷқәа рхатәы бызшәа аҵара агәарԥхаразы аметодқәа зеиԥшроу.

Анаҩс  афорум алахәылацәа апрактикатә хәҭахьы ииасит, х-секциакны рҽыршеит: абызшәатә ҭынха, аетнос аиқәырхареи арҿиареи рыпрактика, акультура адгылара аҭара.

Абызшәа аиқәырхареи арҿиареи рзы  асекциа иалахәын Аԥсны аделегациа, абазақәа  риашьаратә жәларык рыҳасаб ала. Иара иалахәын: АААК Иреиҳаӡоу ахеилак алахәыла, Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы Аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы  Вадим Ҳаразиа, АААК  аҟны аҳәса ркоординациатә хеилак анапхгаҩы Екатерина Бебиаԥҳа, аԥсуа литература акафедра арҵаҩы еиҳабы,  ААУ аҿы аԥсуа-адыга филологиа ацентр анапхгаҩы Ахра Анқәаб, АААК Москватәи арегионалтә хаҭарнакра анапхгаҩы Даур Барганџьиа, АААК Аҟәатәи аҟәша алахәылацәа.

Алахәылацәа рԥышәа еимырдеит, ирылацәажәеит  аетнос ашьаҭа аҿиареи аиқәырхареи рзы азеиԥш стратегиа аус адулара иацхраауа астратегиатә усқәеи аметодқәеи. Ирзыӡырҩын абызшәа аиқәырхара азҵаарақәа рзы ажәахәқәа, Урыстәыла ажәлар маҷқәа рҿырԥшала имҩаԥго актуалтә усурақәа ирылацәажәан, егьырҭ ажәларқәа рԥышәа азхьаԥшра аҭан ажәалагалақәа еимдан.

Ирыԥхьан Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент аиҳабы Лаша Ашәба, ААУ аректор, апрофессор Алеко Гәарамиа, Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы Аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы  Вадим Ҳаразиа, Абаза жәлар абыргцәа Рхеилак рыхьӡала афорум ахьӡала адныҳәаларатә шәҟәқәа.

Абаза жәлар ркультура Амш

Ахәылԥазтәи ауснагӡатәқәа  рыпрограмма Алада Урыстәыла иреиҳау апаркқәа ируаку - «Зеленый остров» ахь ииаган. Афорум асасцәеи алахәылацәеи ара иазгәарҭеит Абаза жәлар ркультура Амши Аԥсуа бираҟ Амши. Асеиԥштәи аҟазшьала аныҳәа шьақәырӷәӷәан 2014 шықәсазы, 2005 шықәса раахыс Аҟәа имҩаԥыргоз инарҭбаау Аԥсны аҳәынҭқарратә бираҟ Амш аныҳәа еиҭакны.

Аныҳәа мҩаԥысуан шәаҳәарыла, кәашарыла, жәлар рнапкымҭақәа риармаркала, афатә-ажәтә адгаларала. Афестиваль асасцәеи алахәылацәеи рзы еиҿкаан аҿыханҵеи арҩычаратәи ҟазара ацәыргақәҵа, амилаҭ чыс агьамабара. Иааилахәлоны ихацыркын ашәаҳәаҩцәа, акәашаҩцәа, амузыкантцәа злахәыз аконцерт, уи ахыркәшамҭаз аныҳәатә салиутқәа ажәҩан ҵдырлашаауан.

Ахыркәшаратә мшы шьақәгылан акультура-гәмырҿыӷьратә программала –абаашқәа, акурорт-санатортә комплекс Архыз рҭаарала, аӷбашахатә мҩа анысрала, аныҳәатә уаххьеи гәыкалатәи аицәажәарақәеи рыла.