Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс

19 Хәажәкыра 2024
12:44
Аԥсны ашьхараҿ имҩаԥысуаз аидысларақәа
Аџьынџьтәылатә Еибашьра Ду аҭоурых аҟынтә
Аџьынџьтәылатә Еибашьра Ду зегь реиҳа ишьаарҵәыраз аепизодқәа ирхыԥхьаӡалоуп Аԥсны ашьхахыҵырҭақәа рҿы имҩаԥысуаз аидысларақәа, аӷа Кавказ инапахьы аагара алзмыршаз. Анемец фашистцәа Аԥсны алаларазы изыԥшьаргоз аҽазышәарақәа акгьы рылымҵит.
Марыхәтәи ашьхахыҵырҭа – Аџынџьтәылатә Еибашьра Ду аҿы иҭахаз Ар Ҟаԥшь аибашьцәа ргәалашәара иазку ақьашанеи амемориалтә ӷәи
© mountain.ru
1942 шықәса аԥхынразы афашистцәа рыр Кавказ ажәылара рҽазыркит, ҭагалан азы рнапаҿы иааргахьан Ҟәыбани Нхыҵ-Кавкази рҵакырадгьылқәа реиҳарак. Аибашьра Аԥсны ашьхахыҵырҭақәа рыҟнынӡа инаӡеит. Ақалақьқәа рҿы ахыхьчаратә ргыларақәеи абомбаҽыԥхьакырҭақәеи рыргылара иалагеит. Ажәылара аанкылан, аӷа Аҟәеи, Гәдоуҭеи, Гагреи инапахьы раагара илымшеит, 1943 шықәсазы – ампыҵахалаҩцәа Кавказ иалцан. Аԥсны ашьхарақәа рҟны имҩаԥысуаз аидысларақәа ирызку аинформациа инарҭбааны иарбоуп Владимир Ԥачлиа ишәҟәы «Аԥсны Аџьынџьтәылатә Еибашьра Ду ашықәсқәа раан» ҳәа хьӡыс измоу аҟны, иара убасгьы, уи аамҭазы Аҟәа инхоз Евгени Чернышиов игәалашәарақәа ибзианы ирныԥшуеит аибашьра Аԥсны ианаҭаз анырра. Иаҳҳәап, уи имшынҵа аҟнытә ҳара иаҳдыруеит аҳаиртә жәыларақәа ирыхҟьаны ааха зауз ртәы, ашьха қыҭа Ԥсҳәы ахьчара шеиҿкааз, иара убасгьы Аҟәатәи амшын баӷәаза ишыхгылаз ахәцәа зҭаз аӷбақәа.
Кавказ ажәылара
© Кази-Магомеҭ Алиев ишәҟәы ««Едельвеис» азонаҿы»
Шьыжьы инаркны ақәа аҿыҵышәшәон. Саб арадио аҿеикит. Молотов дҿаҳа-ҿагәо алаҳәара ҟаиҵеит, афашисттә Германиа Асовет Еидгыла ишақәлаз. Ари ажәабжь ҳгәылацәа зегьы иаарылаҩит, арадиорҳәага аҿаԥхьа ауаа рацәа еизеит. Алаҳәара даҿа зныкгьы еиҭаҟарҵеит. Аиҳабацәа ргәы уазыруа ари ажәабжь иалацәажәон. Ҳарҭ ахәыҷқәа ҳакәзар, еилаҳкаауаз ҳәа акгьы ыҟамызт, аха ҳаибашьцәа ҳархыҽхәо – анемеццәа, уажәшьҭа ижәбап шәзықәҳаршәо ҳәа ҳҳәон.
Евгени Чернышиов игәалашәарақәа зну ашәҟәы аҟнытә
Афшисттә Германиа Асовет Еидгыла иақәлеит 1941 шықәса, рашәара 22 рзы шьыжьнаҵы. Уи аҽныҵәҟьа, Асовет Еидгыла Иреиҳаӡоу ахеилак арратә уалԥшьа зду зегьы азеиԥш мобилизациа рыланаҳәеит, Аԥсны зҵазкуаз Аахыҵкавказтәи арратә округгьы уахь иналаҵаны.
