3106

Есышықәсатәи акультуратә-спорттә фестиваль «Абаза» мҩаԥысраны иҟоуп ԥхынгәы 22 – 23 рзы. Ари ахҭыс есышықәса еиҿнакаауеит аԥсуа-абаза жәлар рыҿиара иацхраауа жәларбжьаратәи ассоциациа «Алашара».

Акультуратә-спорттә фестиваль мҩаԥыргоит 2014 шықәса раахыс. Иара ҩ-хәҭакны ишьақәгылоуп: зны Абаза жәлар рыхәмаррақәа ҟалоит, уи адырҩаҽны – Абаза жәлар ркультура амш. Акультура амш Аԥсны аҳәынҭқарратә бираҟ амш иақәшәоит, арҭ аҩ-ныҳәак еицазгәарҭоит афестиваль аҟны. Сынтәа аусеиҿкаатә алахәцәеи асасцәеи еизоит Черқьесск «Адгьылбжьаха иаҵәа» ҳәа хьӡыс измоу абаҳчаҿы.

Абаза жәлар рыхәмаррақәа спорттә Олимпиадоуп ҳәа рзуҳәар ауеит. Аԥхьақәа раан Ҟарачы-Черқьестәыла ақыҭақәа рҟынтә акомандақәа ракәын иалахәыз, аха ишнеи-шнеиуаз амҽхак аҽарҭбааит: иаҭаауа иалагеит Аԥснынтә, Москвантә, Ставропольынтә, Черқьесскынтә, Ҟабарда-Балкариантә алахәцәа. Сынтәа еиҿкаахоит аҳәаанырцәтәи аԥсуа-абаза диаспора ркомандагьы. Ахәмаррақәа мҩаԥысуеит ҞЧА Ашәуа раион аҿы ишьҭоу ақыҭа Ԥсыж. 

Афестиваль «Абаза» - аиашьареи, аидгылареи, агәамчи ахьуныруа ныҳәа дууп. Аспорттә еицлабрақәа зынӡа 11 ҟалоит, амилаҭтә спортхкқәагьы уахь иналаҵаны: ашаха ахара, ахаҳә агәҭасра, аҵәыш ақәлара, ахыц ала ахысра.  

Афестиваль аҟны ажәлар рызхара инеиааиртә, ишәаҳәартә-икәашартә аҭагылазаашьа аԥҵахоит, еиҿкаахоит еуеиԥшым ацәыргақәҵақәа: Аԥсны аҭоурыхтә бираҟқәа, афотосахьақәа, анапҟазара, аҿыханҵа, амилаҭ чысқәа. Аиҿкааҩцәа еиуеиԥшым аицлабрақәеи алахҿыхратә программеи аздырхиеит.

Иреиӷьу аныҳәа аимгеимцарақәа шәыцеиҩаҳшалоит Аконгресс аофициалтә саит аҟны, иара убас ҳсоциалтә даҟьақәа рҟынгьы.