Шьамтәылатәи ар реинрал-маиор, иналукааша ауаажәларратә, аполитикатә усзуҩ Уалид Маршьан ибаҟа аадыртит Аҟәа.

Саид Барганџьиа

Аԥсуа-абаза жәлар иналукааша рхаҭарнак, шьамтәылатәи ар реинрал Уалид Маршьан ибаҟа аадыртит Аԥсны Арепатриациазы аминистрра ашҭаҿы аԥшьаша, ажьырныҳәа 24 рзы.  Абаҟа авторс дамоуп аскульптор Витали Џьениа. 

Абаҟа аартра ацеремониа далахәын Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба. Аусмҩаԥгатә иаҭааз ажәлар рҿаԥхьа дықәгыланы иара иазгәеиҭеит аинрал Маршьан ихьӡ хашҭра шақәым, насгьы абаҟа аартра Аԥсны аҭоурых аҿы акрызҵазкуа хҭысны ишыҟоу.

"Ҳажәлар ргәалашәараҿы аинрал Уалид Маршьан даанхоит еснагь зыԥсадгьыл Аԥсны алахьынҵа иазхәыцуаз, уи ахақәиҭреи ахьыԥшымреи ирзықәԥоз ҵеи наганы, патриот дуны. Иара еснагь аиаша дадгылан", - иҳәеит атәыла ахада иажәа иалаҵаны.

Рауль Ҳаџьымба иажәақәа рыла, Уалид Маршьан иԥсҭазаара аҵыхәтәантәи ашықәсқәа азкын Шьамтәыла ҳәынҭқаррак аҳасабала иҵызшәаауаз жәларбжьаратәи атерроризм аҿагылара. Шьамтәылатәи Арабтә республика ашәарҭа ианҭагылоз, аинрал хьаҳәхьачарада агрессорцәа раҿаԥҽра иҽазикуан ҳәа азгәеиҭеит Аԥсны ахада. Иара лымкаала иазгәеиҭеит аинрал Маршьан илагала шдуу Шьамтәылеи Аԥсныи реизыҟазаашьақәа рыҿиараҿы, Шьамтәыла Аԥсны азхаҵара аганахьала иҟанаҵаз ашьаҿа аихгараҿы.

Шьамтәылатәи аинрал игәымшәареи ифырхаҵареи ртәы иҳәеит арепатриациазы аминистр Беслан Дбаргьы.

"Апатриот иаша, Шьамтәыла аинрал-маиор, аԥсуа жәлар рҵеи лаша, жәларбжьаратәи атерроризм иаҿагыланы ақәԥараҿы аџьабаа ду збаз Уалид Маршьан, ҳтәыла ахьыԥшымра азхаҵара акырӡа иацхрааз Шьамтәыла иҟоу аԥсуа-черқьес диаспора иналукааша рхаҭарнакуп", - ҳәа азгәеиҭеит аминистр.

Шьамтәылатәи Арабтә республика ар реинрал-маиор Уалид Маршьан диит 1948 шықәсазы Аль-Кунеитра ақалақь аҿы. Шьамтәыла иҟоу аԥсуа диаспораҿы еснагь активра ду аазырԥшуаз Уалид Маршьан иҟаиҵаз маҷым аԥсуа жәлари ашьам жәлари реизааигәатәразы. Маршьан изныкымкәа Аԥсныҟа даахьан.

Шьамтәыла еиуеиԥшым амаҵура ҳаракқәа дырхагылан. 2005 шықәса алагамҭазы ԥхьатәара дцеит, аха 2011 шықәсазы Шьамтәыла аибашьра ианалага хатәгәаԥхарала жәлар рхамҭаратә отриад аԥиҵеит, уи иахьа уажәраанӡагьы еиқәханы иҟоуп. 2013 шықәсазы Уалид Маршьан дахагылеит Башар Асад ипартиа - Аль-Кунеитра ақалақь аҟны арабтә социалисттә еиҭеира апартиа. Абри амаҵураҿы иара инаҩс дгылеит иԥеиҳабы Ҳалиҭ. 2017 шықәса жьҭаара 14 рзы Уалид Маршьан иԥсҭазаара далҵит 69 шықәса дшырҭагылаз, акыраамҭа ицәа иалаз ачымазара ӷәӷәа иахҟьаны.