Аби аԥҳаи арадио ала ажәабжьқәа ирзыԥшуп, Аҟәа, 1941 шықәса
© Евгени Чернышиов
Рашәара 23, асаҭ 11 рзеиԥш Гагратәи араион иаанацҳауан: амобилизациа иаҵанакуа атәылауаа зегьы, ааԥхьашәҟәқәа рыҭоуп, урҭ Аҟәаҟа ргаразы амашьынақәа хиоуп ҳәа. Рашәара 27 рзы Гагра араион аҿы амобилизациатә план нагӡан. Аԥсны егьырҭ араионқәа рҿгьы амобилизациа убас еиҿкааны имҩаԥган.
Арратә санатори, Аҟәа, 1941 шықәса
© meshok.net
Ԥхынгәы 4 инаркны 19 рҟынӡа, Аԥснытәи авоенкоматқәа рахь 5974-ҩык ауааԥсыра арзаҳалқәа аларҵеит афронт ахь ацаразы, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟан аҭыԥҳацәагьы. Иааизакны Аџьынџьтәылатә Еибашьра Ду аҿы, Асовет ари арра-мшынтә флоти ирылахәны еибашьуан 55,5 нызқьҩык Аԥсны иалҵыз ауааԥсыра. Урҭ рыҟнытә 17430-ҩык рыҩныҟақәа рахь изыхнымҳәит. 22-ҩык иранашьан аҳаҭыртә хьӡы «Асовет Еидгыла Афырхаҵа» ҳәа.
1941 шықәса, жьҭаара 1 инаркны Аԥсны ақалақьқәеи араионқәеи зегьы рыҟны, 16 инаркны 50 шықәсанӡа зхыҵуа ахацәа зегьы рус иаҟәымҭхкәа арратә ус дырҵара иалагоит.
Аԥсны агәабзиарахьчара аусбарҭақәеи Аџьар Ҟаԥшьи амедицина аусзуҩцәа разыҟаҵара рҽазыркит: асанитартә инструкторцәеи амедиаҳәшьцәеи азыҟарҵон.
Анхамҩатә усбарҭақәа рҟны афатә-ажәтә аиуразы абӷьыцқәа ршара иалагеит. Урҭ рыла ауаҩы иоур илшон ача, ашьақар, аџьыкахыш, уҳәа уб. егь. Зегь реиҳа ихадаз ача акәын. Аус зуаз ирырҭон 800 грамм, арра маҵура иахысуаз – 600, аҩнԥҳәыс – 500, ахәыҷы – 400. Ачатәы бӷьыцқәа рыдкылара иалкааны дәқьанк иадырҵон, уи аҟны акрызҭиуаз аԥҳәыс иахьатәи амш иақәшәоз акупон абӷьыц иамҷҷааны лаҳасабырбазы инлыжьуан.
Евгени Чернышиов игәалашәарақәа зну ашәҟәы аҟнытә
Ақалақьтә Хеилак аӡбарала, аҵагаларақәа 22 абомбаҽыԥхьакырҭақәа рылырхит. Иара убасгьы, идыргылап ҳәа ргәы иҭан даҽа 11 абомбаҽыԥхьакырҭа – аҳауатәи ахимиатәи жәыларақәа рыҟнытә ауааԥсыра рыхьчаразы. Аԥсны, аҳәаақәа ирзааигәаз ареспубликақәа зегьы рыҟнеиԥш, арратә ҭагылазаашьа рылаҳәан.
Аҟәа иаларыжьыз анемц рҭҟәацгақәа руак, Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә Музеи аекспозициа ахәҭак
© Наала Аҩӡԥҳа
Арепродуктор ала ақалақь иалыҩуан аҵыхәтәантәи ажәабжьқәа. Ажәлар еизаны уи иазыӡырҩуан. Ауааԥсыра ргәы иаанагон, иаарласны анемец ир ҵҟьа-шәҟьа иқәҵахоит ҳәа, аха раԥхьатәи ажәабжьқәа инадыркны еилыркааит уи ус ишымариамхоз. Афашистцәа арҭҟәацгақәа ҳалажьра иалагоит, ҳақалақьқәа рнапахьы иааргар рҭахуп.
