Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс

29 Хәажәкыра 2024
01:52
Иоаким Алоизи иҭынхаз Аҟәатәи ахыбрақәа
Ҳазҭоу ашықәс азы 165 шықәса ҵуеит ааглыхҩы, ауаҷар-ҟанҷааӡаҩ, амеценат Иоаким Алоизи диижьҭеи. XX-тәи ашәышықәса алагамҭазы Алоизи Аҟәа иргылоит иблахкыгоу ахыбрақәа, урҭ рҟынтә иахьазы акоуп еиқәханы инхаз, иара Аԥсны Аҳәынҭқарра аҭоурыхтә-культуратә ҭынхақәа ирхыԥхьаӡалоуп.
Аҟәа инхо ауааԥсыра зегьы, лымҳаҭасла акәзаргьы, Алоизи ижәла раҳахьеит, избан акәзар ақалақь аҿы игылоуп Алоизи ивилла, иара убас Алоизи итеатр згәалашәақәогьы ыҟоуп. Аха зегьы ирыздыруам Алоизи ихаҭа дазусҭаз, дахьынтәааз. Ааглыхҩы, аҟанҷааӡаҩ, раԥхьатәи агильдиа ауаҷар, амеценат Иоаким Михаил-иԥа Алоизи диит 1854 шықәсазы, ақалақь Киев. Иара Франциа датәылауаҩын, римтәи-акатоликатә уахәама дамҵаныҳәон. Алоизи ихаҭа иакәзар, дбырзенуп ҳәа ихы иԥхьаӡон, уи адагьы, XX-тәи ашәышықәса алагамҭазы Аҟәа иҟаз Аҟәатәи еллинтәи (абырзентәи) аилазаара алахәылас дыҟан.
1901 шықәсазы Иоаким Алоизи иҭаацәара – иԥшәмаԥҳәыс Нина Евсеи-иԥҳа Сулхановеи, иҷкәынцәа Михаили Гьаргьи иманы нхара ҳәа Аҟәаҟа даауеит. Раԥхьатәи аамҭақәа рзы, аҭаацәара рхатә ҩны рымамызт, аха хара имгакәа, ауаҷар Алоизи идҵала Аҟәа идыргыло иалагеит иблахкыгоу аҩнқәа. Зыӡбахә ҳамоу 1901 ашықәс азы Алоизи амшын аҟәараҿы иааихәоит адгьыл Михаиловтәи аԥшаҳәа (ҳаамҭазы – Амҳаџьырцәа рыԥшаҳәа – аред.) ҳәа иахьашьҭаз аҭыԥ аҟны. Уаҟа иргылахоит ахыбрақәа ҩба, урҭ рҟны иаадыртуеит – «зегьы иреиӷьу Жан ихцәыҟаҵарҭа», иара убас аресторан «Биржа». Анаҩс, 1911 шықәсазы ахцәыҟаҵарҭа азааигәара Алоизи иргылоит ҩ-еихагылак змаз ахаачысҟаҵарҭа «Голландиа». Урҭ ахыбрақәа ҳара ҳаамҭанӡа изеиқәымхеит: ахцәыҟаҵарҭеи аресторани рбган 1914 шықәсазы, асасааирҭа «Сан-Ремо» (ҳаамҭазы – асасааирҭа «Риҵа» – аред.) аргылараан. 60-шықәсқәа рзы ахаачысҟаҵарҭагьы рбган.
ХХ-тәи ашәышықәса алагамҭазтәи Аҟәа апанорама © Анзор Агәмаа иархив аҟнытә
Иазгәаҭатәуп, Аҟәа ахаҿра шьақәзыргылоз – еицырдыруаз, амал змаз ауааи, аинтеллигенциа ахаҭарнакцәеи араҟа идыргылоз аҩнқәеи, адачақәеи, авиллақәеи шракәыз.
«Раԥхьатәи ақалақь аргыларатә план хада асхема акыр ишыманшәаламызгьы (зынӡа иазхәыцмызт, иаҳҳәап, атранспорт зланеиааиша амҩақәа рысхема, ақалақь административтә центр уҳәа уб.егь.), ақалақь ахаҿра «еиқәдырхон» аргылаҩцәа, урҭ рыбжьара имаҷҩымызт Европатәи анырра змаз, абырзен-наплакыҩцәа, иара убасгьы аурыс интеллигенциа ахаҭарнакцәа (аҳақьымцәа, ажурналистцәа, адукатцәа, аруаа, атәылауаҩратә чынуаа). Ақьалақь аҟны идыргылон зеиԥш ыҟамыз амодерн астиль змаз авиллақәа, ахәаахәҭратә ҩнқәа».
