Аҟыбаҩ злаз археолог Мушьни Хәарцкьиа иԥсҭазаара аҭҵаарадырра иазикыр илшон, аарҭра ҿыцқәа рацәангьы иҟаиҵашан, аха иԥсадгьыл зҭагылаз аԥышәара аамҭа иара иԥсҭазаарагьы ианымԥшыр амуит, абџьар шьҭихит. Хәажәкыра 27 – афырхаҵа имшира аҽны АААК аинфопортал аҟны иаҳкьыԥхьуеит иара изку аочерк.

Арифа Қапԥҳа

Аҵарауаҩ-археолог, ажәытәтәи амаӡақәа раарԥшра бзиа избоз, аусумҭақәа рацәаны инапы иҵыҵыр илшон, аартра дуқәа ҟаиҵар ҟалон, аха илахь ус ианын – ижәлар ирызкашәаз ауадаҩрақәа ирыхҟьаны иԥсҭазаараҿ илихыз амҩа иԥсахыр акәхеит: археологиатә ԥшаарақәа даарҟәаҵны Мушьни Хәарцкьиа иԥсадгьыл ахьчаразы дгылоит. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы дахьынӡеибашьуаз ԥшьымз ирылагӡаны илегендартәу еибашьҩыс, фырхаҵас ихьӡ геит.

Знызаҵәыкгьы Мушьни Хәарцкьиа лабҿаба дзымбацызгьы иԥшра-исахьа рдыруеит: Аԥсны амҩадуқәа рҿы акыраамҭа ипатреҭ зныз абаннерқәа кыдын – хаҵа ԥшӡакы, аԥаҵа ааиҿаны.

Аибашьра аан ателехәаԥшра иаиҭаз аинтервиуқәак аанханы иҟоуп. Арҭ акадрқәа лассы-лассы иаҳбоит, аибашьра иадҳәалоу агәалашәаратә рыцхәқәа азгәаҳҭацыԥхьаӡа.

«Археологиатә лагер зегьы иара идеизалон»

Мушьни Хәымса-иԥа Хәарцкьиа диит хәажәкыра 27, 1955 шықәсазы Ешыра ақыҭан. Аҟәатәи ажәабатәи ашкол даналга Мушьни дҭалоит Аҟәатәи Арҵаҩратә институт аҭоурыхтә-зинтә факультет. Мушьни Хәарцкьиа усҟантәи иқәыԥшра ашықәсқәа раан иԥсы зыҿҳәараз археологиа акәын.

1980 шықәса аԥхынразы дыстудентны иԥшааит ажәытә бырзенуаа ргыларҭа, Хәаԥ ақыҭа километрак аҩадахьала иҩацәыхараны. Мачагәа иҳаԥы ҳәа иахьашьҭоу акәын уи аҭыԥ, 625 метра аҳаракыраҿы иҟоуп. Нас, 1986 шықәса инаркны акыраамҭа инеиԥынкыланы ари абаҟа аус адулара инапы алакын, уи ааигәа-сигәа иҵегь ажәытәуаа ахьынхоз аҳаԥқәа ааирԥшит. Хәаԥ ақыҭа амҵан Мушьни еиҿикааз археологиатә лагер ахь ажрақәа рымҩаԥгаразы иаауан иҩызцәа рацәаҩны. Мушьни Хәарцкьиа иаԥхьа Мачагәа иҳаԥы уаҩы иҭимҵаацызт.

