26164

XIX-тәи ашәышықәсазтәи атрагедиатә хҭысқәеи 1817-1864 шықәсқәа рзтәи Кавказтәи аибашьреи ирылаӡыз ргәалашәара аҳаҭыразы Гиульџьан Алҭани Гәыльшах Саргыни инарыгӡеит амҳаџьырцәа ргарашәа "Шьышь-нани", Аԥсны жәлар рпоет Баграт Шьынқәба иажәеинраалала иаԥҵоу. Абри агарашәа ажәлар зҭагылаз арыцҳара ду амузыкатә символны иазыҟалеит аибашьра ашықәсқәа раан, нас уи ашьҭахьгьы.