Арҭ амшқәа рзы имҩаԥысуа Аконгресс аделегациа Мраҭашәаратәи Европаҟа рмаҵураныҟәара иалагӡаны Бельгиа иаартуп АААК арегионалтә ҟәша ҿыц.

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс арегионалтә ҟәша аԥҵоуп Бельгиатәи Акралраҿы ԥхынҷкәын 13 рзы, АААК Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь инапынҵа инақәыршәаны, Аконгресс аделегациа Мраҭашәаратәи Европа атәылақәа маҵураныҟәарала раҭаара аҳәаақәа ирҭагӡаны. Аделегациа иалахәуп АААК ауснагӡаратә маӡаныҟәгаҩ Инар Гыцба, Иреиҳаӡоу ахеилак алахәыла Виачеслав Чрыгба, иара убас Аинформациатә портал анапхгаҩы Амина Лазԥҳа.

Ҳауаажәлар рхаҭарнакцәа ахьынхо Европатәи атәылақәа раҭаара хықәкы хадас иамоу иреиуоуп уаҟа АААК арегионалтә ҟәшақәа раԥҵара ҳәа адырра ҟаиҵеит АААК ИА алахәыла Виачеслав Чрыгба.

«Мраҭашәаратәи Европа арегионалтә ҟәшақәа раартра – [иахьазы] Аконгресс аусура ихадароу ахырхарҭақәа ируакуп. Бельгиа иҟоу ҳдиаспора уи аҟара ирацәамзаргьы, иаҳҳәап Голландиа, ма еиҳаракгьы Германиа ишыҟоу еиԥш, аԥсуа ҭаацәарақәа нхоит Бриуссель, Гента, Антверпен уҳәа егьырҭ аҭыԥқәа рҟынгьы. Урҭ реидкылара ҳҿаԥхьа ишьҭоуп, анаҩс Аконгресс аусура иалаҳархәроуп», – иҳәеит Чрыгба.

АААК Иреиҳаӡоу ахеилак алахәыла иазгәеиҭеит ари арегион аҟны Аконгресс аусура хырхарҭа хадақәас иалкаау.

«Рԥхьаӡа инаргыланы, Бельгиа инхо аԥсуааи абазақәеи реидкылароуп, анаҩс урҭ рыҩнуҵҟатәи реимадарақәа рырӷәӷәара, аамҭа-аамҭала еиԥмырҟьаӡакәа еиқәшәаларц, еибабаларц, ахәылԥазқәа мҩаԥыргаларц. Иҩбахаз, рҭоурыхтә ԥсадгьыли дареи реимадарагьы арӷәӷәароуп. Аҵыхәтәан, Аконгресс ацхыраара ҟанаҵар алшоит адиаспора ахаҭарнакцәа ихацдыркуа, ахатәы бызшәеи акультуреи ирызку еиуеиԥшым акультуратә, аҵаратә проектқәа рынагӡараҿы», – иҳәеит Чрыгба.

Бельгиа иаԥҵаз Арегионалтә ҟәша анапхгаҩыс дҟалеит еицырдыруа аԥсуа поет, ауаажәлара-политикатә усзуҩы, 15 шықәса инареиҳаны аԥсуа-абаза милаҭ Жәларбжьаратәи рассоциациа амаӡаныҟәгаҩ хадас иҟаз Геннади Аламиа иҷкәын Даур Ламиа.

Даур Ламиа жәашықәса инареиҳауп Мраҭашәаратәи Европа дынхоижьҭеи: Австриа, Голландиа, Бельгиа.

«Бельгиа АААК арегионалтә ҟәша аартра, ҳәара аҭахума, араҟа инхо ҳауаажәлар зегьы рзы хҭыс бзиоуп. Бельгиа Европа агәҭа иҟоу тәылоуп, Евроеидгыла иаҳҭнықалақьуп уҳәар ауеит, уи акраҵанакуеит аполитика аганахьалагьы. Бриуссель ауп иахьыҟоу зегь реиҳа ихадароу Евроеидгыла аусбарҭақәа – Европатәи апарламент, Евроеидгыла аштаб-квартира, Бенилиукс атәылақәа рмаӡаныҟәгарҭа», – иҳәеит ҿыц иалхыз Аконгресс арегионалтә ҟәша ахантәаҩы.

