13317

АААК аинфопортал шәахәаԥшырц ишәыднагалоит ҳазҭоу амзазы ақәа анлеиуаз амшқәа раан Аҟәа иҭыхыз афотосахьақәа. 

Сынтәа ааԥын раԥхьатәи амза акыр ихьҭахеит Аԥсны. Адәахьы аҳауа аԥхарра +2 роуп иҟоу, убри аан иҳәатәуп ҳтәылаҿы ашықәсбжьаратә температура +7 ишреиҵамхо. Акыраамҭа инеиԥынкыланы ақәоура иаҿуп, зны-зынла асгьы анлеиуа убап. Амра ҭааӡа иаацәырҵлоит, аха макьана ашәахәақәа хааӡа иуқәԥхо, удырԥхо иҟам. 

АААК аинфопортал ишәзеизнагеит амшын иаҿықәу аҳҭнықалақь уажәааны иаԥсҭазаашьоу узырбо афотосахьақәа. Аҟәа маҷк алахь еиқәызаргьы, Амҳаџьырқәа рыԥшаҳәала инеиааиуа ауаа рхыԥхьаӡара маҷым. Амш шәшьызаргьы шәара шәгәалаҟазара еснагь ибзиазааит!