Убарҭ археологиатә жрақәа ирылахәыз, Мушьни Хәарцкьиагьы иааигәаны дыздыруаз дыруаӡәкуп Ахра Бжьаниа. Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны иаиҭаз аинтервиуқәа руак аҟны Мушьни ихаҭашьатә ҟазшьақәа абасала дрыхцәажәоит иара:

«Сара ишыҟаҵәҟьаз исҳәоит, зны-зынла убас угәы иаанагон – ҳлагер зегьы, уи иалоугьы ҳааидкыланы, иара (Хәарцкьиа – аред.) идеизалон, иара иакәызшәа адунеи дуӡӡагьы гәаҭас, гәыцәс иамаз. Жәаа-жәаа шықәса зхыҵуаз ҳарҭ арԥарацәа ҳзы Мушьни амифологиатә фырхаҵак диҩызан, аекспедициаҿтәи Геракл иакәны ҳихәаԥшуан, зегь рыла уи ҳиеиԥшхар ҳҭахын».

Мачагәа иҳаԥы аҭҵаара аматериалқәа рыла 1987 шықәсазы Мушьни астатиа иҩит. Аамҭак ашьҭахь иара кьыԥхьын Асовет Еидгылаҿы усҟан зегь реиҳа ахыԥша змаз археологиатә журнал «Советская археология» аҟны. Ари ажурнал ахь аматериалқәа аарышьҭуан атәыла акәакьқәа зегьы рҟынтә, урҭ даара ирацәан азы, астатиа аҭыҵра шықәсыла уазыԥшызар акәын. «Мушьни истатиа хәышықәса ишьҭан, – ҳәа лгәалалыршәоит иара иԥшәмаԥҳәыс Наталиа Милованова. – Уи азыԥшрагьы ҳаҟәыҵхьан. Аха аҵыхәтәан иара ркьыԥхьит 1992 шықәсазы иҭыҵыз аԥшьбатәи аномер аҟны, Мушьни данҭаха ашьҭахь мчыбжьык ааҵуаны».

Аԥеиԥш бзиа змаз аҵарауаҩ қәыԥш

Хәарцкьиа дызлахәыз егьырҭ аекспедициақәагьы ыҟан, Асовет Еидгылаҿы реиҳа еицырдыруаз ируакыз Костенковтәи аекспедициагьы уахь иналаҵаны. Уаҟа иҭырҵаауан хыхьтәи апалеолит аамҭахь иаҵанакуа ажәытәуаа ргыларҭа, Воронеж ақалақь азааигәара иԥшааз.

Мушьни иҷкәынра ашықәсқәа раантәи иԥсҭазаара уахәаԥшыр, иаԥхьаҟа дҵарауаҩ духоит ҳәа ззуҳәаша ауаҩы убла даахгылон. 80-тәи ашықәсқәа рзы аус иуан Д. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аҟны: зны лаборантс, анаҩс – аҭҵаарадырратә усзуҩ еиҵбыс. 1987 шықәса инаркны Аԥсны аҳәынҭқарратә музеи аҭҵаарадырратә усзуҩс дҟалоит.

1982 шықәса ҭагалан азы Мушьни астажировкахь дрышьҭит Асовет Еидгыла Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа иатәыз Археологиа аинститут ленинградтәи аҟәшахьы. Уаҟа иара иазанааҭдырра азирҳауан ҵаҟатәи апалеолит аамҭа ахырхарҭала иаԥхьагылаз аҵарауаҩ, Аахыҵ Уаԥстәыла имҩаԥысуаз Кавказтәи апалеолиттә експедициа анапхгаҩы Уасил Прокофи-иԥа Лиублин иҟны. Убас, 1983 шықәсазы Мушьни Хәарцкьиа Аахыҵ Уаԥстәыла имҩаԥыргоз археологиатә жрақәа дрылахәхоит. Аекспедициа иҭнаҵаауан заатәи апалеолит аамҭахь иаҵанакуаз ажәытәуаа рҳаԥытә гыларҭақәа. Урҭ аҳаԥқәа Кударо ҳәа ирышьҭан, агыларҭақәа ракәзар – Кудартәи агыларҭақәа ҳәа.

