Ахаҭарақәа
Аԥсны жәлар рартист, актиор Томас Кәакәасқьыр имшира иазкны АААК Аинфопортал иазнархиеит иԥсҭазаареи илахьынҵеи ирызку аочерк.
Анхаҩы иҭаацәараҿы ииз, изызҳаз аҷкәын аҵара ду аҵара игәы азыҳәон, уи амҩала ицаз акыр атәылақәа дырҭааит, иилахьынҵахашаз аҭыԥҳа Абжьара Азиа дибан Ефиопиаҟа дигеит. Адипломат Григори Шәлымба имаҵуреи иԥсҭазаареи рылацәажәара иҟазшьамызт, аха ҳара даҳгәалашәоит, иӡбахәгьы еиҭаҳҳәоит.
Аԥсны зегьы бзиа еицырбо жәлар рышәҟәыҩҩы, ҳаамҭазтәи аклассик Алықьса Гогәуа имшира инадҳәаланы АААК аинфопортал иазнархиеит иара изку аочерк.
Хәажәкыра 11, 1939 шықәсазы диит Аԥсны хәыҷи-дуи бзиа еицырбо апоет Таиф Аџьба. Жьҭаара 9, 1992 шықәсазы Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьраан Аҟәа иҩны ддәылганы дыргеит ақырҭуа гваридиауаа зҭәымҭа иҭагылаз аклассик. Уиижьҭеи ихабар ыҟам, ибаҩгьы ԥшаам. Ажәлар ргәалашәараҿы Таиф Аџьба иԥсы ҭоуп, ԥсра шрықәым еиԥш иаԥиҵаз ицәаҳәақәа.
Жәабран 23, 1950 шықәсазы Аҟәа диит Зураб Ачба – Аԥсны иналукааша ауаажәларратә, аполитикатә усзуҩы, азиндырҩы, азинхьчаҩ.
Ажьырныҳәа 29, 1918 шықәсазы иқәыргылан ҳмилаҭтә театртә ҟазара ашьаҭа зкыз раԥхьаӡатәи аԥсуа спектакль. Аԥсуа драматургиа ажанр хацзыркыз ҳәа дыԥхьаӡоуп иахьа Аԥсуа драматә театр зыхьӡ аху ашәҟәыҩҩы Самсон Ҷанба.
Ҟарачы-Черқьестәыла еицырдыруа ауаажәларра-политикатә усзуҩы Исмел Абыџь ииубилеи инадҳәаланы АААК аинфопортал иазнархиеит иналукааша ари ауаҩ иԥсҭазааратә мҩеи, иҭаацәареи, иазҿлымҳарақәеи ирызку аочерк.
Абаҩхатәра ду злаз арахәааӡаҩ, анхамҩаусуҩ Чуҳаиб Ҳапат иколлегацәеи иусзуҩцәеи даара патуқәҵарала изыҟан, ауаа реиԥш зыԥсы ҭоу зегьы дрыхӡыӡааны дахьрызнеиуаз азы. Илшамҭақәа ирхадароу акакәны иҟалеит зцәа ҵаӷоу ауасажәла ҿыц ранҵара, уи азы ианашьан иҳаракӡоу аҳамҭа – Сталин ипремиа.