Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс

28 Хәажәкыра 2024
18:09
Аԥсуа литература абду, аԥсуа ҭҵаарадырра ахацыркҩы
Дырмит Гәлиа
Аԥсны Жәлар рпоет диижьҭеи 145 шықәса аҵра аҳаҭыразы
Иԥсҭазааратә мҩа аихшьала ҟаҵо, Дырмит Гәлиа игәалашәарақәа рҿы иазгәеиҭон аҭҵаарадырреи алитературеи дышрыбжьаз «имчқәа иԥсаҟьазар ҟалап» ҳәа. Ииашаҵәҟьаны иуҳәозар, Аԥсны арҿиразы иара илагала џьашьахәуп, уи иахьа уажәраанӡагьы иаршанхоит аҟыбаҩ ду злаз ари ауаҩ иԥсҭазаара ззикыз иуаажәлар.
Дырмит Гәлиа, Гьаргь Гәлиа иҭыхымҭа
© Дырмит Гәлиа иҩны-музеи
Аԥсуа литература ашьаҭаркҩы, Аԥсны Жәлар рпоет, арккаҩы, аҵарауаҩ, абызшәадырҩы Дырмит Гәлиа диит жәабран 21, 1874 шықәсазы анхаҩы Урыс Гәлиа (УрысДырмит иаб Иасыф аҩнытәи ихьӡ акәын — аред.) иҭаацәараҿы, Гәылрыԥшь араион, Уарча ақыҭан.
Дырмит Гәлиа 25 шықәса анихыҵуаз
© apsnyteka.org
Уарча аҟынтәи рыхгара
Дырмит дшыхәыҷыз ихьӡеит зықьҩыла аԥсуаа зықәдыршәаз арыцҳара — мчыла Османтәи аимпериахь ахгара аамҭа. Жәларык ишҳәыԥкыз рыхҵәара иаҵанакит Урыс Гәлиа иҭаацәарагьы.

Дырмит Гәлиа ихаҭа абас игәалаиршәон урҭ ахҭысқәа: «Маан зыжәлаз ҭауадк ҳгәараҿы иманы дааит аҭырқәа аскерцәа — асолдатцәа. «Абарҭ ықәҵып ҳәа ргәы иҭаӡам», - иҳәеит. Аскерцәа ҳаҩны амца нацраҵаны ирыблит, ҳара амшын агаҿахь, аҭырқәа ӷба ахьыхгылаз ҳрыманы идәықәлеит. Сара усҟан ԥшьышықәса схыҵуан. Снапаҿы искын ахәмарга-флыка, егьи снапала санду Фындық лнапы скын».
Ахҵәара ҟалаанӡа Урыса Гәлиа иҩны ахьгылаз ҳәа иԥхьаӡоу аҭыԥ, ақыҭа Уарча
© apsnyteka.org
Анаҩс, арҭ ахҭысқәа ипоема «Сара схәышҭаара» аҿы дрыхцәажәоит.

Ҭырқәтәылаҟа амҩа иахьынӡақәыз Гәлиа иҭаацәара изныкымкәа аԥсра ахықә иқәгылахьан, аха егьа уадаҩра шырхыргазгьы, Трапезунд аҟәара инхықәгылеит. Ухаҿы иузаамго, иуадаҩыз аҭагылазаашьа иақәшәеит аҭаацәара: фатәы-жәтәы рымамызт усгьы, рхы ахьныҵаркышаз хыбрагьы ыҟамызт. Ирыцхраауан аҭырқәа ԥсыӡкыҩцәа ӷарқәеи, дара раԥхьа арахь иқәнагалахьаз аԥсуааи. Ахәыҷқәа ран Ребиа (Рабиа) Барӷанџьиа апоет ихаҭа ус лзиҳәон «мыцхә зымҳәоз, иҟәышыз, акыр аџьабаа збоз ԥҳәысын», иара убасгьы Гач хәыҷы (Дырмит аҭаацәараҿы ус ишьҭан) ианду — Фындық Ҵабриа дрыцын.

