Амениу
11 Лаҵара 2024
11:47
Аҽҭаҩра

Адунеизегьтәи
аԥсуа-абаза
конгресс

Ҳара адунеи иқәынхо аԥсуааи абазақәеи реидкылара хықәкыс иҳамоуп

Лента событий ВААК

10.05.2024 20:40
Очамчыра, Аԥсны Аҳәынҭқарра
0
10.05.2024 19:41
Аҟәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра
0
09.05.2024 20:31
0
09.05.2024 19:50
Санкт-Петербург, Урыстәылатәи Афедерациа
0
07.05.2024 14:00
Аҟәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра

АААК Акәасқьа ақыҭан имҩаҧнагеит адиспансеризациа.

Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгресс Очамчыра араион Акәасқьа ақыҭан имҩаҧнагеит адиспансеризациа. Ишаҧу еиҧш, адиспансеризациа ҩ-етапк рыла ишьақәгылан: раҧхьатәи амш азы ахәыҷқәеи арҵаҩцәеи азеиҧш ҭҵаара амҩаҧгареи, ашьақар аҩаӡара агәаҭареи рзы ашьа рылырхит, аҩбатәи амш азы урҭ аҭҵаарақәа рылҵшәақәа анроу, ақыҭахь ирзымҩахыҵыз аҳақьымцәа рҿы агәаҭара иахысит.
Зеиҧшла адиспансеризациа рхы аладырхәит 100-ҩык инареиҳаны аҵаҩцәеи арҵаҩцәеи. Агәабзиаратә шьақәҟьарақәа здырбалаз хәыҷи-дуи зегьы инацҵаны ргәаҭаразы адәықәҵабӷьыц рырҭеит. 

Аҧсны ақыҭа школқәа рҿы адиспансеризациа амҩаҧгара - атәыла Агәабзиарахьчара аминистрра ацхыраарала Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгресс имҩаҧнаго проектуп.

0
02.05.2024 17:56
Очамчыра, Аԥсны Аҳәынҭқарра

Аџьеи ааҧыни рныҳәа: Кәтол ақыҭа имҩаҧысит аҽыбӷаҟазаратә еицлабра

Кәтол ақыҭа лаҵарамза 1 имҩаҧысит аҽырҩраамҭа аартреи аҽыбӷаҟазаратә еицлабреи.

https://abaza.org/abk/1159

0
02.05.2024 12:00
Аҟәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра

Афон Ҿыц имҩаҧысит амилаҭтә хәмаррақәа ирызку амастер-класс

Б.Д. Аҩӡба ихьӡ зху Афонҿыцтәи абжьаратә школ аҿы Аконгресс агәыҧ имҩаҧнагеит изаамҭанытәиу амилаҭ-баҩрҵәыратә хәмаррақәа рзы амастер-класс. Ашколхәыҷқәа ирзеиҭарҳәеит "Аимҵакьачара" аҧҟарақәа, хазы инаҵшьны иазгәарҭеит ари ахәмарра уи иеиҧшу егьырҭ аицлабрақәа ирылазмырҩашьо аҷыдарақәа. Атеориатә хәҭа ашьҭахь аҵаҩцәа ҩ-гәыҧкны рыҽшаны, раҧхьатәи аматч мҩаҧыргеит. 

"Аимҵакьачара" - ҳаамҭазтәи регби угәалазыршәо, гәыҧ-гәыҧла рыҽшаны ампыл иахьалахәмаруа аҧсуа милаҭтә хәмарроуп.
Аицлабра аҧҟарақәа инарықәыршәаны, агәыҧқәа реиҳабацәа амҿы иалху алабала иасуеит рацәак идуум, ауапцәа иалху ампыл. Убри аан рҽазыршәоит ампыл дара ргәыҧ иаҵанакуа рнапахьы анагара. Ампыл шьҭызхыз ахәмарҩы, имхра иашьҭоу егьырҭ аиндаҭлаҩцәа дрыцәцаны, излауала ирласны афиниш аҟынӡа днеироуп.

Амилаҭтә хәмаррақәа ирызку апроект аус ауеит 2022 шықәса инаркны. 
Ҳазҭоу ашықәс азы АААК иацнаҵеит Аҧсны ақыҭақәеи ақалақьқәеи рҿы амастер-классқәа рымҩаҧгара. Иреиӷьӡоу агәыҧқәа, аиааиҩы дахьалкаахо аицлабра аҽалархәра азин роуеит.

0
29.04.2024 13:18
Аҟәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра

Изхысу амҩа: АААК еиҿнакааит Аҧсны аҧшьаҭыҧқәа рахь аныҟәара

Апроект “Аимадара” аҳәаақәа ирҭагӡаны, аҭыҧантәи аҟәшақәа аус рыцуразы АААК аҟәша еиҿнакааит изаамҭанытәиу аекскурсиатә мшы. Уажәазы аныҟәара еиҿкаан Мгәыӡырхәатәи абжьаратә школ аҵаҩцәа рзы. Аекскурсантцәа рхаҭа иҟарҵаз аҳәарала урҭ рымҩа ылган Аҧсны мрагыларатәи ахәҭаҿы иҟоу аҧшьаҭыҧқәа рахь: Драндатәи аныхабаа, Мықәтәи аиашахаҵаратә ныхабаа, Елыртәи ауахәама. Уи инацҵаны, ашколхәыҷқәа Оҭаҧ иҟоу Абраскьыл иҳаҧы иаҭааит. Аныҟәараҿы изҭаауаз аҭыҧқәа дрыхцәажәон Мгәыӡырхәатәи ашкол аҿы аҭоурых арҵаҩы Саида Гәынҧҳа. Аекскурсантцәа реиҳараҩык рзы арҭ аҭыҧқәа ҿыцбарахеит. Ашколхәыҷқәа рзы ари амш хҭысла ибеиан, аинтерес аҵан. Амҩа шыуадаҩзгьы, ашколхәыҷқәа уи хдыркәшеит ашәақәеи акәашарақәеи рыла.

0
Иҵегь аҭагалара