Евгени Чернышиов игәалашәарақәа зну ашәҟәы аҟнытә
Афашисттә Германиа аиҳабыра Кавказ аҵакырадгьылқәа ржәыларазы аплан рымаӡамызт. Аха урҭ ргәы ишҭаз еиԥш иаарласны Асовет Еидгыла рнапаҿы ианырзаамга, Кавказҟа рхы дырхеит.
1941-1945 шықәсқәа рызтәи аибашьра ахсаала
© Евгени Чернышиов ишәҟәы «Аԥсны 30-40-тәи ашықәсқәа рзы. Анемецтә авиациа Аҟәа арҭҟәацгақәа аларыжьуеит» аҟнытә.
Ақалақь аҿы ахҵәацәа рацәахеит. Урҭ рыҟнытә ԥыҭҩык ишрылшоз ала анхара-анҵыра иалагон, егьырҭ – рымҩа иацҵо мрагыларахь ицон. Ирацәаҩын арҭҟаҵгақәа ирыхҟьаны зегьы зцәыӡыз – рҭаацәарақәа, рыҩнқәа.
Евгени Чернышиов игәалашәарақәа зну ашәҟәы аҟнытә
1941 шықәса, нанҳәа 23 рзы Аахыҵкавказтәи арратә округ еиҭакын Аахыҵкавказтәи арратә фронт ҳәа. Адгылара ҟазҵоз атәылақәа рыр Иран иалалеит, уаҟа аибашьра аналага инаркны Асовет Еидгыла иаҿагылоз апровокациақәа лассы-лассы имҩаԥыргон. Уи, ҳәарада, Асовет Еидгыла аладатәи аҳәаақәа рҿы аҭагылазаашьа хәыҷык еиӷьнатәит.
1941-1945 шықәсқәа рзтәи аибашьра ахсаала
© Евгени Чернышиов ишәҟәы «Аԥсны 30-40-тәи ашықәсқәа рзы. Анемецтә авиациа Аҟәа арҭҟәацгақәа аларыжьуеит» аҟнытә
1941 шықәса, цәыббрамза анҵәамҭазы Аԥсны иаԥшьгахоит ахыхьчаратә обиектқәа рыргылара. Уи аус иалахәын ареспубликаҿ инхоз, зхы иахәоз ахацәа зегьы. Аргыларақәа раан инарҭбааны ахархәара рыман арахә зыцрарҳәо атранспорт, еиҳаракгьы аԥсуа уардын.

1941 шықәса, абҵарамзазы Гәдоуҭатәи аҳабла Бамбора аҳаирбаӷәаза аргылара иалагоит. Хара имгакәа араҟа ҭыԥс ирзылырхит аҳаирплан ласқәа. Урҭ хықәкыс ирыман аԥырыҩцәа-аԥшыхәҩыцәа рыҟнытә ажәҩан ахьчара.
Аԥырҩы-ажәылаҩ Кьаазым Хәаҭхәаҭ-иԥа Агрба ифотосахьеи, ианашьаз аҳаҭыртә бӷьыци, Аԥсны Аҳәынҭқарратә Музеи аекспозициа ахәҭа
© Наала Аҩӡԥҳа
1942 шықәсазы аҳаирплан «Иункерс-88» хҩык анемец ԥырҩцәа-аԥшыхәҩцәа зықәҭәаз, еиуеиԥшым аҭагылазаашьақәа ирыхҟьаны Гәдоуҭатәи араион аҟны итәар акәхеит. Ибналаз аԥырҩцәа хәымш ирышьҭан, аҵыхәтәан ирыԥшааит, иагьырытҟәеит. Анаҩс, аибашьра цонаҵы, аӷа Аԥсныҟа иааишьҭуан адиверсиатә гәыԥқәа, урҭ реиҳараҩык мраҭашәараҟа ицаз аурыс емигрантцәа ракәын.
