АААК аинфопортал иацнаҵоит адунеи еиуеиԥшым акәакьқәа рҿы инхо ҳџьынџьуаа рҭоурыхқәа реиҭаҳәара. Иахьатәи ҳажәабжь лызкуп Египет инхо ҳаҳәшьа, уаҟа Аԥстәқәа рзинқәа рыхьчаразы ахеилак аԥызҵаз, уи ахадасгьы иҟоу Амина Абаза.

Саид Барганџьиа

Египет Аԥстәқәа рзинқәа рыхьчаразы ахеилак S.P.A.R.E. аԥызҵаз, иагьахагылоу Амина Абаза шьҭрала даԥсыуоуп, диит иагьлызҳаит Каир ақалақь аҟны. Иахьа 64 шықәса лхыҵуеит, лыԥсҭазаара аиҳарак аԥстәқәа рыхьчара иазылкит. Уи адагьы лара аус луан Египеттәи арадиои ателехәаԥшреи рҟны, афранцыз бызшәаҟынтә еиҭагаҩ хадас дыҟан. Лара лабгьы апублицистика дадҳәалан. Амина Абаза ишеиҭалҳәо ала, «иара даара дгәымшәан», аполитикцәа акритика ӷәӷәа рзиуан, ирҳәо иашам ҳәа ианиԥхьаӡоз.

«Зынӡа шәарак имамкәа, ажәа цҳафырла астатиақәа иҩуан. Саб иӡбахә аҳәара салагар, даара акыраамҭа садхалон, убас иуҳәаша рацәоуп», – лҳәеит Амина.

«Ҳара-ҳара ҳаиԥшуп – шәаргьы ҳшәеиԥшуп»

Египет инхо аԥсуааи абазақәеи зегьы шьҭрак еиднакылоит, официаллагьы ирхуп ажәла Абаза. Амина Абаза иазгәалҭоит, Египеттәи Абаза ҭаацәара даара аибабара рыбжьоуп ҳәа, иахьынӡауа лассы-лассы еиқәшәоит, еснагь еимадоуп, еидҳәалоуп.

«Ҳара зегь шамахамзар ҳаиԥшуп: ҳауқәоуп, ҳаԥшӡақәоуп, ҳцәа цқьоуп, ҳԥагьоуп. Шәара ҳахьшәеиԥшу рацәоуп. Ҳаиҳараҩык – агәымшәара злоу уаауп, аицхыраара, аивагылара ҳамоуп», – ҳәа еиҭалҳәоит Амина лгәы зладуу «аҭаацәа» рыӡбахә ҳәауа, даҽазныкгьы иазгәалҭоит: «Ҳара даара ҳԥагьақәоуп. Аӡәы иакәым ала дҳахцәажәар ҟалома, ҳапату ҳаракӡаны иаҳкуп».

Џьара ҭыԥк аҿы Абазаа аус руеит ҳәа ауаа ианраҳалак, хымԥада ирдыруеит урҭ зегь ламысцқьала зус иазыҟоу, зыгәра угаша усзуҩцәаны ишыҟоу.

«Абаза жәла рхаҭарнакцәа изҿу аус аҿы ирылшо зегь ҟарҵоит, рыжәла рмырԥхашьарц азы. Ҳара ҳхаҿреи ҳатрадициақәеи еицакрада еиқәҳархарц ҳҭахуп», – ҳәа ҳалҳәоит ҳџьынџьуаҩ.

Амина гәахәарала еиҭалҳәоит Египет инхо Абазаа рҭаацәара традициақәас иныҟәырго атәы. Ҳәарада, ирацәагәышьоуп аҭоурых иаманы ицазгьы, аха аиҳабыратә абиԥара ибзианы иргәалашәо ақьабзқәа ыҟоуп.

