Амениу
20 Мшаԥы 2024
07:11
Аҽҭаҩра

Адунеизегьтәи
аԥсуа-абаза
конгресс

Ҳара адунеи иқәынхо аԥсуааи абазақәеи реидкылара хықәкыс иҳамоуп

Ахаҭарақәа

11.03.2022 09:30 Ахаҭарақәа 28589
"Имариоума зегьы рзыҳәа иахьа хәлаанӡа абылра?": Таиф Аџьба игәалашәаразы

Хәажәкыра 11, 1939 шықәсазы диит Аԥсны хәыҷи-дуи бзиа еицырбо апоет Таиф Аџьба. Жьҭаара 9, 1992 шықәсазы Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьраан Аҟәа иҩны ддәылганы дыргеит ақырҭуа гваридиауаа зҭәымҭа иҭагылаз аклассик. Уиижьҭеи ихабар ыҟам, ибаҩгьы ԥшаам. Ажәлар ргәалашәараҿы Таиф Аџьба иԥсы ҭоуп, ԥсра шрықәым еиԥш иаԥиҵаз ицәаҳәақәа.

13.08.2019 11:15 Ахаҭарақәа 32483
Мусса Егзакь: «Сыжәлар реиқәырхара азҵааара схәыҷаахыс сгәы иҵхоит»

Нанҳәа 13 рзы ииубилеи азгәеиҭоит АААК Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы, аҵарауаҩ, амеценат, ауаажәларратә усзуҩы, зхықәки зымчхареи зыжәлар реиҭеира иазызкыз – Мусса Егзакь. Акрызҵазкуа ари амш инадҳәаланы, АААК аинфопортал иазнархиеит аиубилиар изку аочерк.

08.08.2019 16:15 Ахаҭарақәа 39493
«Абазақәа ҳабжьы адунеи иаҳауеит, ҳкультура зегьы ирдыруа иҟалоит»: Армида Чагәа лиубилеи иазкны

Нанҳәа 8 рзы, Ҟарачы-Черқьессиатәи Ареспубликеи Ставропольтәи атәылаҿацәи рҟны еицырдыруа ауаажәларратә усзуҩы Армида Чагәа илхыҵуеит 65 шықәса. Уи амш инақәыршәаны АААК аинфопортал иазнархиеит лыԥсҭазааратә мҩеи, имҩаԥылго аусқәеи, лыгәҭакқәеи зныԥшуа аочерк.

29.07.2019 15:20 Ахаҭарақәа 34372
Тарас Шамба: «аԥсуаа зегь рхада»

Адунеизегьтәи-аҧсуа абаза конгресс ашьаҭаркыҩцәа ируаӡәку Тарас Шамба диит ҧхынгәы 29, 1938 шықәсазы. Жьҭаара 13, 2020 шықәсазы иҧсҭазаара далҵит.

25.07.2019 18:25 Ахаҭарақәа 19742
Абаза литература ашьаҭыркыҩцәа ируаӡәку Ҳамид Џыр изкны

Абаза литература ашьақәгылареи, аҿиареи, аизҳазыӷьареи атәы ҳалацәажәозар, раԥхьаӡа акәны ухаҿы иааиуа Ҳамид Џыр иоуп. Ашәҟәыҩҩы имшира аҽны АААК аинфопортал иазнархиеит иара иԥсҭазааратә мҩа иазку аочерк.

24.07.2019 17:40 Ахаҭарақәа 23931
«Аԥсҭазаара иацу алашара еиҳауп алашьцара аҵкыс»: Геннади Аламиа имшира иазкны

Ԥхынгәы 24 рзы 70 шықәса ихыҵит аԥсуа поет, ауаажәларра-политикатә усзуҩы, 15 шықәса инареиҳаны Жәларбжьаратәи аԥсуа-абаза конгресс – иахьатәи АААК – ихадоу маӡаныҟәгаҩыс аус зухьаз, аорден «Ахьӡ-Аԥша» II-тәи аҩаӡара акавалер Геннади Аламиа.

22.07.2019 12:45 Ахаҭарақәа 20878
Муҳарби Ҭаҭаршәауа «ихьтәы скальпель»: абаза хирург имшира иазкны

Ԥхынгәы 22 рзы 66 шықәса ихыҵуеит еицырдыруа абаза хирург Муҳарби Ҭаҭаршәауа. Уи арыцхә инадҳәаланы АААК аинфопортал иазнархиеит аҳақьым иԥсҭазааратә мҩа иазку аочерк.

15.07.2019 10:30 Ахаҭарақәа 31921
Ижәлар рыгәҭа дгыланы иҵегь дзыхьӡарц ииҭахыз рацәан: Борис Адлеиба имшира иазкны

Ԥхынгәы 15 – Борис Адлеиба имшира аҽны АААК аинфопортал иазнархиеит иналукаашаз Аԥсны аԥхьагылаҩ изку аочерк.

25.06.2019 21:20 Аҿцәажәара 37932
Владимир Аҩӡба: Ҭырқәтәыла сыҟанаҵ, секундкгьы стәымуаҩны схы зымбеит

Владимир Аҩӡба 82 шықәса ихыҵра аламҭалазы АААК аинфопортал иналукааша аполитик, ауаҩ хатәра иҿцәажәара мҩаԥнагеит.

25.06.2019 10:05 Ахаҭарақәа 20355
Ахшыҩ ҵар, алаф цҳафыр, агәы ҭбаа: Иури Агырба имширазы

Иналукааша абаза ҵарауаҩ, ауаажәларратә усзуҩ, ажәлар рыхьӡырҳәагацәа иреиуоу Иури Агырба изкны АААК аинфопортал иазнархиаз аочерк шәаԥхьарц ишәыдаагалоит иара имширазы.

Загрузить еще