Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҿы Аиааира амш 74 шықәса ахыҵра азгәарҭеит Аԥсны аҳҭнықалақь аҟны, ашьыжь Идырым асолдаҭ ибаҟа аҿаԥхьа ашәҭшьыҵәрақәа шьҭаҵан, иара убас арратә паради, «Ԥсра зқәым архәҭа» захьӡу акциеи мҩаԥыргеит.

Саид Барганџьиа

Маи 9 рзы Аԥсны иазгәарҭеит XX-тәи ашәышықәсазы реиҳа ишьаарҵәыраз Аџьынџьтәылатә Еибашьра Ду (1041-1945шш.) аҿы игаз Аиааира амш. Атәыла араионқәа зегьы рҿы имҩаԥысит аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа, реиҳа мҽхакы ҭбаала аныҳәа азгәаҭан Аҟәа.

Шьыжьы инаркны Идырым асолдаҭ ибаҟа аҿаԥхьа ауаа рацәа еизо иалагеит, ари аибашьраҿы иҭахаз ргәаладыршәарц азы. Абаҟа аҿаԥхьа ашәҭшьҭаҵара ацеремониа иалагеит асааҭ 11 рзы. Ашәҭшьҭаҵара рхы аладырхәит атәыла ахада, аиҳабыра, ашколхәыҷқәа, астудентцәа, ақалақь ауааԥсыреи, Аԥсны иаҭааны иҟоу асасцәеи.

Абри ахҭыс иазку афотолента ахәаԥшра>>

Анаҩс Диоскураа рыԥшаҳәаҿы Арратә парад мҩаԥысит. Сынтәа уи иалахәын 400-ҩык рҟынӡа аруаа, дара зегьы 11 колонна рыла рыҽшаны аԥшаҳәа иқәсит.

Ари аныҳәа иҷыдоу аҵакы амоуп аибашьра аветеранцәа рзы. 2019-тәи Аиааира амш зыԥсы ҭаны иаԥылаз Аҟәатәи аветеранцәа ааҩык заҵәык роуп.

Аныҳәа иалахәыз аветеран Валентина Шульгина аибашьра аналага ҩажәа шықәса ракәын илхыҵуаз. Берлинынӡа днаӡеит, Аиааира даԥылеит амедицинатә маҵзура алеитенант еиҳабы ҳәа ахьӡ лыманы. Иахьа 96 шықәса дшырҭагылоугьы, Валентина Шульгина есышықәса абри аҽны Идырым асолдаҭ ибаҟахьы дааиуеит, иҭахаз аибашьцәа ргәалашәара аҳаҭыразы. Лара даараӡа ибзианы илгәалашәоит аибашьра ашықәсқәа, аҩызцәа шлырҳауаз, нас ишылцәыӡуаз…

«Сара сзы аибашьра алагеит Сталинград. Уи ҳара ианаҳга, ҳамҩа ԥхьаҟа иацаҳҵеит: Курсктәи-орловтәи архәа, Варшава, Вена, Прага, нас – Берлин», – ҳәа еиҭалҳәеит аибашьра ду аветеран.

Аибашьра анынҵәа аамышьҭахь Валентина Шульгина Иапониаҟа дцаны лмаҵура иацылҵеит, 1953 шықәсазоуп адемобилизациа анлоу, нас Аԥсныҟа нхара диасит.

«Схаҵеи сареи арахь нхара ҳәа ҳааит, иара аибашьраан амшынҵауаҩс дыҟан. Ара аҩны ҳаргылеит, ҳаԥсҭазаара зегь абра имҩасит», – ҳәа ацылҵеит лара.

Аџьынџьтәылатә Еибашьра Ду аҿы иҭахаз ргәаладыршәарц абаҟахьы иааит Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс ахаҭарнакцәагьы.

«Ари Аиааира Ду иаҵоу «акод» араҟа Аԥсны, адунеи зегь аҟнеиԥш еиуеиԥшым абиԥарақәеи, амилаҭқәеи аӡәыкны еиднакылоит. Ҳара ҳзы арахь ааира – аныҳәа азгәаҭара алахәра мацара акәӡам иаанаго, доусы иаҳуалԥшьаны иҳаԥхьаӡоит – иҭахаз рхамшҭра, иаҳзааргаз аиааиразы иҭабуп аҳәара», – лҳәеит АААК иатәу Аҳәса рхеилак анапхгаҩы Гета Арӡынԥҳа.

Аиааира амш азгәаҭара иацҵан уажәшьҭа итрадициатәхаз акциа «Ԥсра зқәым архәҭа» ала. Иҳаҩсыз ашықәсқәа рзеиԥш сынтәагьы ари акциа ауаа рацәа еизнагеит, доусы ранапаҿы иркын аибашьра иалахәыз рыуацәа рфотосахьақәа – шьоукы ҭахеит, егьырҭ хабарда ибжьаӡит, шьоукы афронт ахьтә ихынҳәит, аха иахьазы рыдунеи рыԥсаххьеит. Ирацәаҩын зхәыҷқәа зманы ари акциа иалахәыз, избан акәзар ихлымӡаахыз аибашьра афырхацәа ргәалашәара иеизҳауа абиԥара ирымдазарц ахәҭоуп.

«Аибашьра Ду аан саб иашьцәа гәакьақәа ҩыџьа афронт ахь ицеит, аҩыџьагьы ҭахеит. Қьаазыми Мықьҭаҭи Гәлиаа. Иахьа схәыҷқәеи сареи урҭ рфотосахьақәа ҳаманы аԥшаҳәа ҳанысит», – ҳәа еиҭалҳеит акциа зхы алазырхәыз Виолетта Гәлиаԥҳа.

Аиааира амш аҽны Идырым асолдаҭ ибаҟа азааигәара асолдаҭ чыс дырхион, изҭаху зегь неины арратә хәы агьамабара рылшон: ақашьи ачаи џьбареи.

Аиааира Ду амш – маи 9 есышықәса иазгәарҭоит Урыстәылеи, ԥыхьатәи Асовет Еидгыла атәылақәеи рҿы адагьы, адунеи еиуеиԥшым атәылақәеи ақалақьқәеи рҟны. Аџьынџьтәылатә Еибашьра Ду аан Аԥснынтәи афронт ахь ицеит 55 нызқьҩык инареиҳаны ауааԥсыра, урҭ рҟынтә 15 500-ҩык милаҭла иаԥсыуаан. Афронт аҿы еибашьуан иара убас х-нызқьҩык инареиҳаны ашәуаа.