Анзор Агәмаа, «Ажәытәтәи Аҟәа»
1901 шықәсазы ауаҷар Алоизи Аҟәатәи аокруг аиҳабы ихаҭыԥуаҩ, аполковник Де Симон иԥҳәысеиба лҿы 35 нызқь мааҭ ҳәа иааихәоит ҩ-еихагылак змаз аҩны. Ахыбра гылан амҩақәа Завадскаиеи Бариатинскаиеи (ҳаамҭазы – Гәлиа имҩеи, Шотландаа рымҩеи – аред.) ахьааиқәшәоз акәакь аҿы. Аҩны ргылан 1896 шықәсазы, иахьгылаз аҭыԥгьы даараӡа иманшәалан: хыхьынтәи ибзианы иубаратәы иҟан ақалақь ахаҭеи, Аҟәатәи аӷбакыдгыларҭеи. 1904 шықәсазы Алоизи аҩны аиҭашьақәыргылара идиҵоит усҟантәи аамҭақәа рзы еицырдыруаз архитектор – Александр Синицын.
«1900 шықәсазы Аҟәаҟа нхара ҳәа даауеит анџьныр-архитектор Александр Уасил-иԥа Синицын, Москватәи атехникатә аихамҩатә ҵараиурҭа аушьҭымҭа. Уи аамҭазы иара аус иухьан еиуеиԥшым ауездтә усбарҭақәа рҿы. Иаҳҳәап, Тамбовтәи агуберниа анапхгарахь иаҵанакуаз «Афирма Нобель Аиҩызареи», «Бақәатәи анефттә еилазаареи» рыҟны».
Гьаргь Баронин, истатиа «Агәалашәара аҳра ахьауа»
ашәҟәы «Аԥсны иқәнагалаз аурысцәа» аҟнытә
Александр Синицын ипроект ала имҩаԥгаз аҩны аиҭашьақәыргылара абзоурала, аполковник Де Симон иҩны – Алоизи ивилла алхын. Иблахкыгаз аҩны, еиуеиԥшым архитектуратә стильқәеи ахырхарҭақәеи зныԥшуаз: анеоготика аҷыдарақәа знубаалоз аромантикатә модерн, иара убасгьы мавритантәии, амцурыстәи астильқәа реклетикеи. Аҟәырӷқәеи, аԥенџьырқәа рхыргьагьақәеи, ибеиаз аҩычарақәеи, алымқәа зықәтәаз агәашьақәеи, ашҭаҿы игылаз аӡыршәқәеи, иара авилла ахьгылаз аҭыԥгьы, ҳәара аҭахума, ауаа рылаԥш аднархалон.
«Ахыбра иахагылаз аҟәырӷ азныказы ари аҩны – ауаажәларратә ргыларак акәушәа агәаанагара унаҭон, аха анаҩс еилукаауан, уҿаԥхьа игылоу аӡәы инхарҭа шакәу. Аҟәырӷ аҵаҟа иҟан ашҭахәаԥшырҭа. Ахыцԥшра змоу аԥенџьыр акылҳарҭақәа, мрагыларатәи астиль змоу ахыргьагьақәа, алакҭаҩ еиԥшу аҟәырӷқәа зықәгылаз аҟланқәа, аркатуратә маҟақәа, аԥстәқәа зныз арԥшьшьарақәа, архитектуратә ҳашҳакнаҳақәа уҳә, иааидкыланы ахан аԥшра змоу аргылара алакәтә цәаныррақәа узцәырнагоит. Иҭыхыз аԥстәқәа рсахьақәа рхатә ҵакык рымазар алшоит, иҟалап асакралтә ҵакы акәзаргьы. Убри зегьы – аладатәи аиҵәара еинчыла агәҭа».
Гьаргь Баронин, истатиа «Агәалашәара аҳра ахьауа»
ашәҟәы «Аԥсны иқәнагалаз аурысцәа» аҟнытә
Абраҟоуп иахьынхоз ауаҷар Алоизи иҭаацәареи иареи. Авилла азааигәара игылан амаҵуцәа рзы рацәак идумыз аҩны. Иԥшәмаԥҳәыс лаҳәшьцәа – Мариеи Дариеи Сулхановаа рзы – амалуаҩы ҩныцыԥхьаӡа иргылеит (ҳаамҭазы уи – Лашәриа имҩала игылоу аҩнқәа №6, №8 роуп – аред.). Иоаким Алоизи агәыҳалалратә усурагьы мҩаԥигон, ацхыраара зҭахыз ауаа адгылара риҭон. Убас, иара иԥарала ақалақь аҟны иргылан уахынлатәи аԥхьарҭа-ахкыдкыларҭа
Иблахкыгоу авилла змаз Алоизи иҿаԥхьа иқәиргылоит амбициа зцу ахықәкы: амшын аҿықәан ихатә театри асасааирҭеи рыргылара.