«Сара сзааӡоз санду лакәын, — иҩуан Гәлиа иавтобиографиаҿы ианду лыӡбахә дазааҭгыло, — агәабзиара ӷәӷәа змаз, зҟазшьа џьбараз ԥҳәысын. Лыбжьы ҵарын, амчхара аныԥшуан. Аха сара слыцәшәаӡомызт. Дахьцалакгьы слыцын. Усҟан шәышықәса дырҭысхьан».
Жәлар рмузыкатә арҳәагақәеи рыбзазара амаҭәарқәеи ркәакь
© Дырмит Гәлиа иҩны-музеи
Дырмит иаб Ҭырқәтәыла дыҟанаҵ Аԥсныҟа ахынҳәра дазгәышьуан, уи игәҭакы дацәхьаҵуамызт зынӡаскгьы. Убас, аԥсыӡкыҩцәа рнышь хәыҷы иақәтәаны ишынҭаацәаз зегьы мшынла Рыԥсадьгыл ахь идәықәлеит. Аԥхьа Баҭымынӡа инаӡеит. Араҟа, амҩа иацыз ауадаҩрақәа рызхымгакәа иԥсуеит Дырмит иашьеи иаҳәшьеи еиҵбацәа. Аха шьҭахьҟа мҩа ыҟамызт, рымҩа иацырҵеит. Аурысцәеи аҭырқәцәеи рыӷбақәа Гәлиаа рнышь аихсра ишаҿызгьы, аҭаацәара Аԥсны аҟәаранӡа инаӡеит, Рыԥсадгьыл ршьапы ықәдыргылеит.

Урыс Гәлиа азин ирымҭеит иқыҭа гәакьаҿ анхара, убри аҟнытә Кәыдры аӡиас-нырцә —Аӡҩыбжьа ақыта нхарҭа ҭыԥс иалихуеит.

Аԥсадгьыли ахҵәареи ртемала апоет иҩхьеит имаҷымкәа ажәеинраалақәа. Зегь реиҳа еицырдыруа акәны иҟоуп ажәеинраала «Сыԥсадгьыл». Абар уи ацыԥҵәаха:

Сыхаара сыԥсадгьыл,
Иҟалазеи, закәызеи?
Иуԥшаауазеи, иуцәыӡзеи,
Абас улахь зеиқәузеи?

Нхыҵҟа ицаз угәырҩома?
Мшын-нырцә иҟоу уџьабома?
Сылашара сыԥсадгьыл
Абас улахь зеиқәузеи?..
Дырмит Гәлиеи уи иҩызцәеи– аиашьеи аиаҳәшьеи Ануаа
© Дырмит Гәлиа иҩны-музеи
Ашколтә шықәсақәа, Маҷавариани иабадырра
Гәлиа шықәсқәак аҵара иҵон аҭыԥантәи апап иҟны, уи ашьҭахь дҭалоит Аҟәатәи Ашьхарыуаа рышкол, ҷыдала аԥсуа хәыҷқәа рзы 1963 шықәсазы иаадыртыз. Амала, уи иаразнак даанамхәеит, избан акәзар еиҳарак ашкол аҟны ирыдыркылоз ҭауади аамысҭеи рхәыҷқәа ракәын. Аха Дырмит иаб ари аус иҽадицалеит: иҷкәын ашкол иҭаҵаразы хышықәса инеиԥынкыланы ашәҟәқәа алаиҵон.