Иара излаиԥхьаӡо ала, Бельгиатәи Акралраҿы АААК ахаҭарнакра аҟазаара цхыраагӡа бзиахоитАԥсныи, аԥсуа жәлари, урҭ ркультуреи рыӡбахә еиҳаны изаҳарц зҭаху ганрацәала аҽрымадаразы.

«Сара сгәанала, Мраҭашәаратәи Европа, хаҭалагьы Бельгиа иҟоу ҳауаажәлар аҽрымадара иабзоураны акультуратә хырхарҭа змоу апроектқәа рыдагьы аҵареи, аԥсшьареи, акоммерциеи ирыдҳәалоу апроектқәа рыҿиарагьы ԥхьаҟа ицоит», – ҳәа азгәеиҭеит Ламиа.

Бельгиа иҟоу АААК арегионалтә ҟәша анапхгаҩы иаҭара далацәажәо Виачеслав Чрыгба иазгәеиҭеит Даур иаб шиакәыз Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс ашьаҭа зкуаз, уажәшьҭа уи аус иациҵоит иԥа. Ари аҩыза абиԥарақәа реимдара уеигәырӷьартә иҟоуп ҳәа иԥхьаӡоит Чрыгба.

«Сара уаанӡагьы Даур иӡбахә саҳахьан. Иҳәатәуп, лабҿабатәи ҳаиқәшәара исаҳахьаз ирҽхәаԥхьыӡ зегьы шаршаҳаҭыз. Аҵара бзиаӡа змоу арԥыс, зхатәы бызшәала ицқьаны ицәажәо, атәым бызшәақәагьы здыруа, аменеџьер ҟаза – абарҭқәа зегьы ихымԥадатәу ҟазшьақәоуп Бельгиа иҟоу АААК арегионалтә ҟәша анапхгаҩы иаҳасабала ԥхьаҟатәи иусураҿы. Ҳтәылазы акрызҵазкуа абри аус аҿы гәыкала ақәҿиарақәа изеиӷьысшьоит!» – иҳәеит АААК аделегациа алахәыла.

Бриуссель ҳџьынџьуаа реиԥыларахь дааит 1992 шықәса, жьҭаарамзазы имҩаԥысыз аԥсуа-абаза жәлар I-тәи Реизара ду иалахәыз Озқан Ҭарба. Мышқәак раԥхьа иара даҭааит иара убас Роттердам имҩаԥысыз голландиатәи ҳџьынџьуаа рԥыларагьы. Озқан Ҭарба – ҭоурыхла аԥсуаа ахьықәынхоз Гәбаадәы иқәҵыз аҳҷыԥсаа дырхылҵшьҭроуп. Егьырҭ ҳашьцәа реиԥш иаргьы аԥсуа жәлари, ҳкультуреи, ҳҵасқәеи реиқәырхара азҵаара игәы иҵхоит.

Иара игәаанагарала, аԥсуаа рмилаҭтә ҵасқәа иахьанӡа еиқәзырхаз ажәлар ирхаҭарнакцәоу аҭаацәарақәа рыԥсҭазаараҿы изыниоз игәырӷьахәызи ирыцҳарази ахҭысқәа роуп.

«Сара сгәы излаанаго ала, ҳатрадициақәа реиқәхара зыбзоуроу ҳчарақәеи ҳаԥсрақәеи роуп – ара Европа акәыз, Аԥсны акәыз. Ҭырқәтәыла акәзар, ачаратә традициақәа еиҳагьы рхаҿра еиқәхеит, аԥсрақәа ирыдҳәалоу аҵасқәа раасҭа, урҭ аҵыхәтәантәиқәа амсылман нырра ахьышьҭыркааз рацәоуп, Аԥсны уи аҩыза ҟамлаӡеит. Ацәгьеи абзиеи роуп шәышықәсала ажәлар ахьынхозаалакгьы еидызкыло. Абас еиԥш иҟоу аилагыларақәа роуп ҳкультура иузаҟәымҭхо ахәҭа – абызшәа – аиқәырхараҿы иҳацхраауа», - ҳәа иԥхьаӡоит Ҭарба.