Анемец ҳаирпланқәа «Иункерс-88»
© luftwaffephotos.com
Асовет Еидгыла аиҳабыра агәаанагара рыман, анемеццәа мшынла Кавказ иажәлоит ҳәа, убри азгьы амшынтә-десант азырҟаҵарҵеит. Аха анемец ир шьаҟарла Кавказ иақәлеит. Аӷа игәҭакқәа еилкаахеит 1942 шықәса, рашәарамза анҵәамҭазы. Уи нахыс Ихадоу Кавказтәи ашьхеибаркыра акаҵәарақәа рыхьчараз аусмҩаԥгатәқәа ирылаган.
1942 шықәса, нанҳәамзазы Клыхәратәи ашьахыҵырҭа рыхьчон актәии, аҩбатәии ахысратә ротақәа, аминаршәгатә ҟәыра, ҩ-сапиор ҟәшак – иааизакны 218-ҩык ауааԥсыра, бџьарла иуԥхьаӡозар – 189 аурысшәақьқәа, 14 автомат, амина аршәгақәа 4, аӡы аҵаҟа ихысуа абџьарқәа 8. Ашьха ҩадахьалатәи албаараҿы ихадоу амҩа азырхиаратә усқәа заҵәык ракәын имҩаԥгаз.
Еиҿкаан абарҭ аҭыԥқәа рыхьчара: ашьхахыҵырҭақәа – Клыхәра, Хьымца, Цагаркар, Чамашьха, Доу; ашьхақәа – Аӷәра, Ахцәырҩа, Быгьырцҳа, Дхзышра; ақыҭақәа – Чхалта, Захаровка. Иааизакны ахьчаратә операциа иалахәын 1890-ҩык ауаа, аурысшәақьқәа 1263, аӡы аҵаҟа ихысуа абџьарқәа 69, апулемиотқәа 14, аминаршәгақәа 35, автоматқәа 79, атанк аҽацәыхьчаратә бџьарқәа 20. Ус шакәызгьы, ахьчарада инхеит ашьхахыҵхырҭақәа Санчареи, Дамхәырци, иара убасгьы акырзҵазкуаз ашьхахыҵырҭатә мҩақәа, Нхыҵ-Кавказынтәи Аԥсныҟа иаауаз.
Нанҳәамза аҽеиҩшамҭаз анемец ар иаԥшьанагоит Пиатигорски, Моздоки, Тҟәаԥси ржәылара. Уи аамҭа инақәыршәаны иажәлеит Ихадоу Кавказтәи ашьхеибаркыра ахыҵырҭақәа. Кавказ анапаҿы аагаразы аоперациа афашисттә Германиа аиҳабыра хьыӡ ҷыдас иарҭеит «Едельвеис».
Асқьалахьы аӷбақәа кыдгыло иалагеит. Урҭ ирҭыҵуаан ахәыҷқәа рааӡарҭақәа рыҟнытә иаашьҭыз ахәыҷқәеи, ааха ӷәӷәа змаз аибашьцәеи. Урҭ зегьы адәыӷба авокзал ахь иргон, уаантәи – иарбаз аҭыԥқәа рахь.
Евгени Чернышиов игәалашәарақәа зну ашәҟәы аҟнытә
Аӷа гәҭакыс иман Санчартәи, Клыхәратәи, Марыхәтәи ашьхахыҵырҭақәа дырхысны Аҟәеи, Гагреи, Гәдоуҭеи инапаҿы раагара. 1942 шықәса, нанҳәамзазы анемец ашьхахысратә дивизиа «Едельвеис» ашьхахыҵырҭақәа Клыхәреи Наҳари рнапаҿы иааргеит. Анемеццәа, ашьхаратә мҩахәасҭақәа ирныланы, асовет солдаҭцәа рыхьчаратә ргыларақәа ирывсны, ртыл ала инеиуеит. Аҭоурых излаҳәо ала, амҩақәа рыԥшааразы, анемеццәа ауасақәа раԥхьа иргыланы инарцон – арҭ аҭыԥқәа ибзианы издыруаз арахә, уадаҩрада амҩа рыԥшаауан.