Аҟыбаҩ бзиа злаз аҵаҩы иаразнак илаԥш дыҵашәеит арҵаҩы Давид Аџьамов, анаҩс Дырмит дгәеиҭеит ашкол ахылаԥшҩы Константин Маҷавариани. Арҭ аҩыџьа имаҷымкәа аџьабаа рбеит Дырмит хәыҷы иажәақәа рыла ажәлар рлакәқәа ақьаада ахь риагаразы, анаҩс урҭ кьыԥхьын «Кавказ аҭыԥқәеи, урҭ ирықәынхо ажәларқәеи ирызку аматериалқәа» ҳәа хьӡыс измаз аизга аҟны.
Константин Маҷавариани иқәыԥшыз Дырмит иԥсҭазаараҿы инаигӡоз ароль даара акраҵанкуан. Иара иоуп раԥхьаӡа акәны Дырмит иизырбаз аԥсуа алфавитқәа: абызшәадырыҩ ду Пиотр Услар еиқәиршәази, иара убасгьы Бартоломеи ианбаншәҟәи. Маҷавариани иоуп Гәлиа иазҳәаз Аԥсны аҭоурых аҭҵаара иашалагатәу, иҟоу адыррақәа егьа имаҷзыргьы, ари аус шхацырктәу. Иҟалап, убасҟан акәзар Дырмит Гәлиа раԥхьаӡатәи Аԥсны аҭоурых ашәҟәы аҩразы агәҭакы анизцәырҵ. Аамҭак ашьҭахь уи аидеиа аԥсҭазаара аиуит, иара ииҩыз «Аԥсны аҭоурых» ҭыҵуеит 1925 шықәсазы.
1889 шықәсазы, 15 шықәса зхыҵуаз Дырмит Гәлиа дҭалоит Гори иҟаз Кавказнхыҵтәи арҵаҩратә семинариа. «Араҟа сара аҵара сҵон ԥшьымз, аха исыхьыз аршра (атиф) иахҟьаны асеминариа сыҭцан. Асеминариа анапхгара иҟанаҵаз адҵаҿы ианырҵеит «асеминариа аҵаҩы Дырмит Гәлиа аҭыԥантәи аҳауа, ҳәарада, инаалом» ҳәа. Абри ала сышколтә ҵара хыркәшан, анаҩс рҵаҩцәас исзыҟалеит ашәҟәқәеи аԥсҭазаареи», — хәа иҩуеит иара иавтобиографиаҿы.
Раԥхьатәи анбаншәҟәы
1890 шықәсазы, аԥсуа бызшәа ззымдыруаз, аха аметодика аганахьала Дырмит ацхыраара изҭоз Константин Маҷавариани иаԥшьгарала, Гәлиа напы аиркуеит аԥсуа нбаншәҟәы аиқәыршәара. Аха уи азы, акириллицала иаԥҵаз Услари Барҭоломеи ралфавитқәа реиӷьтәразы имаҷымкәа аус рыдулатәын. Ус шакәызгьы, 1892 шықәсазы аԥсуа хәыҷқәа ироуит рхатәы бызшәала аҵараҵаразы алшара. Убас, 17 шықәса зхыҵуаз Аӡҩыбжьатәи арԥыс Дырмит Гәлиа аԥсуа кульутра аҿиара аус аҿы хәы змаӡам алагала ҟаиҵеит.
Пиотр Услар иалфавит
© Дырмит Гәлиа иҩны-музеи
Аԥсны игәараз ачымазара бааԥсы «испанка» иахҟьаны иани, иаби, иандуи аниԥха ашьҭахь, Дырмит аҩны, анхамҩа аныҟәгара иадҳәалаз аџьабаа зегьы ихәда иқәҳаит, аха раԥхьаӡа иргыланы, еиҳабык иаҳасабала иара иуалын иашьеи иаҳәшьеи рааӡара. Акыршықәса рышьҭах, Дырмит иҷкәын Гьаргь Гәлиа иҩымҭа «Дырмит Гәлиа: саб изку аповест» аҟны иҩуеит, урҭ ашықәсқәа рзы иаб рҵаҩыс аусура дшалагаз, иагьазгәеиҭоит уахынла иара ихаҭа иҵараҵара ишациҵоз, еиԥмырҟьаӡакәа ихы аус адулара дшаҿыз.
Дырмит Гәлиа рҵаҩыс аус ахьиуаз Кындыӷтәи ашкол. 1900-тәи ашықәсазы иара иеиҭеиҳаз аҵлақәа
© apsnyteka.org
Раԥхьатәи аԥсуа жәеинраала, Дырмит Гәлиа, Аҟәа, нанҳәа 26, 1912 шықәса
© Дырмит Гәлиа иҩны-музеи
Аинтерес зҵоу акоуп Гьаргь Гәлиа ишеиҭеиҳәо 25 шықәса зхыҵуаз иаб иҭеиҭыԥш: «Бабыцк иқәмыршәкәа, дцырцыруа, деиҿкааӡа дыҟан еснагь, иреиӷьу ачоуҳа иалхыз икәымжәы, икаба – бырфын ҟаԥшьеиқәа лыхын, иеимаа ахәҵәҩагақәа «азиацкиқәа» зегьы иреиӷьыз асахҭан иалхын, хьыла иҩычаз аҟамеи, атапанча Смит-Вессони имӷан».
Гәлиа илитературатә усура далагеит ХХ ашәышықәса раԥхьатәи ажәашықәса аҽеиҩшамҭазы. Уи аамаҭа иатәу раԥхьатәи иажәеинраалақәа, лымкаала «Хоџьан Ду» ажәлар даараӡа иргәаԥхеит, ирылаҵәеит.