Иара иааркьаҿны иҭоурых еиҭеиҳәеит: диит Ҭырқәтәыла, 40 шықәса инареиҳауп Мраҭашәаратәи Европахь нхара ҳәа диасиижьҭеи, раԥхьаӡа акәны Аԥсны данаҭаа, иуаҩыбжара дахысхьан, уи нахысгьы лассы-лассы иԥсадгьыл даҭаауеит.

«Ҳабызшәала сахьцәажәо, ҳқьабызқәа ахьныҟәызго аҟны сара исыбзоуроу ҳәа акгьы ыҟаӡам, уи зегьы зылшамҭоу сани саби, сандуцәеи сабдуцәеи роуп. Ҳара ҳаԥсуара иалоуп убри амч – абиԥарала имырӡкәа иааргоз, убри аҟнытә ҳаргьы иахьа аҿар ираҳҭо ауп уаҵәы иаҳзеиқәырхо», - ҳәа азгәеиҭеит иара.

Актәи аԥсуа-абаза жәлар Реизара ду иалахәыз иаҳасабала, Озқан Ҭарба гәахәарала иҳацеиҩишеит Аконгресс анаԥҵаз амш иадҳәалоу игәалашәарақәа.

«Сара ибзианы исгәалашәоит аибашьра аамҭазы Аконгресс шаԥаҳҵаз. Сара уи аҽны, жьҭаара 8, 1992 шықәсазы Лыхны ақыҭан сыҟан. Ҳара зынӡа даҽа доуҳамчк, даҽа гәалаҟарак ҳаман, ахеиқәырхара, ажәлар реиқәырхара аидеиа аӡәыкны ҳаиднакылеит, ахақәиҭразы аԥсра ҳазыхиан. Иреиӷьқәаз ҳхаҭарнакцәа мчыла еиҟарамыз аибашьраҿы абри ахақәиҭра рхы ақәырҵеит, ҳара иаҳуалу убри ахьчароуп», - иҳәеит Ҭарба.

Бельгиатәи аиԥылара иалахәыз Алааддин Кәпалба 40 шықәса инареиҳаны Амстердам дынхоит. Иаргьы Озқан Ҭарба еиԥш Аконгресс Роттердам имҩаԥнагаз адиаспора рԥыларагьы даҭааит.

«Сара даараӡа сеигәырӷьоит Аԥснынтәи иааз ҳџьынџьуаа абра Европа иахьызбо. Ҳара ҳзы ари гәахәара дууп. Даара ҳақәгәыӷуеит Аконгресс агәҭакқәа зегьы қәҿиарала инаӡап ҳәа. Ари зегьы еицаҳзеиԥшу усуп, зегь ҳзы ихәарҭоуп, Аԥсны ҳаҟоума, уи анҭыҵ ҳаҟоума. Зегь реиҳа ихадароу – Аконгресс аҿарацәа реимадара иахьацхраауа ауп, избан акәзар аҿар рабиԥара рнапаҿоуп ҳԥеиԥш ахьыҟоу. Адунеи ахьынӡанаӡааӡо аҿарацәа шаҟаҩы аимадара рыбжьало аҟара ахеиқәырхаразы ҳшансқәа еиҳахоит», - ҳәа иԥхьаӡзоит иара.

Мраҭашәаратәи Европа инхо ҳџьынџьуаа рԥыларақәеи уаҟа арегионалтә ҟәшақәа раартрақәеи мҩаԥысуеит АААК 2019-шықәсазтәи жәларбжьаратәи аусуратә план инақәыршәаны. Бельгиатәи Акралраҿы иаартыз АААК арегионалтә ҟәша ҿыц Европа ахԥатәихеит, Британиа Дуи Голландиеи иаартқәаз раамышьҭахь.