Урыстәылатәи ашьыпалмыпласратә клуб «Зенит» Академиа ԥхынҷкәын 1 азы Аԥсны афилиал аанартуеит – Аҟәеи Афон Ҿыци ақалақьқәа рҟны.

Санкт-Петербург ақалақь иатәу, еицырдыруа ахәыҷқәеи ақәыԥшцәеи ршьапылампылтә школ «Газпром» - АК «Зенит» Академиа ԥхынҷкәын 1 азы Аԥсны афилиал аанартуеит, Аҟәеи Афон Ҿыци ақалақьқәа рҿы хаз-хазы аҟәшақәа аԥҵаны. Абри атәы АААК аинфопортал иазааицҳаит АК «Зенит» азыҟаҵаҩцәа рзанааҭдырра аиӷьтәра ацентр адиретор, Урыстәылатәи Ашьапылампылтә еидгыла атехникатә еилакы алахәыла Сергеи Морозов.

Афилиал аусура хацнаркуеит ԥхынҷкәынмзазы, агәырӷьаратә аартра мҩаԥысраны иҟоуп иааиуа 2021 шықәса хәажәкырамзазы. Иара убасгьы ааԥынразы иазыԥхьагәаҭоуп Аԥсны егьырҭ ақалақьқәа рҟынгьы афилиал аҿгақәа раартра, иаҳҳәозар, Гагреи Гәдоуҭеи. Афилиал иҵегьгьы аҿгақәа раартра ҟалоит, аԥхьатәиқәа рылҵшәақәа зеиԥшрахо иаҿырԥшны.

«Ҳара абри (ааԥынтәи – аред.) аамҭа иалагӡаны ҳгәы иҭоуп ҳшьапылампыласыҩцәа рҽазыҟаҵаразы арахь раагара. Даауеит убасгьы АК «Зенит» адиректрр хада Александр Медведев», - иҳәеит Сергеи Морозов, иагьациҵеит афилиал аартра иазку агәырӷьаратә церемониа ишалахәхо Аԥсны аиҳабырагьы.

АК «Зенит» Академиа аменеџьер еиҭеиҳәеит ашьапылампылтә школ аанахәара зҭаххо ахьыбҿар ралхра зеиԥшла ишымҩаԥысуа.

«Ҳара ҳашколқәа рахь иаҳго ахәыҷқәа, раԥхьаӡа инаргыланы, ԥсабарала ирылоу рҟыбаҩ аизырҳара иашьҭазароуп. Ԥкыра ҳәа акгьы ыҟаӡам. Зегьы хәыда-псадахоит. Реиҳа аҟыбаҩ злоу ахәыҷқәа Санкт-Петербург академиаҿы ирыхәаԥшразы ааԥхьара рыҭахоит, ашьапылампыласыҩцәа рзы ари жәҩангәашәԥхьарак иаҩызоуп», – иҳәеит Морозов.

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь «Зенит» анапхгара иҭабуп ҳәа реиҳәеит Аԥсны ари ашьапылампылтә клуб академиа афилиал аартра ахьырыӡбаз азы.

«Аԥсҭазаара иаҳнарбоит, Аԥсны анҭыҵ инхо ҳауаажәлар рхаҭарнакцәа рџьынџьуаа профессионалла реизҳаразы алшара ҿыцқәа аԥҵара рыҽшазыршәо. Абизнесуаҩ Борис Џьергьениеи «Зенит» Академиа аусзуҩцәеи реиҩызаратә еизыҟазаашьақәа ирыбзоураны Аԥсны иаатуеит ашьапылампылтә школ хазына афилиал, ари хҭыс дуӡӡоуп аԥсуа спорттә ԥсҭазаараҿы, ҳажәлар ари алшара хымԥада рхы иадырхәап ҳәа сгәы иаанагоит. Агәра ганы сыҟоуп Аҿар русқәеи аспорти рзы Аԥсны аҳәынҭқарратә еилаки, ари ахырхарҭа знапы алаку егьырҭ аусбарҭақәеи ацырхырааны иалыршахап ҳәа абаҩхатәра иашаҵәҟьа злоу аҿар ралԥшаареи наҟ-наҟтәи рыпрофессионалтә еизҳареи шьақәзырӷәӷәо асистема бзиа аԥҵара, Аԥсны аҩнуҵҟеиԥш, Урыстәылагьы, адунеижәларбжьарагьы убас. Ҳара ҳгәы рыладуны ҳрыцклаԥшлоит Аԥсны иалҵыз ашьапылампыл аеҵәахәқәа», – иҳәеит АААК ИА ахантәаҩы.