Нанҳәа 15 инаркны 19 рҟынӡа ашьхахыҵырҭақәа Клыхәреи Наҳари рҿы имҩаԥысуаз аидысларақәа рҟны асовет арр иацәыӡит 239-ҩык аибашьцәа, 34-ҩык ахәра роуит, хҩык – хабарда ибжьаӡит. Ус шакәызгьы, анемццәа ражәылара аанкылан, аидысларақәа ишырҿыц иаҿын.
Вермахт ашьха шәарахҭҵааҩцәа Кавказ ашьхарақәа рҿы
© photochronograph.ru
Ажәҩан аҟнытә илеиуаз аԥҽыхақәа рҽырцәырыхьчарц азы, адәахьынтә ԥыҭҩык ауаа гәыҭҟьа-ԥсыҭҟьаха ҳаҩны иааҩнаххит. Аԥенџьыр аҟнытә даҳбон ҭакәажәык, лкьатеиқәа иҭыҵы, лымгәа иадырӷәӷәаланы ишылкыз. Ҳазегьы уи ҳлыхәаԥшуан, аха ҳлыцхраартә алшара ҳамамызт.
Евгени Чернышиов игәалашәарақәа зну ашәҟәы аҟнытә
1942 шықәса, нанҳәа 15 рзы анемццәа раԥхьаӡа акәны ҳаир бџьарла Аҟәа иалахысит. Аӷбеи, абаржеи, аканџьеи ӡаадырҟәрылеит. Иҟан иҭахазгьы ихәызгьы. Уи нахыс анемеццәа лассы-лассы Аԥсны ақалақьқәеи ақыҭарақәеи ирылахысуан.
Аҟәа алахысра ахҟьа-ԥҟьақәа
© Анзор Агәмаа иархив
Нанҳәа 25 рзы анемеццәа иаԥшьыргеит Санчартәи ашьхахыҵырҭаҿгьы ажәылара. Урҭ ирылшеит аиланхарҭа хәыҷы Санчара (ақыҭа Псхәы аҵкараҿ иҟоу). Ақыҭауаа ршәақьқәа рыманы аӷа иҿагылеит, аха аиааира рзымгеит: абжаҩык бналеит, инхаз рабџьар рымхын.
Сашьа Мартыни сареи, иара убасгьы ҳгәылацәа П. Захарови, П. Семененкои ҳаарыԥхьеит ақытсовет ахь. Уаҟа абџьар акра зылшоз зегь еизеит. Ақыҭа аиҳабыра дҵас иҳарҭеит, Ар Ҟаԥшь аиаанӡа анемец еибашьцәа рынкылара. Шәақьк ҩыџьа аибашьцәа ирыздырхон, 15 патрон нацҵаны.
Убарҭ аамҭақәа рзы Ԥсҳәы ақыҭа инхоз игәалашәарақәа, А. Бобров ишҟәы «Ԥсҳәы амаӡақәа» ианылаз
Анемеццәа ибзиаӡаны ирдыруан Аԥснытәи ашьхақәа рҿы иалдоу амҩахәасҭақәеи, ашьахыҵырҭақәеи. Аибашьра алагаанӡа, аԥсшьаҩцәа раҳасабала акырынтә Аԥсны иаҭаахьан, аратәи аҭыԥқәа ҭырҵаахьан. Убас, Ԥсҳәы инхоз Александра Шьепкина сасра длызнеит анемец ар аобер-леитенант, ашоколад ҳамҭас илиҭеит: «Ҵыԥх шәқыҭаҿы ҳаныҟаз акартош хааӡа иахьаҳҿашәҵаз азы» ҳәа лаҳәаны.