Ҳазлацәажәо аамҭақәа рзы Кудартәи аекспедициа аус ауеижьҭеи ҩажәеижәабаҟа шықәса ҵхьан. Ари аекспедициаҿы ишьақәгылахьан ахатәы традициа ӷәӷәақәа, уи гәыцәс иаман даараӡа зус бзиа избоз, зҽазҵәылхны иҟаз Ленинградтәи аҳәынҭқарратә университет астудентцәа-археологцәа, урҭ ирҿуҵаашаз рацәан.

«Мушьни ианакәызаалак ашьхақәа иаҳа дырзааигәан, убри азоуп 1983 шықәса инаркны, Аахыҵ Уаԥстәыла иоуз аԥышәа ихы иархәаны, Аԥсны дааны заатәи апалеолит ахь иаҵанакуа аҳаԥытә гыларҭақәа рыԥшаареи рыҭҵаареи дзалагаз, даҽакала иуҳәозар – заатәи ахаҳәтә шәышықәсахь иаҵанакуа ажәытәуаа рҳаԥытә гыларҭақәа ҭызҵаауаз аспециалистс-археологс дҟалеит», – ҳәа еиҭалҳәоит Наталиа Милованова.

Аҵарауаҩ қәыԥш икандидаттә диссертациагьы иҩуан Ленинград, апрофессор Лиублин инапхгарала. Иара азкын Мушьни Хәарцкьиа иԥсадгьыл – Аԥсны иԥшааз ашельтәи мустиертәи абаҟақәа рыҭҵаара (Џьырхәа, Ҳаԥшь, Ԥсырӡха, Хәаԥ, Мачагәа).

Археологиатә жрақәа рҟынтә аҭабиақәа рахь

Ԥшьынҩажәатәи ашықәсқәа рынҵәамҭазы Аԥсны аибарххарақәа аныӷәӷәаӡаха, аԥсуааи ақырҭқәеи реиҿагылара амҩадуқәа рахь ианцәырҵ, Мушьни изанааҭ ааныжьны аполитикахь диасуеит. Милованова лажәақәа рыла, Мушьни Ленинград гәык-ԥсыкала дызҿыз аҭҵаарадырра аанижьыр акәхеит, икандидаттә диссертациагьы аганахь инышьҭаҵаны. Уи ахьчара уаҳа дагьахьымӡеит. Аха аамҭа кьаҿк ашьҭахь ихьчар акәхеит иԥсадгьыл.

«Иара иҭахын аԥсуаа жәларык раҳасабала иҿиаларц. Рмилаҭтә культура еиқәырханы, рҳәынҭқарра еиздырҳауа иҟаларц. Ари иаанаго аполитика интересс иман ҳәа акәӡам, Мушьни еиԥш иҟаз ауаҩы абри аҭагылазаашьаҿы аганаҿ дзаанхомызт – убри ауп. Сара сзы Мушьни апатриотизмра аидеиа ахаҭа дасимволуп»– ҳәа азгәалҭоит лара.

Нанҳәа 14 рзы Аԥсны аибашьра аналага, Аҟәа атанкқәа аналала, Мушьни деиҵамхакәа Ацҳа ҟаԥшь аҿы раԥхьатәи аҿагылара ҟазҵаз аԥсуа еибашьцәа дыруаӡәкын. Абџьар шьҭысхру-ишьҭысымхру ҳәа азҵаара иҿаԥхьа иқәгыламызт.

«Адәахьыҟа баша амш шәшьушәа…»

1992 шықәса, нанҳәа 24 рзы Мушьни Хәарцкьиа Гәымсҭатәи ахырӷәӷәарҭатә ҳәаа акомандирс дарҭоит, иҷыдоу арратә зыҟаҵара шимамызгьы. Иҟалап, ус зырыӡбаз, иара аԥсуа жәлар, хымԥада, аиааира ргароуп, ихьамҵроуп ҳәа агәрагара ахьимаз азакәзар. Ҳәара аҭахума, ихаҭаратә ҟазшьақәагьы аус руит: игәымшәара, игәаӷь, Аԥсадгьыл ахьчара – доусы иду уалԥшьас иахьиԥхьаӡоз уҳәа. Аибашьра аламҭалазгьы иаҳәшьцәа ираиҳәон:

«Ҳан хәыҷы-хәыҷла дазыҟашәҵала, иҟалалакгьы, дымҵәыуааит, ауаз лымҳәааит, илдыруазааит ҳазегь ишаҳуалу ҳаԥсадгьыл ахьчаразы агылара» ҳәа.