1912 шықәсазы Тифлис иҭыҵуеит аԥсышәала иҩыз раԥхьаӡатәи ашәҟәы «Ажәеинраалақәеи ахьӡыртәрақәеи», уи авторс даман Дырмит Гәлиа.
1918 шықәсазы Гәлиа иҩуеит ажәабжь «Атәым жәҩан аҵаҟа». Дырмит Гәлиа игәалашәарақәа рҿы ишиҩуаз ала, ҽынла ашкол аҟны аус иуан, уахынла аҩымҭақәа иҩуан, Аԥсны аҭоурых ашәҟәы аус адиулон, аматериалқәа еидикылон.

Аԥсны аҭоурых актәи атом аҟны Дырмит Гәлиа иҽазишәеит аԥсуаа мысратәи (Египет) ахылҵшьҭра рымоуп ҳәа атеориа ашьақәырӷәӷәара. Аамҭақәак рышьҭахь уи атеориа ихаҭа дацәхьаҵит, уи иаартынгьы далацәажәон: «Уажәшьҭа ари атеориа сара садгылом, аха ус шакәугьы, агәра ганы сыҟоуп ари ашәҟәаҿы ишеизгоу имаҷымкәа хәарҭара злоу Аԥсны аҭоурыхи аетнографиеи аматериалқәа» (иҩуп 23 шықәса рышьҭахь — аред.).

Аҭҵаарадырра ахырхарҭақәа зегь хацзыркыз
Ажәа «раԥхьатәи» Дырмит Гәлиа аус здиулоз ахырхарҭақәа зегьы рҿы инаалоит. 1919 шықәсазы иҭыҵит раԥхьатәи аԥсуа газеҭ «Аԥсны», редакторс Дырмит Иасыф-иԥа дызмаз. Убасгьы, иара иоуп Аҟәатәи арҵаҩратә семинариаҿы еиҿызкааз раԥхьатәи адраматә кружок «Ашаеҵәа». Дырмит Гәлиа иаԥшьгаралоуп 1921 шықәсазы иаԥҵаз раԥхьатәи аԥсуа театртә труппа Аԥсны ақыҭақәа рҿы ақәгылара ишалагаз. Урҭ ррепертуар азы иаарццакны аурысшәеи ақырҭшәеи рҟынтә аԥсшәахь еиҭеигахьан акыр аводевильқәеи, иара убасгьы апиеса «Наунагӡа ахақәиҭра!». Гәлиа ихаҭа ишигәалаиршәоз ала, «адраматә труппа ақыҭақәа рҿы рықәгыларақәа ныҳәак иаҩызан».
Дырмит Гәлиа
© anyha.org
Агазеҭ «Аԥсны» мшаԥымза 1919 шықәса
© Дырмит Гәлиа иҩны-музеи
Раԥхьатәи аҵарауаҩ, Аԥсны аҭоурых ашәҟәы зыҩыз Дырмит Гәлиа, ииашаҵәҟьаны иуҳәозар, раԥхьаӡатәи аԥсуаа ҭоурыхҭҵааҩын, иқәиргылоз атеориақәа еицҿакны зегьы ишрыдрымкылозгьы.