Санкт-Петербург иҟоу АК «Зенит» Академиаҿы имҩаԥысхьеит ашьапылампыласцәа қәыԥшқәа раԥхьатәи ргәаҭара. Ԥшьҩык аспортсменцәа ргәыԥ дацны дцеит Афонҿыцтәи ахәыҷтәы шьапылампылтә команда разыҟаҵаҩ Армен Капикиан, АК «Зенит» адиректор хада идҵала Аԥснытәи афилиал анапхгаҩыс иҟаҵоу. Аҟәатәи аҿга азыҟаҵаҩцәа рыхьӡқәа хара имгакәа ирылаҳәахоит, цәыббрамзазы АК «Зенит» Азанааҭдырра аизарҳара ацентр аҟны аҽазыҟаҵарақәа ирхысыз азыҟаҵаҩцәа ирхыԥхьаӡалоу ракәхоит дара.

Иара иажәақәа рыла, Аԥсны ирацәаҩуп аҟыбаҩ злоу аспортсменцәа, аха ашьапылампыл асрахь иҟоу азнеишьа рҿиалатәуп, аматериалтә-техникатә база рӷәӷәалатәуп.

«Сара, ҳәарада, агәала сыман, ҳара ҳхәыҷқәа «Зенит» Академиа ааӡамҭацәа изрывамҟәылар ҳәа, аха баша сшәозаарын. Ҳхәыҷқәа даараӡа ибзианы рхы аадырԥшит», – иҳәеит азыҟаҵаҩ.

Ақәыԥшцәа аԥшьҩыкгьы иазгәарҭеит «Зенит» ашкол иаанахәар даараӡа ирҭахын ҳәа.

«Ара азыҟаҵарақәа еиҳа рыҩаӡара ҳаракуп. Даара иаҳгәаԥхоит. Исҳәарц сҭахуп, Аԥсны иҟоу ҳҩызцәа шьоукы-шьоукы аратәи аспортсменцәа иреиӷьымзар иреицәамкәа ампыл ишасуа», – ҳәа игәаанагара иҳәеит ашьапылампыласыҩ қәыԥш Анри Лазба.

АК «Зенит» Академиа – ахәыҷқәеи ақәыԥшцәеи ршьапылампыласратә школуп, Санкт-Петербург иҟоу еицырдыруа ашьапылампыласратә клуб «Зенит» иатәуп. Академиа хықәкыс иамоуп – аклуб акоманда хада ахьӡала иқәгылаша аспортсменцәа ӷәӷәақәа реиҵааӡара. Ари ашкол ахатә философиа злаҟоу ала, уи аушьҭымҭацәа ашьапылампыл асраҿы иахьҟазацәоу адагьы, егьыс азеиԥш ҵара бзиа рымазароуп. Академиа акомандақәа улаԥш здызхало, игәмырҿыӷьгоу ашьапылампыл иасуеит. Аспортсменцәа разыҟаҵараан хаҭа-хаҭала ирызнеиуеит. Ашкол аҽазыҟаҵарақәа зегьы х-категориакны еихшоуп: атехника-тактикатә, атеориатә, апсихологиатә, иҟоуп иара убас абаҩрҵәыратә ҽазыҟаҵарақәа.