Мушьни иааигәаны дыздыруаз Баҭал Кәабахьиа аинтервиуқәа руак аҿы абас ала игәалаиршәоит уи аибашьра аантәи иҩнуҵҟатәи иҭынчра: «Жьҭаарамзазы акәын, Ешыра аресторан аҿы иҟаз ҳаштаб раԥхьаӡа акәны ақырҭуа «сушка» абомбақәа ҳаланажьит. Ауаа ргәы ҭҟьеит, иркуа-иршьҭуа рзымдыруа иааҟалеит азныказы. Ус аӡә дыҳәҳәеит: «Аԥҳәыс дхәуп!» ҳәа. Сара исҭахымкәа саадәылҵит. Сызлаԥшришь уажәы ҳәа схы сааҩахазар, ахәшәлҩа далызбааит Нина Балаева, уи лыварашәа днеиуан Мушьни. Дҭынчӡа днеиуан, адәахьыҟа баша амш шәшьу џьушьап. Убри иныҟәашәа санынахәаԥш сшәарагьы ыҟамызшәа ицеит. Саргьы сҭынчӡа сааҟалеит. Иара иҟазшьа убас иҟан. Аекстремалтә ҭагылазаашьақәа раангьы, уажәымзар-уажәы зегь ҳҭахоит ҳәа ҳгәы ианаанагоз, хшыҩ хьшәашәала аҭагылазаашьа дазнеиуан, ихаҿы аагара илшон».

Афронт аҟны ириҭахьаз аинтервиуқәа руак аҟны Мушьни Хәарцкьиа иҳәоит аибашьра шџьынџьтәылатәихаз: «Аконфедерациа ахаҭарнакцәа ҳзааит, нхыҵкавказтәи ажәларқәа – зегь реиҳа иаҳзааигәоу ҳашьцәа – шьала, ҟазшьала, хәыцшьала, хылҵшьҭрала, доуҳала. Акыраамҭа ҳаиҟәыҭханы ҳанхон, хаз-хазы иҟоу жәларқәаны ҳшьақәгылеит, ааи, аха адоуҳа ус баша-маша ибжьаӡуам. Агәра ганы сыҟоуп, шаҟа ҳархәаҽуа аасҭа ҳдоуҳа убри аҟарагьы аҽарӷәӷәалоит, еиҭеиуеит, ҳахдырра иацлалоит, есааира иаҳагьы еиӷьны ҳаибадыруеит, ҳаигәныҩлоит ҳәа».

«Ҳара ҳаиқәхоит, нас ҿыц ҳаиҭеиуеит иаҳагьы ҳаиӷьны»

1992 шықәса жьҭаарамзазы Мушьни амаиор ичын иҭаны ддәықәырҵеит Очамчыра-Тҟәарчалтәи ахырхарҭахь Аԥсны Аҳәынҭқарра Аштаб хада ахаҭарнак иаҳасабала, даҽакала иуҳәозар – Мраҭашәаратәи афронт аҟынтә Мрагыларатәи афронт ахь диаган.

«Иҭахара ԥшьымш шыбжьаз, 1992 шықәса, ԥхынҷкәын 2 рзы Мушьни Мрагыларатәи афронт адҵаҟаҵаҩс даҭан, аха иара дахьымӡеит уи атәы зҳәоз адҵа инапаҿы аиура, иара ус аҳарагьы дахьымӡеит, уи атәы здыруа иахьагьы имаҷуп», – ҳәа еиҭалҳәоит Наталиа Милованова.

