Аԥсны аҭоурых аҿы раԥхьаӡа акәны аԥара амузеи аартуп.

Саид Барганџьиа

Аҟәа, Аԥсны Амилаҭтә банк аҟны аԥара амузеи аатит лаҵарамза 14 рзы. Уи раԥхьатәи аҭааҩцәас иҟалеит ажурналистцәа, дара рзы хықәкыла аексурсиа мҩаԥыргеит абанк ахантәаҩы Беслан Бараҭелиеи амузеи адиректор Асҭамыр Ҭаниеи.

Амузеи аартра аидеиа далацәажәо Беслан Бараҭелиа иҳәеит аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы абанк активла аԥараҿарпи анумизматикатә усхкқәеи раларҵәара ишаҿыз. Абанк анапхгара жәларбжьаратәи ацәыргақәҵақәеи аконференциақәеи иахьрылахәыз ирыҵанаҳәеит Аԥсны иахьаҵанакуа абас еиԥш ҭыԥк еиҿкаазарц, абанк иҭнажьхьоу аԥсарқәа зегь ахьцәыргахаша. Наҟ-наҟ ари аидеиа еиҳагьы иҿиеит, атәылаҿы жәытә аахыс ахархәара змаз аԥара ҿырпқәа зегь џьарк еидкылахарц азы.

«Ари ҳтәылазы ихҭыс дууп, избан акәзар аԥара ахаҭагьы – аҳәынҭқарра ахьыԥшымра зыршаҳаҭуа акоуп», – иҳәеит абанк ахантәаҩы, амузеи ахаҭа «материалтә баҟоуп» ҳәа ахҳәааны. Избан акәзар «акырӡа ибеиаз аҭоурых аанарԥшуеит, еиуеиԥшым аамҭақәа рзы егьырҭ атәылақәеи ҳареи иҳабжьаз аекономикатә еизыҟазаашьақәа уахь иналаҵаны».

Бараҭелиа еиҭеиҳәеит амузеи аҟны ишымҩаԥысло аҭҵаарадырратә усмҩаԥгатәқәа, еиуеиԥшым аҭҵаарақәагьы.

Ҿыц иаатыз амузеи адиректорс дҟалеит еицырдыруа аԥсуа политикатә, ауаажәларратә усзуҩ, анумизмат Асҭамыр Ҭаниа. Уи иажәақәа рыла, есааира ахаҭәаара иаҿу амузеи афонд уажәнатәгьы Аԥсны иахьаҵанакуа ԥарас иныҟәыргоз зегь амҽханакуеит, ҳера ҟалаанӡа V-тәи ашәышықәса инаркны иахьатәи ҳаамҭанӡа. Ҭаниа ишиҳәаз ала, амузеи афонд шьақәгылоуп аԥараҿырпи абонқәеи рыла (абанкнотақәа, ма аԥара зыԥсахуа егьырҭ ақьаадқәа, акциақәеи авексельқәеи реиԥш иҟоу – аред.), зегь реиҳа ихаҭәаау аҟәша – Аԥсны абанк иҭнажьуа ҳаамҭазтәи агәаларшәагатә аԥсарқәа роуп.

Амузеи адиректор еизаз ажурналистцәа ирзеиҭеиҳәеит 1917 шықәсазтәи октиабртәи ареволиуциа ашьҭахь Аурыс империа анеилаҳа, уи афинанстә системагьы анхабгала, аинфлиациа ду ҟалеит ҳәа, аҳәынҭқарра иалшомызт ауааԥсыра рызхара аԥара аҭыжьра. Ахәқәа ирыцлон, акризис ду ҵысит. Уи Урыстәылатәи аимпериа ахьынӡанаӡааӡоз зегьы иахкьысит, Аԥсны аҵакырагьы уахь иналаҵаны.

«Убас аҭагылазаашьа аныҟала, хаҭалатәи анаплакқәа, акооперативқәа, акинотеатрқәа, амилаҭтә ма егьырҭ ахеилакқәа, иаҳҳәап Аҟәатәи ауахәама аиԥш – дара рхатә ԥара ҭрыжьуа иалагеит. Ас иҟаз аԥара ахархәара ахьамаз иара уакәын, иаҳҳәап адәқьан иҭнажьыз абонқәа иара уа акраахәаразы иаднакылон. Зегь реиҳа ас иҟаз абонқәа алаҵәара ахьрымаз Аҟәа акәын, Гаграгьы иуԥылон. Зегь реиҳа имаҷыз, макьанагьы иаҳԥыхьамшәац Очамчыратәи абонқәа роуп», – иҳәеит Асҭамыр Ҭаниа, иагьазгәеиҭеит О чамчыратәи абонқәа рыӡбахә ахыҵхырҭақәа рҿы ишаҳәо, аха дара рхаҭақәа макьана ишыԥшаам.

Ҭаниа иҳәеит убасгьы Аԥара амузеи азы алоготип алхра шымҩаԥысуаз.