Аибашьраҿы ахархәара змаз амаҭәахәқәа, Аԥсны Аҳәынҭқарратә Музеи аекспозициа ахәҭа
© Наала Аҩӡԥҳа
Нанҳәа 27 рзы анемеццәа Ԥсҳәы иалсны Гәдоуҭа аганахь албаара рҽазыркит. Ақыҭарақәа Аҷандареи Ааци ианырзааигәаха, аҿагылара ӷәӷәа рыҭан. Иӷәӷәаз аидысларақәа мҩаԥысуан Марыхәтәи ашьхахыҵырҭаҿы. 1942 шықәса, цәыббрамза алагамҭазы аинрал Константин Леселиӡе командаҟаҵаҩыс дызмаз 46-тәи ар ажәыларахь ииасуеит, аӷа иҟнытә Ԥсҳәы ахы иақәиҭыртәуеит.

Жьҭаарамза аҽеиҩшамҭаз Ихадоу Кавказтәи ашьхеибаркыра акаҵәарақәа рҿы асду леиуеит: уи аҵаулара ҩ-метрак инаӡон. Аибашьра амҩаԥгара залшомызт.
Ашьхахыҵырҭақәа рахь афатә-ажәтәи абџьари рнагара. Афотосахьаҿы: аҽқәа рчаландар амҩаԥгаҩцәа – В. Смыр, В. Церекиӡе, Б. Ториунов, афото С. Короткова, 1942 шықәса
© climbing.ru
1943 шықәса, ажьырныҳәамза азбжаразы афашисттә Германиа аиҳабыра ирыӡбеит, анемец еибашьцәа Ихадоу Кавказтәи ашьхеибаркыра акаҵәарақәа рыҟнытә ралгара: ишәон, Сталинградтәи аибашьра ду аҟны иаҵахар, урҭ амацәаз иҭакны инхар ҳәа. Афронт еиҳа-еиҳа Аԥсны иацәыхарахон.
Асовет Еидгыла зегьы азы Кавказтәи ахырхарҭаҿы аиааира агара, ҳәарада, аполитикатә, арра-стратегиатә ҵак ду аман. Анемеццәа Кавказ рнапаҿы аагареи, анаҩс – Мрагылара Ааигәеи Абжьаратәи Мрагылареи рахь анеиразы ирымаз агәҭакқәа ԥыххаа ишьҭаҵан. Еиқәырхан анефт ахьыҵырхуаз ақалақьқәа – Грозныи, Бақәа, убасгьы Амшынеиқәатә флот. Асовет еибашьцәа ирылшеит Каспиатәи амшын ала Иранҟеи, Персиатәи аӡыбжьахалеи рахь ицоз амҩақәа раркра.
«Асовет Еидгыла Афырхаҵа» ҳәа аҳаҭыр ҳьӡы рыхҵоуп: Арутиун Чакриан, Нои Адамиа, Ражьден Барцыц, Николаи Ходосов, Николаи Бериа, Владимир Очаленко, Георги Дермановски, Мигран Бастанджиа, Михаил Сахненко, Давид Таваӡе, Витали Попков, Владимир Ҳаразиа, Борис Гарин, Ерванд Гараниан, Николаи Редькин, Иван Зубков, Варлаим Габлиа, Иасон Кәакәасқьыр, Мелитон Кантариа, Арутиун Мелетиан, Иарослав Иосселиани, Константин Гонтарь.
Аорден Ахьӡ-Аԥша («Асовет Еидгыла Афырхаҵа» иаҟараны иԥхьаӡоу) ранашьан Иван Уанаҿа, Иродион Ҵулаиа, Арут Шушаниан

© Атекст автор - Асҭанда Арӡынԥҳа, аредактор – Ольга Солдатенкова, абильд-редактор – Наала Аҩӡԥҳа, аредактор хада – Амина Лазԥҳа
Астатиаҿы ахархәара амоуп В.М. Ԥачлиа ишәҟәы «Аԥсны Аџьынџьтәылатә Еибашьра Ду ашықәсқәа раан».