Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс

28 Хәажәкыра 2024
21:50
Сахьала еиқәыршәоу абаза алфавит: исахьарку арҵагатә цхыраагӡа
Абаза бызшәа – нхыҵкавказтәи абызшәатә ҭаацәара иатәу аԥсуа-адыга бызшәатә гәыԥ ахь иаҵанакуеит. Уи агәыԥ шьақәгылоуп еигәыцхәу абызшәақәа хәба рыла: адыга бызшәа, аҟабарда-черқьес бызшәа, аубых бызшәа (иахьазы иӡхьоу), аԥсшәа, абаза бызшәа (арҭ аҩба зынӡа еизааигәоуп). Абаза бызшәа иамоуп ҩ-диалектк: тапанҭатәи – алитературатә бызшәа шьаҭас иамоу, нас ашьхарыуатәи. Иахьазы арҭ аҩ-диалектк ахархәара рымоуп. Раԥхьатәи абаза алфавит аԥиҵеит абаза, ачерқьес шәҟәыҩҩы, апоет Ҭаҭлусҭан Табулов.

Аекран ҭбаа аформат ала шәахәаԥшырц шәабжьаҳгоит*
Ари аҩыза абаза алфавит аҭыжьымҭа аздырхиеит Фатимеи Артури Иуанаа. Сахьала еиқәыршәоу алфавит ахархәарала изҭаху зегьы абаза бызшәа хәмарра формала ирҵар рылшоит: нбанцыԥхьаӡа иацуп иара иазку асахьеи ажәеинраала кьаҿи. Асахьақәа ҭихит – асахьаҭыхҩы Пол Џьонсон. Апроект нагӡоуп аԥсуа-абаза милаҭ рыҿиара ацхырааразы Жәларбжьаратәи ассоциациа «Алашара» иҟанаҵаз адгыларала.