Лента событий ВААК
Ажвлара палата йаднагалыз акъральгIв айззара акIвшатI СогIвым апны
АААК агвып Апсны Ажвлара палата йаднагалыз «Айчважвара. АбагвынгIвра. ТшауацIыхра» къральгIв айззара йаъан.
Айззара анхара йалан апрезидент Гвынба Бадра, апремьер-министр Делба Владимир, авице-премьер Нанба Джьансыхв, аправительства йалакву, а-Парламент адепутатква, Апсны апны Россия рхIвачIвгIвы Шургалин Михаил, акъала йгьи арайон айззараква рдепутатква, адиннкъвгагIвчва йгьи ажвлара адкIылараква ргIащтийыгIвчва.
Айззара апхъала Ажвлара палата VI азддара нхара архъйатI. Ауи анхара апкъ йтата аполитика партиякви ажвлара адкIыларакви руысхагIвчва, акъральыгIва ъанатIанкъвгагIвчва, анаука йгьи аэксперт жвлараква йрынйатI. Ауи акIвымкIвагьи адемография политика, акыт шIыпIаква ртшауацIыхра йгьи аполитика ргIапсра апсахра йырзынархаз хуатыкв айчважваракI аднагалтI.
Айззара йалакваз йгIащтIырхыз ауысква цIолата йрыквчважван йыззгIайыз гIалыркIгIатI. Алалра ацIыхъва Ажвлара палата асекретарь КIьычба Гули афорум апны йчпачIвыта йырпхьадзаз ачIвырхъаква шдырхъйушла ащаквыргылра дгIапхьатI.
АААК Рекатәи ашкол хықәкылатәи ацхыраара анаҭеит.
Хықәкылатәи ацхыраара аҳәаақәа ирҭагӡаны АААК аҵареи, асоциалтә активреи, агәабзиарахьчареи рзы аҟәша Рекатәи ашкол аҿы аус зуа афельдшер-амбулатортә пункт азы иаанахәеит ахәшәқәеи амедицинатә маҭәахәқәеи
Асоциалтә проектҟаҵара иазку атренингқәа рсериа хацыркуп
Ҷлоу ақыҭан ихацыркхеит асоциалтә проектҟаҵара иазку аҵаратә семинарқәа рсериа.
Ҩымш рыҩныҵҟа алахәылацәа ирзыҧшуп агранттә зыҳәамҭақәа (прим. ред. заявка) разырхиареи рхатәы социалтә аҧшьгарақәа аус рыдулашьеи рышьаҭақәа дырҵара иазку атеориатәи апрактикатәи блокқәа.
Аспикерцәа инарҭбааны еиҭарҳәеит апроект «Росмолодежь. Гранты» аҳәаақәа ирҭагӡаны агранттә цхыраара аиушьа.
Аусмҩаҧгатә еиҿыркааит Аҧсны Аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә еилаки, Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгресси, Аҧсны иҟоу Адунеизегьтәи аҿар рфестиваль Адирекциа Ахаҭарнакреи алархәны.
Аҧшьгамҭа хықәкы хадас иамоуп 14-35 шықәса зхыҵуа Аҧсны атәылауаа ҷыдала дара рзы иаҧҵоу агранттә лшара ҿыцқәа реилыркаара.
Аҧсни Урыстәылеи ртәылауаа рзинқәа еиҟараны аицлабрахь рынашьҭразы аӡбамҭа рыдыркылеит ҵыҧх нанҳәамза.
Мусса Егзакь ианаршьеит «Санкт-Петербург аҿаҧхьа алшамҭақәа рзы» аҳаҭыртә дырга
Санкт-Петербург ақалақь аҟны, Смольныи ахыбра аҩныҵҟа имҩаҧысит аныҳәатә церемониа. Петербург инарылукааша ауааҧсыра иранаршьеит Урыстәылатәи Афедерациа аҳәынҭқарратә ҳамҭақәеи атәыла Ахада иҟнытә аџьшьарақәеи. ҞЧА Жәлар Реизара ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩ, АААК ИА ахантәаҩы Мусса Егзакь Агубернатор Алеқсандр Беглов инапы аҟынтәи иоуит «Санкт-Петербург аҿаҧхьа алшамҭақәа рзы» аҳаҭыртә дырга.
Иара убасгьы аҳамҭақәа ранаршьеит аҭҵаарадырреи, акультуреи, аҵареи, ааглыхреи, амедицинеи рхаҭарнакцәа. Агубернатор ишазгәеиҭаз ала, доусу имаҵуратә ҭыҧ аҿы илшо зегьы ҟаиҵоит атәыла шәҭыкакаҷразы.