«Ҳара ҳлоготип – Колхидатәи агемидрахма (ажәытәбырзен ԥара адрахма азбжак – аред.) аверс астилизациоуп, уи ахархәара аман ҳера ҟалаанӡа V-тәи ашәышықәса анҵәамҭеи IV-тәи алагамҭеи рзы. Абри аԥара зегь рыла ҳмузеи аҵакы аанарԥшуеит, избан акәзар иаралоуп Аԥсны инарҭбааны аԥареикәыршара ахы шакыз», – иҳәеит Ҭаниа.

Архитектор Кама Кациа амузеи ахыбра апроект аус адылулон. Лара еиҭалҳәеит уажәы амузеи аԥенџьырқәа ахьҿоу аҭыԥан уаанӡа афотосахьақәа зкыдыз аҭӡы шыҟаз. Абри аҭӡи абанки рыбжьара иҟаз аҭшәарахь алашара неиуамызт аҟынтә, авара иҟаз аилатәаратә зал еснагь илашьцан, ицәаакыран.

«Ҳара иҳаӡбеит абри аҭыԥ нап адаҳкыларц, ахыбра ду иадҵаны, адәахьтәи алашара злааиша ак ҳаӡбарц: убас иҟаҳҵеит уажә ҳхаҿы ижәбо ахышәқәа, асаркьа иалԥшы иааиуа амрахәага иабзоураны ауада лашеит, иԥшӡахеит, уаҩы игәы иахәартә иҟалеит», – ҳәа лусура иацыз акәамаҵамақәа ртәы еиҭалҳәеит архитектор.

Кама Кациа илҳәеит ахыбра аҿаԥшылара иара шыҟаз еиԥш аконструктивизма ацәаҩа ахны ишаанрыжьыз, иааидкыланы абанк ахыбра ахаҭагьы уи атрадициа иақәшәоит аҟынтә. Ари ахыбра аҭоурыхтә-культуратә ҭынха аобиектқәа рахь иаҵанакуеит, убри аҟнытә аҿаԥара аус адулара даара игәцаракны имҩаԥысуан. Аха убри аан амузеи аҩналарҭа иаҳагьы иманшәаланы аҟаҵара алыршахеит, зылшарақәа ԥку ауаа неиртә еиԥшгьы иҟалеит.

«Сара дҵас исырҭеит ҳаамҭа иақәшәо, астиль зныԥшуа аинтериер схәыцырц. Зынӡа иҿыцӡоу ахырхарҭақәа рахь сҽысымҟьаӡеит, сара сҽазысшәеит аконструктивизм атрадициақәеи абанк ахаҭеи ирышьашәалоу, ирнаало ауаҭах архиара. Аха ахархәара заҳҭаз аматериалқәа зегьы, алашарақәагьы уахь иналаҵаны, – ҿыцқәоуп азы, аинтериергьы актуалра зҵоу акәхеит», – лҳәеит апроект автор.

Архитектор ари апроект аус адылулон хымз раҟара, аекспозициа архиареи афонд аизгареи шықәсык агеит.

«Уаҟа ирацәоуп иҵегь «афишкақәа»: аӡхыҽҽа, аоникс иалху аҵҟьақәа, аџьазшкәакәеи абҩеи ирылху адетальқәа уҳәа – абарҭқәа зегьы аԥара, ахьы уҳәа амал иақәҿызҭуа маҭәахәқәоуп. Амармалташьгьы ихьыԥшшәылоу ацәаҳәақәа зылԥшаауаз алаҳхит, амҿгьы ақаруаԥштәы амоуп. Апроект аус адулара салагаанӡа сызхәаԥшуаз аҿырԥшқәа рацәак схы иасмырхәаӡеит, избан акәзар амузеиқәа зегьы хықәкык-хықәкык рымоуп, убри аҟнытә иалкаау ахықәкы анагӡашьагьы даҽакхоит, ахатәы мҩа ылнахуеит», – лҳәеит Кама Кациа.

Ауаажәларратә усзуҩ, ажурналист Надежда Венедиктова ахә ҳаракны илшьеит аԥара амузеи Аԥсны иахьаатыз, ԥхьаҟа ҳазго акакәны иуԥхьаӡар ауеит ҳәагьы ацылҵеит.

«Абас еиԥш иҟоу амузеи аԥҵареи уи аартреи – иахьатәи ҳҭагылазаашьаҿы аламала ухаҿы иузаамгоз, ҽаԥарак ԥхьаҟа ҳазго хҭысуп. Абри иазхәыцыз ауаа хараӡа ԥхьаҟа иԥшуа роуп, ҳәарада», – ҳәа лгәаанагара лҳәеит лара.

Амузеи аус аулоит есҽны асааҭ 11:00 инаркны асааҭ 18:00 рҟынӡа. Амузеи аҭаара алшоит хаҭалеиԥш аекскурсиатә гәыԥ уацынгьы. Аекскурсиақәа мҩаԥыслоит аԥсышәала, урысшәала, англыз бызшәала. Аекскурсиа иацу рзы абилет ахәԥса 250 мааҭ артәоит, хаҭалатәи аҭаара – 150 мааҭ иаԥсоуп. Аекскурсиақәа реихшанҵа хара имгакәа ашә аԥхьа икыдҵахоит.