«Сара сан исзеиҭалҳәон: ҳауацәа рахьтә аӡәы алԥсаа даниоуаз, ҩынҩажәа мшы аҭаацәа зегьы (Абаза ҭаацәа, адиаспора ахаҭарнакцәа – аред.) уа иҟан, доусы илшо ала дыцхыраауан. Уажә усқәа ыҟаӡам, зегьы рхатә ԥсҭазаарақәа рымоуп, есыҽны ҳаибабоит сҳәар шәысжьоит, аха зегь акоуп, ачарақәа раан, ма аӡәы агәаҟра дақәшәар – ҳаизоит, ҳаибабоит. Ацәгьа-абзиа ҳаиднакылоит. Уи адагьы, доусы ҳажәла иатәу аҩызцәа ҳамоуп. Аӡәы ацхыраара иҭахны даныҟоу – ҳара зегь аӡәк иеиԥш ҳивагылоит. Абазак ацхыраара иҭаххар – Абазақәа зегь ивагылоит», – ҳәа азгәалҭеит Амина Абаза.

Аԥстәқәа реиқәырхара лыԥсҭазаара ззылкыз уск аҳасабала

Иахьазы Амина Абаза лхаҭа ишылҳәо еиԥш, ус хаданы илымоу, лгәы-лыԥсы зыҿҳәароугьы – аԥстәқәа рыхьчароуп.

Абри аочерк анаҳаҩуаз аамҭазы лареи лдукатцәеи аус руан Египет аминистрцәа хҩык – ақыҭанхамҩеи, иааҳакәыршоу аԥсабареи, атуризми рминистрцәа рыхьӡала аӡбарҭа иалалҵаз азыҳәа аганахьала.

«Абра Египет имҩаԥысуа ахҭысқәа даара сгәы сдырхьуеит (аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рҟынтә аԥстәқәа цхыраарак, хьчарак ахьрымам азеиԥш ҭагылазаашьоуп зыӡбахә лымоу – аред.). Аџьбарареи ақәымчреи баны саанхом, еиҳаракгьы зымч мхо рганахь ианырхоу.

Ҳазлацәажәо аҭагылазаашьаҿы аԥстәқәа роуп зымч мхо, иуашәшәыроу», – лҳәоит ахеилак ахада.

Амина дхәыҷаахыс аԥстәқәеи аԥсаатәқәеи лгәы рзыбылуеит. Дыӡӷаб хәыҷны адәы данықәызгьы, икадыршәыз, ма хылаԥшра змам ԥстәык лбар дзавсуамызт.

«Бзиа избон рахәмарра, крырҿаҵара. Еснагь сгәы иадыруан, мышкызны сандухалак ирыхәаша ак шыҟасҵо. Ҽнак зны ақалақьтә маҵзурақәа сара исышьцыланы иҟаз ала ршьит. Уи сара акраҿасҵон, садыруан, ашкол аҟынтә еснагь саара иазыԥшын, шьыжьлагьы автобус сақәтәаанӡа исыдгылан иаасыцрымшәо... Ауха ахысбжьы саҳаит, сла аҵәаабжьы уажәыгьы слымҳа иҭыҩуеит. Уи ахәы шкәакәан, хьӡысгьы иаман La Plus Belle

de la Terre (Адунеиаҿ зегь реиҳа иԥшӡоу – аред.). Усҟан сара схәыҷцәан, аҭагылазаашьа аԥсахразы исылшоз ҳәа егьыҟамызт. Аха убасҟан схы ажәа асҭеит, сандухалак аԥстәқәа сышрыцхраало ҳәа», – илгәалалыршәоит Амина Абаза.

Египет иҟоу аԥстәқәа рыхьчаразы ахеилак S.P.A.R.E. лыԥшәмеи лареи иаԥырҵеит 2001 шықәсазы.