Академик Николаи Марр Дырмит Гәлиа изы абас иҩуан: «... Ҳәарада, иахьатәи амш азы Гәлиа имҩаԥиго аҭҵаарадырратә усура иацназго аӡәгьы дыҟам. Иара иеиԥш аамҭакала Аԥсны ажәытәан иҟази аҭҵаареи иахьатәи аԥсҭаазашьа азҿлымҳареи еилазыгӡо зымҽхак дуу даҽа ҵарауаҩык уажәазы дыҟам… Европеи Кавкази ҳгозаргьы ааигәа дҟалом ҵарауаҩык иара иеиԥш ицыхцыхуа аинтерес зманы абри ахырхарҭала аус зуа».
Дырмит Гәлиеи Николаи Марри
© Дырмит Гәлиа иҩны-музеи
Николаи Марр
© Урыстәылатәи амилаҭтә библиотека
Академик Николаи Марри Дырмит Гәлиеи еиҩызцәа бзиақәан, насгьы аԥсуаа рхылҵшьҭра аҭҵаарахьы ирыман ирзеиԥшыз аинтерес. Аамҭакз азы Марр Дырмит Гәлиа аԥсуаа рхылҵшьҭра иазкны иқәиргылаз Египеттәи атеориа дадгылеит, аха нас уи дацәхьаҵын аԥсуааи Испаниа инхо абаскцәеи ирымоу аиԥшрақәа рыҭҵаара иҽазикит.

Аҵарауаа аҩыџьагьы еиҿазыргылаз зҵаараны иҟалеит аԥсуа бызшәа. Ишдыру еиԥш, Николаи Марр алатин шьаҭа змаз аԥсуа алфавит авторс даман. Алфавит аӡәырҩы ирыдыркылеит, иара убасгьы иҳаҩсыз ашәышықәса 20-тәи ашықәсқәа рзы иарала ашәҟәқәа ҭрыжьуа иалагеит. Аха Гәлиа ари алфавит идимкылеит, агәынкыларазы иуадаҩуп ҳәа иԥхьаӡаны. «Зус бзиа избоз, амца еиԥш еибакуаз, аҵара змаз уаҩын, — иҩуан Марр изкны Гәлиа, — иҳадигалаз алфавит, еиуеиԥшым Кавказ атәылақәа ирыдыркылаз, сара хьаҳәа-ԥаҳәада мап ацәыскит. Уи амшала ахьшәашәарагьы ҳабжьалеит. Ус шакәызгьы, Аԥсны аиҳабыра Марр иалфавит аларгалеит. Аха аԥсҭазаара иаҳнарбеит Марр дышиашамыз, иара иалфавит шықәсқәак роуп иахьнеиз, анаҩс ахархәара амоуит».
Аԥсны аҭоурых актәи атом аҩра ашьҭахьгьы Дырмит Гәлиа аҭоурых аҭҵаара даҟәымҵит. Аҩбатәи атом аҭыжьра дшазымнеизгьы, иара иаԥиҵеит даара азҿлымҳара змоу аҭоурыхтә усумҭақәа. Урҭ рахьтә иалукаар ҟалоит истатиа «Аҟәа – Диоскуриаӡам» ҳәа хьӡыс измаз, уаҟа Гәлиа иааирԥшуеит агәаанагара: ажәытәӡатәи ақалақь Диоскуриа Аҟәа акәымкәан, Шәҟәырча аӡиа аҟәараҿы игылан ҳәа. Анаҩс ишьақәырӷәӷәан апоет дышҩашьаз, аха ус шакәызгьы, истатиа аҵак ду аман, избан акәзар аҵарауаа рҿаԥхьа иқәнаргылеит ахықәкы — Диоскуриа ахьыҟацәҟьаз аҭыԥ аԥшаара.