Мушьни ихаҭа иԥижәеит БМП, БТР атанкқәа хәба. Иара далахәын Кәачара ақыҭа ахақәиҭтәра. Мушьни Хәарцкьиа дҭахеит 1992 шықәса, ԥхынҷкәын мзазы Лашькьындар ақыҭан имҩаԥысуаз ажәыларатә операциаҿы аграната ԥҽыха иааханы.

Мушьни Хәымса-иԥа аҵыхәтәантәи ажәылара дахьалахәыз аҭыԥ аҟны иахьа абаҟа ргылоуп. Баҭал Кәабахьиа Аԥсуа телехәаԥшра иаиҭаз аинтервиу аҟны ишеиҭеиҳәо ала, афырхаҵа данҭаха ашьҭахь Аԥсны раԥхьатәи ахадас иҟалараны иҟаз жәлар рԥыза Владислав Арӡынба ихаҭа ажәалагала ҟаиҵеит: афырхаҵа аҭоурых ду змоу Лыхнашҭаҿы дыржырц. Убраҟоуп Мушьни Хәарцкьиа анышә дахьамадоугьы.

Афырхаҵа иҭахара ааха духеит иара дыздыруаз, иихьыԥшуаз зегьы рзы, аиааира иасимволны ирбоз Мушьни Хәарцкьиа данҭаха ашьҭахь иҩызцәа акыраамҭа ршьара изықәломызт, аха, егьа ус иҟазаргьы, аӡәгьы шьҭахьҟа дхьамҵит. Уимоу, зегьы ируалԥшьаны ирԥхьаӡон Мушьни игәы ззыҳәоз аиааиреи, аҭынчреи, аиашареи, ахақәиҭреи раагара, аԥсҭазаара раларҵәара.

«Сара амалахазгьы гәҩарак сымам ҳшаиааиуа ала. Аха даҽа усуп – аиааира ҳәа ҳазҿу закәу. Доуҳала аиааира акәу, мчыла аиааира акәу, аӷа иҳақәлаз инырҵәара – убри аума зегьы иреиҳау аиааира? Уи иҵегь ибзианы иазхәыцтәуп... Шеварднаӡе изԥшьаигаз аус хәымга ахҳәаа асҭар сҭахым, уи усгьы еилкаауп, аха уи иацыз ашәарҭароуп ҳара ҳаидызкылаз, аӡәыкны ҳҟазҵаз. Ҳара ҳаиқәхоит даҽа ҟазшьақәак ҳаманы – иаҳа ҳаиӷьны, иаҳа ҳгәымшәаны, иаха ҳиашаны», – аибашьратә корреспондентцәа ириҭаз аинтервиуқәа руак аан Мушьни Хәарцкьиа ииҳәаз абарҭ ажәақәа усҟангьы иахьа уажәраанӡагьы аӡәырҩы ргәы ҭнагоит, агәацԥыҳәара рынаҭоит.

1993 шықәсазы Мушьни Хәарцкьиа Аԥсны Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ихҵан. Аиааира анаҳга аамышьҭахь Аԥсны ахада Владислав Арӡынба Афырхаҵа иеҵәа рнапаҿы идиркит Мушьни иаби жәашықәса зхыҵуаз иԥеи.

Мушьни Хәарцкьиа ихьӡ далаҽхәо иныҟәигоит уи имоҭа хәыҷы Мушьни, иахьа ахәбатәи акласс аҿы дтәоуп, иреиӷьӡоу аҵаҩцәа дырхыԥхьаӡалоуп. Егьи имоҭа Милана ԥшьышықәса роуп илхыҵуа, уи макьана илдырша рацәоуп, лабду дзакә фырхаҵа дууз аилкаарагьы уахь иналаҵаны.

Ахархәара зызуз алитература:

  • Аԥсуа биографиатә жәар