«Египет аԥстәқәа зҭагылоу аԥсҭазаашьа цәгьа даара сгәы канажьуан. Исылшоз еиқәсырхон, ус-ус ҳашнеиуаз сыҩны зоопаркхеит. Аха иара уигьы маҷын. Убасҟан сыԥшәма Рауф Мишрики исабжьигеит аҵәыуара ахаҭыԥан аус ишахәҭоу еиԥш напы асыркырц. Убас сеиҳәеит: «Ак ҟабҵарц бҭахызар, ишахәҭоу еиԥш иҟаҵа» ҳәа», – ацылҵоит лара.

Амина Абаза ԥхьаҟатәи лыгәҭакқәа реиҳарак аԥстәқәа реиқәырхара иадҳәалоуп. Абри аус ауп лыԥсҭазаараҿы ихадароу ҳәа илԥхьаӡогьы.

«Аԥстәқәа рыхьчара – зегьы иреиҳау сгәазыҳәароуп, ԥхьаҟагьы схы ахьызбо усуп, аҵыхәтәантәи сымшқәа рҟынӡа уи иацысҵаларц азыҳәан исылшо зегь ҟасҵоит», – ҳәа ҿыӷәӷәала илҳәоит Амина Абаза, иагьацылҵоит: «Ԥстәык анысзеиқәырхалак насыԥ ду сыманы схы збоит, аха иара убри аамҭазы зеиқәырхара сылымшо зқьыла егьырҭ аԥстәқәа санрызхәыцуа, сылахь ааиқәылоит. Иахьа уажәраанӡагьы убри сгәы снархьуеит».

Аԥсадгьыл азхәыцра

Амина ахаангьы Аԥсны дмааӡацт, аха лҭоурыхтә ԥсадгьыл дамадоуп асоциалтә ҳақәа Twitter, Facebook рыла.

«Ҳара ҳаиқәшәалароуп, ҳаиҿцаалароуп, еиҳа ибзианы ҳаибадырырц, насгьы еилаҳкаарц – [иахьатәи] аԥсуааи ҳареи (Египет инхо Абазаа рҭаацәара – аред.) еицаҳзеиԥшу атрадициақәеи, аҟазшьеи, агьамеи ахьынӡаҳамоу. Ари даара аинтерес аҵоуп. Сара ахаангьы сыԥсадгьыл лабҿаба исымбаӡацт, аха издыруеит иштәыла ԥшӡоу, ауаа дуқәеи аибашьцәа гәымшәақәеи шариуа», – лҳәеит лара.

Амина Абаза агәра ганы дыҟоуп убасгьы, адунеи иаланхо аԥсуа-абаза диаспора ахаҭарнакцәа зегьы ҳмилаҭ аидкылара иацхраалароуп ҳәа.

«Ҳара зегь убри ҳҽазаҳшәалароуп, убри иккаӡа иаҳнарбоит шьаҭак шҳамоу, ҟазшьак шҳамоу, зегь рыла ҳшеиԥшу, ҳахьыҟазаалакгьы ҳхымҩаԥгашьала ҳшудыруа. Убри ҳагәгьы иахәоит даара. Аибабара аҭахуп, убри аҟнытә аҭаарақәагьы даара акыр рыҵаркуеит. Ҳара шәара шәахь ҳнеир ҟалоит, шәара – ҳара ҳахь шәымҩахыҵлоит. Есышықәса хҩы-ԥшьҩы ауаа убас еиҭанеиааиуа иаҳзыҟаҵар, алҵшәа бзиақәа ҳмоур залшом», – ҳәа лажәа далгеит Амина Абаза.

2019 шықәсазы Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс аделегациа жәларбжьаратәи аусура аҳәаақәа ирҭагӡаны маҵураныҟәарала Египет иаҭааит. Аконгресс алахәцәа уа рыҟазаара иалагӡаны акрызҵазкуаз аиԥыларақәа жәпакы мҩаԥыргеит, Египет инхо Абаза ҭаацәара рхаҭарнакцәа аус рыцуразы аиқәшаҳаҭрақәа ирзааит, аӡәырҩи дареи аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа рыбжьалахьеит.