Аамҭак ашьҭахь Дырмит Гәлиа иҩит «Ашьхарыуаа рышкол аҭоурых». Ашкол иазкыз астатиақәа анылеит агазеҭ «Аԥсны» аномерқәа ԥыҭрак (1920 ашықәс).
Дырмит Гәлиа Аԥсны раԥхьаӡатәи алитераторс дыҟанаҵ есқьынагьы дашьҭан, илшозгьы зегь ҟаиҵон, алитературеи, акультуреи, аҭҵаарадырреи рахь аҿар рхы дырхарцазы. Гәахәарала иҩуан раԥхьаӡатәи алитераторцәа ируаӡәкыз Самсон Ҷанбеи, апоет Иуа Коӷониеи, убас егьырҭгьы ирызкны арҽхәаԥхьыӡқәа: «Асовет Еидгыла аамҭазы алитература еилашуа аҿиара иалагеит. Иахьазы Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла иалоуп 40 рҟынӡа алахәылацәа, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп апоетцәа — Баграт Шьынқәба, Алықьса Лашәриа, Иван Ҭарба, Қьыршьал Чачхалиа, Алексеи Џьонуа, Ҷыҷыкәа Џьонуа, Қәымф Ломиа убас егьырҭгьы. «Аҽаҩра» бзиа ҳамоуп! Сара сгәырӷьоит уажәшьҭа алитер алитература ашҭаҿы сахьаӡәыкым» (иҩуп 1958 шықәсазы — аред.). ́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́́алитература ашҭаҿы сахьаӡәыкым» (иҩуп 1958 шықәсазы – аред.).
Алықьса Џьонуа, Алықьса Лашәриа, Дырмит Гәлиа, Мота Акобиа, Гьаргь Гәыблиа, Баграт Шьынқәба, Кәымф Ломиа, Иван Папасқьыр, Ҷыҷыкәа Џьонуа, Нелли Ҭарԥҳа, 1955 шықәса
© apsnyteka.org
1929 шықәсазы, Аԥсуа бызшәеи алитературеи академиа напхгара аназиуаз, Дырмит Гәлиа ацхыраара риҭон акомпозитор Константин Ковачи уи ицхраауаз Кондрат Ӡиӡариеи «Кәадрытәи аԥсуаа рашәақәа» ранҵараҿы. Ари ахҭыс, ҳәарада, Аԥсны амузыкаҭҵаара аҿиара ашьаҭа акит.
Дырмит Гәлиа раԥхьаӡатәи Аԥсны аҵакырадгьыл ахсаала аиқшәыршәараҿгьы инапы алакын. Ашьхарыуаа рышкол аҿы аҵара ициҵон Аԥсны раԥхьатәи ахсаала аиқәыршәаҩы Михаил Леуан-иԥа Шервашиӡе-Чачба. 1912 шықәсазы урҭ аҩыџьагьы Тифлис инанагеит: Гәлиа уаҟа аиҭагаратәи, ашәҟәқәа рҭыжьра иазку аусқәеи дырҿын, Шервашиӡе-Чачба — раԥхьатәи ахсаала аус адулара. Уаҟа Михаил Леуан-иԥа акырынтә Дырмит Гәлиа дизнеихьан, Аԥсны агеографиеи атопонимикеи ирызку азҵаарақәа рыла абжьгарақәа иоурц азы.
Михаил Леуан-иԥа Шервашиӡе-Чачба
© apsnyteka.org
Алитературатә мҩа
«Камаҷыҷ» — Дырмит Гәлиа ипрозатә ҩымҭақәа рҟынтә зегь реиҳа ихадоу аԥҵамҭоуп. Алитературадырцәа уи аҩымҭа жанрла ароман иахырԥхьаӡалоит. Ари аҩымҭа Гәлиа хышықәса аҩра даҿын, дагьалгеит 1940 шықәсазы. Аспециалистцәа ргәаанагарала, ароман аҟны ӷәӷәала иуныруеит афольклортә естетика, иара убасгьы Гәлиа ахархәара рацәаны ирыиҭоит аетнографиатә материалқәа.

«Камаҷыҷ» — иуҳәар ҟалоит, усҟантәи аамҭазы иҟаз алитература, ақьабзқәеи аҵасқәеи, Аԥсуара амилаҭтә етикеи мап ацәызкуаз иаҿагылеит ҳәа. Гәлиа аетнографиатә материалқәа инарҭбааны ихы баша иаирхәомызт, уи хықәкыс иман ажәлар ретнографиатә хаҿсахьеи, рҭоурыхи, рфилософиеи раарԥшра», — ҳәа иҩуеит ароман иазкны афилологиатә ҭҵарадыррақәа рдоктор Виачеслав Бигәаа.
«Камаҷыҷ» автор: Дырмит Гәлиа
© apsnyteka.org
Гәлиа ипоезиатә рҿиамҭақәа рҟынтә лассы-лассы иалыркаауеит апоема «Сара схәышҭаара», автобиографиатә шьҭақәа злоу аԥҵамҭа. «Даара игәыҭшьагоуп, ахатә драма рацәоуп, — иҩуеит апоема иазкны апоет иҷкәын Гьаргь Гәлиа, — убасгьы иара иаанарԥшуеит аԥсуа жәлар ирхыргаз арыцҳара ду. Ҟалашьа амоума ухатә трагедиа, ужәлар рытрагедиа аҽаҟәыҭхра?».