«Сара иҭабуп ҳәа расҳәоит Аҩадатәи Аҳҭнықалақь аҿы ҳкоманда аусура ахәшьара ҳаракы ахьарҭаз азы. Еиҳараӡакгьы игәазырҳагоуп «Гранд Канион» 20 шықәса ахыҵра аназгәаҳҭо амшқәа раан аҳамҭақәа ранашьара ахьымҩаҧысыз. Петербурги уи ауааҧсыреи ирыхәаша ҳусура анаҩсгьы иацаҳҵоит», - ҳәа азгәеиҭеит Мусса Егзакь.
Зынӡа аусмҩаҧгатә иалагӡаны иранашьан 64 ҳамҭа.
Аетикет, агримҟаҵарҭақәа, «Асҭыҧҳа» – Лбаатәи Ешыра ашколхәыҷқәа» атеатр аҿы ахәылҧаз рзеиҿыркааит
АААК иацнаҵоит акультура-ҵарадырратә проект «Атеатр аҿы ахәылҧаз». Уажәазы атеатр сасцәаны иаҭааит В.Г. Арӡынба ихьӡ зху Ешыратәи абжьаратә школ аҵаҩцәа.
Традициала ишаҧу еиҧш, ахәыҷқәа рзы атеатртә ҟазара адунеи ахь аекскурсиа мҩаҧылгеит Аҧсны Зҽаҧсазтәыз ажурналист, актриса Елеонора Коӷониаҧҳа. Лара ашколхәыҷқәа ирымалдеит аетикет амаӡақәа, ирзеиҭалҳәеит артист иџьабаа пату шақәҵатәу, насгьы иреиллыркааит азал аҿы аҭынчра баша ҧҟараны акәымкәа, арҿиаратә процесс аҿы акрызҵазкуа хәҭакны изыҟоу атәы.
Ашколхәыҷқәа рзы апрограмма гәылҭәааны еиҿкаан. Дара атеатр асцена ашьҭахьтәи аган ала иддырбеит, уаҟа лабҿаба иҩнаҧшит афырхацәа рхаҿсахьақәа хьаҧырҵо агримҟаҵарҭақәа. Аспектакль иалагаанӡа ахәыҷқәа атеатртә буфет аҿы ирыдыркылеит.
Ахәылҧаз кульминациас иаиуит Алеқсандр Островски ипиесала иқәыргылаз аспектакль «Асҭыҧҳа» ахәаҧшра.
«Гәыкала». Руслан Ҳашыг
Аҧсны амассатә информациа ахархәагақәа русзуҩцәа рымш аҽны иаҳкьыҧхьуеит Аҧсны ажурналистцәа Реидгыла ахантәаҩы, «Абаза-ТВ» аиҳабы – Руслан Ҳашыг иҿцәажәара.
Ҳҭоурых аҿы крызҵазкуа аамҭақәа, аибашьратә хҭысқәа ргәалашәара, Владислав Арӡынба аус ицура аҧышәа, ажурналистикаҿы кьыс змам апринципқәа, азанааҭтә цәырҵра ҿыцқәа – уҳәа егьырҭ азҵаарақәа ҳрылацәажәеит «Гәыкала» аҭыжьымҭа ҿыц аҟны.
АААК Уақәымтәи ашкол ацхыраара анаҭеит.
Аҵареи, асоциалтә активреи, агәабзиарахьчареи рзы АААК аҟәша Уақәымтәи ашкол ацхыраара анаҭеит. Ашкол аҿы аус зуа афельдшер-амбулатортә пункт азы иаархәеит ахәшәқәеи еиуеиҧшым ахархәагақәеи.
«Атеатри ахәаҧшҩи»: АААКи Аҧсуа театри ихацдыркит аспектакльқәа ирызку адискуссиақәа
Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгресси адраматә театри Адискуссиатә клуб аусура еиҭахацдыркит. «Атеатри ахәаҧшҩи» зыхьӡу апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны раҧхьатәи аиҧылара мҩаҧысит Чехов испектакль «Аҷныш» арбара ашьҭахь. Ахәаҧшцәа аспектакль иалацәажәеит, ргәаанагарақәа еибырҳәеит, изхәаҧшыз аҵакы иазхәыцит. https://abaza.org/abk/1298
АААК Аҟәатәи аофис аҿы илҧылеит Ельчин Аӡынҧҳа
Аконгресс Аҟәатәи аофис даҭааит Ҭырқәтәыла иҟоу аҧсуа диаспора ахаҭарнак, Андан Мендерес иуниверситет адоцент Ельчин Аӡынҧҳа. Аиҧылара мҩаҧысит гәаартыла. Ельчин Аӡынҧҳа илҳәеит Аконгресс аусура дшазҿлымҳау.
АААК Иреиҳау Ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь ихьӡала Аофис анапхгаҩы Ҭемыр Рекәаа иҳәеит аиҿкаара ганрацәала аусеицура ишазхиоу.