«1907 шықәсазы, Ольга лымҩеи Михаиловтәи аԥшаҳәеи реихасырҭаҿы аҟәатәи амалуаҩы, аҟанҷааӡаҩ Иоаким Михаил-иԥа Алоизи рыргылара далагоит абарҭ ахыбрақәа ркомплекс: асасааирҭа «Гранд-отель», Алоизи итеатр, акинотеатр «Олимпиа». Аргыларатә усурақәа мҩаԥысуан еицырдыруа тифлистәи архитектор-асахьаҭыхҩы, аҩычаҩ Саркисов инапхгарала. 1912 шықәсазы аусурақәа хыркәшан. Х-еихагылак змаз асасааирҭа «Гранд-отель» иаман акомфорт зцыз 35 номер, урҭ руак аҟны аангалара хәыс иақәын – мааҭки бжаки инаркны. Аргылара иаман абарҵақәа ааба, урҭ рҟынтә ҩба аԥшаҳәахьы ихан. Асасааирҭа иаман зхаҭабзиара ҳаракыз аресторан, автомашьынақәа ахьдыргылоз агараж, аказино, адәқьанқәа ҩба. 1925 шықәсазы асасааирҭа «Гранд—отель» ахьыӡ ԥсахын – «Курорт» ҳәа, анаҩс 1927 шықәсазы ахьыӡ еиҭаԥсахын «Бзыԥ» ҳәа.
Анзор Агәмаа, «Ажәытәтәи Аҟәа»
Алоизи итеатр гылан иахьазы Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр ахьгылоу аҭыԥ аҟныҵәҟьа. Атеатр иаман 670-ҩык рҭыԥ. Атеатр аҿаԥхьа абаҳча хәыҷы еиҿкаан, ароликқәа ирықәгыланы ауаа рылеиҩеиразы. Асасааирҭа «Гранд-отель», Алоизи итеатр, акинотеатр «Олимпиа» – Ольга лымҩеи Михаиловтәи аԥшаҳәеи (ҳамҭазы – Пушкин имҩеи, Амҳаџьырцәа рыԥшаҳәеи – аред.) реихысырҭаҿы игылаз еиԥшьу ргыларатә комплексны иҟан. 1921 шықәсазы Аԥсны Асовет мчра анышьақәгыла, Алоизи итеатр амуниципализациа азун, Аԥснытәи ААР раԥхьатәи Аҳәынҭқарратә театр ҳәа иҟаҵан.
Асаасаирҭа «Гранд-отель» аума, Алоизи итеатр аума раԥхьатәи рхаҿра иахьа уажәраанӡа изеиқәымхеит: 1949 шықәсазы иҟалаз абылра иқәнаблааит аҩбагьы. Урҭ аргыларақәа зеиԥшраз атәы ҳара иаҳдыруеит ажәытә фотосахьақәа рыла мацара. Абылра ашьҭахь, 1949-1952 шықәсқәа рзы аргылара еиҭашьақәыргылан, архитектуртә стильгы ишеибгоу иԥсахын. Асасааирҭа уажәшьҭазы иҟаӡамызт: ҿыц еиҭашьақәыргылаз атеатр иахәҭакын. Иахьазы уи Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр ауп.
Асовет мчра анышьақәгыла ашьҭахь, егьырҭ амалуаа реиԥш Алоизигьы имхын иԥарала иргылаз аҩнқәа, авиллақәа. Зыӡбахә ҳамоу Аҟәатәи авиллагьы уахь иналаҵаны: уи амуниципализациа азуны, ауаҭах рацәа змоу аҩны алырхуеит. Ауаҭахқәа руак аҟны инхон Алоизи иԥшәмаԥҳәыси иареи, урҭ уаҟа инхон Алоизи иԥсҭазаара далҵаанӡа (1925 ш.). Иара убасгьы, 1925 шықәса инаркны 1937 шықәсанӡа уаҟа дынхон еицырдыруаз ауаажәларратә усзуҩы, адраматург Самсон Ҷанба.
Идыру фактуп, Алоизи иԥацәа — Гьаргьи Михаили — Аҟәатәи ареалтә ҵариурҭа ианалга ашьҭахь Варшавтәи аполитехникатә институт ишҭалаз. Уаҳа дара Аҟәаҟа ихнымҳәӡеит. Хаҵеи ԥҳәыси рыԥсҭазаара ианалҵ ашьҭахьгьы, Нина Евсеи-иԥҳа лаҳәшьцәа – Дариеи, Мариеи, Еленеи акыраамҭа авиллаҿы инхоз ауаа ирыцынхон.
Иблахкыгоу Алоизи ивилла, 1992-1993 шықәсқәа рызтәи Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьраан ааха ӷәӷәа аиуит. Аргылара иацәынхазгьы аилаҳара иаҿын. Шықәсқәак ҵуеит, Алоизи ивилла хатә мазараны иҟалеижьҭеи, иахьазы уаҟа имҩаԥысуеит аиҭашьақәыргыларатә усурақәа. Амассатә информациатә хархәагақәа изларҳәо ала, ахыбра знапаҿы иҟоу ажәа ҳарҭоит, ари архитектуратә баҟа – авилла ақалақь архитектуратә баҟақәа рофициалтә реестр аҟны иарбоуп – аханатәтәи ахаҿра аманы еиҭашьақәыргылахоит ҳәа, Аҟәа ауааԥсыреи уи иаҭаауа асасцәеи уаанӡатәи аԥшӡаралеи аблахкыгаралеи иршанхо.

Атекст автор – Арифа Қапԥҳа, абильд-редактор - Наала Аҩӡԥҳа, аредактор Ольга Солдатенкова, аредактор хада – Амина Лазԥҳа