Дырмит Гәлиа иџьабаа рацәоуп аиҭагараҿгьы: аԥсшәахь еиҭеигахьан Аԥшьаҩыра, Пушкини Лермонтови рҩымҭақәа, иара убасгьы ақырҭуа шәҟәыҩҩцәа аӡәырҩы раԥҵамҭақәа, Шоҭа Русҭавелигьы уахь дналаҵаны.
Ҳазҭоу ашәышықәса раԥхьатәи ажәашықәса сара аиҭагақәа ирзыскит, еиҳаракгьы ауахәаматә шәҟәқәа. Аиҭагаратә комиссиа алахәҩы иаҳасабала сџьабаа рацәаны иадысҵеит Аԥшьаҩыра аԥсшәахь аиҭагара. Гхак ҟамларц азы, ҳусураҿы ҳхы иаҳархәон еиеуиԥшым атекстқәа — урысшәалеи, қырҭшәалеи, абырзен бызшәеи ажәытә славиан бызшәеи рыла иҩыз. Сара сгәанала, абызшәа аганахьала аиҭагара ҳақәҿиеит ҳәа исыԥхьаӡоит. Ари аус ду, абасҟак аџьабаа здыз, аԥсуа жәлар уамакгьы иазҿлымҳамхеит, избан акәзар ақьырсианрахь ирымаз аинтерес лаҟәын, иара амсылманра ашҟагьы ус акәын ишыҟаз, иҩуеит игәалашәарақәа рҟны алитератор.
Гәлиаа иҭаацәара
Дырмит Гәлиа иԥшәмаԥҳәыс Елена Андреи-иԥха Бжьылаа, есқьынагь лхаҵа арӷьажәҩас дивагылан. Гәылиа ихаҭа иҳәалон, «Елена Андреи-иԥха лакәымзар, исыҩыз зегьы шәынтә ишаны ахәҭакгьы сзыҩуамызт. Лхы деигӡомызт, алитературеи, аҟазареи ирызку азҵаара анықәгылоз».

Гәлиаа рҭаацәараҿы ирызҳауан хҩык ахшара — аҷкәынцәа Владимири Гьаргьи, аӡӷаб — Татианеи.

Гьаргь Гәлиа иаԥҵамҭа «Ахәыҷра иазку ажәабжьқәа» рҟны иуабаратәы иҟоуп аҭаацәара рыҩныҵаҟа реизыҟазаашьақәа зеиԥшраз. Инхон Аҟәа, уажәазы уи аҩны ахыбраҿы Гәылиа имузеи еиҿкаауп. Иара аҩны ахаҭа Дырмит Гәлиа иргылеит 1912 шықәсзы, иԥшәмаԥҳәыс лан Фотине Николаи-иԥха ҳамҭас илҭаз адгьыл аҿы.
Ақалақь аҿы Гәлиа зегьы даараӡа пату иқәырҵон, «ажәлар рырҵаҩы» ҳәа ишьҭан. Игәылара инхоз зегьы — усҟантәи аамҭазы Аҟәа амилаҭ рацәа нхон — ҳаҭыр дуны ирыԥхьаӡон Гәлиа иааигәара аҟазаара.
Дырмит Гәлиеи иџьынџьуааи
© ritmeurasia.org
Гьаргь Гәлиа игәалашәарақәа рҿы иазгәеиҭоит, иаб есымша уск дшаҿыз, баша дтәаны дшигәаламшәо атәы. Дырмит Иасыф-иԥа иԥшәмаԥҳәыс Елена Андреи-иԥха — иԥхашьа-ԥхаҵо иҟаз ԥҳәысын, аҩнра бзианы иныҟәылгон, илылшоз зегь ҟалҵон лыԥшәма иҭаацәара рзы игәы ҭынчны дыҟазарц азы.
Дырмит Гәлиа иҭаацәа дрылагылны
© abkhazworld.com
Ахәыҷқәа реизыҟазаашьақәа бзиан, пату еиқәырҵон. Раб ихы данақәиҭыз аамҭа шмаҷызгьы, Гьаргь Гәлиа игәалашәоит дара аныҳәыҷқәаз дшырзаԥхьалоз «Руслани Лиудмилеи» иара убасгьы бзиа иибоз апоетцәа ражәеинраалақәеи.
Ааха ӷәӷәас аҭаацәара ирзыҟалеит Володиа Гәлиа иҭахара. «Иуадыҩыз ԥышәахеит ҳаԥсадгьыл азы Аџьынџьтәылатәи еибашьра Ду, — иҩуеит Дырмит Гәлиа. — Аибашьра далаӡит сыҷқәын Владимир, анџьныр бзиа, зҩызцәеи-зықәлацәеи агәыӷра лашақәа рызцәырызгоз. Абџьар кны сара еибашьра сызцомызт, аха исылшоз сус хәыҷы саҿын, алитература амаҵ азызуан».
Гьаргь Гәлиа, Татиана Гәлиа, Дырмит Гәлиа, Володиа Гәлиа, Елена Гәлиа, 1931 шықәса
© apsnyteka.org
Гьаргь Гәлиа , Дырмит Гәлиа, Елена Гәлиа
© Дырмит Гәлиа иҩны-музеи
1946 шықәсазы англыз шәҟәыҩҩы Џьон Боинтон Пристли Аԥсны даҭааны даныҟаз Гәлиаа рҭаацәа дырԥылеит: Дырмит Гәлиеи уи иԥшәмаԥҳәыс Еленеи, дара рыхшара Татианеи Гьаргьи, рҭаца Валентинеи, рмоҭа Димеи.
Аԥсуа литература абду Дырмит Гәлиа иԥсҭазаара далҵит 86 шықәса дшырҭагылаз, 1960 шықәсазы.

Дырмит Иасыф-иԥа Гәлиа инапала ииҩыз ихатә биографиа зынӡа ихәыҷуп, иажәақәа рыла, ихылҵшьҭрақәа азҵаарақәак рызцәырҵуазар, ипоезиеи ипрозеи рҟны аҭак рыԥшаар рылшоит.
Аԥсны алитературеи, арккареи, акультуреи хәы змаӡам зџьабаа аду ауаҩы дызнысыз иԥсҭазааратә мҩа аихшьала ҟаҵо иҳәеит: «Ҿхырцәажәарада исҳәаратәы сыҟоуп: исылшаз зегьы сгәалаҟоуп ҳәа, избан акәзар сус еснагь гәыкала саҿын. Аха еиҳагьы ҟасҵар ҟаларын, уи аамҭазы еиҳа ихадоу еилкка избозҭгьы, еилыскаауазҭгьы. Сымчқәа сыԥсаҟьеит аҭҵаарадырреи алитературеи сышрыбжьаз. Иҟалап, алитература мацара сҽазыскызҭгьы еиҳа еиӷьхар? Ус акәзаргьы ҟалап. Иарбанзаалак аус, зегь раԥхьа унапы аналаукуа, умчқәа еиҳа иуԥсаҟьоит, аусурагьы ахырхарҭақәа рацәамхар ауам. Уи ганкахьала ибзиоуп, аха даҽа ганкахьла ибзиаӡам».
Дырмит Гәлиа иҩны-музеи аҭӡаҿы икыду амемориалтә ӷәы
© Наала Аҩӡԥҳа

Атекст автор: Арифа Қапԥҳа, абильд-редактор Наала Аҩӡԥҳа, аредактор хада Амина Лазԥҳа
Дырмит Гәлиа изку аочерк аҟны хархәара рыман: Д.И. Гәлиа ихатә биографиа; Гәлиа Гь.Д. «Дырмит Гәлиа: Саб изку аповест»; В.Бигәаа «Аԥсуа ҭоурыхтә роман. Аҭоурых. Атипологиа. Апоетика».