Апроект «Риҵа арифмақәа» хықәкыс иамоуп аҧсуа-адыга бызшәеи алитературеи реиқәырхара, Аҧсни, Ҟабарда-Балкариеи, Ҟарачы-Черқьессиеи, Аедыгьтәылеи рыҟнытә алитератор ҿарацәа реимадарақәа рырӷәӷәара. Сынтәа аусмҩаҧгатә азкын Аҧсны Раҧхьатәи Ахада Владислав Арӡынба иира 80 шықәса ахыҵра.
Шьазина Бганҧҳа
Афестиваль мҩаҧысуеит 2018 шықәса инаркны, ахатәы ҵасқәа шьҭнаххьеит. Аусмҩаҧгатә аҳәаақәа ирҭагӡаны аҟазара знапы алаку ауаа еиҧылоит, ажәеинраалақәа ирыҧхьоит, алитературатә ҿыцрақәа еимырдоит.
«Афестивальқәа аки-аки еиҧшӡам, иахьымҩаҧысуеи еиҿыркаауеи хазуп. Иҿыцу алахәҩцәа аидеиа иаразнак ишьҭыркаауеит, еибадыруеит, аҩызцәа дырҳауеит. Традициала ишаҧу еиҧш аҵәҭаҧсара мҩаҧганы ишьақәдыргылеит ҳаҧыхьаҟа Нальчик, Маиҟәаҧ, Черкесск ицараны иҟоу авторцәа. Ҳҿаҧхьа ишьҭоуп аиҭага ҿыцқәа разырхиара, ашәҟәқәа рыҩра, аҧхьаҩ урҭ изнагара. Уи иаанаго асахьаркыратә литература абзоурала ҳбызшәа ҿиалоит ҳәа ауп», - лҳәеит адраматург, апроект «Риҵа арифмақәа» автор Зарина Канукова.
Аусмҩаҧгатә хацдыркит жьҭаарамза 2 В.Г. Арӡынба ихьӡ зху Аибашьра ахьӡ-аҧша амузеи аҟны, иацырҵеит Баграт ишьха ақәцә аҟны ажәеинраалақәа раҧхьарала, иагьхдыркәшеит аӡиа Риҵа. Аиҧылара асасцәеи алахәҩцәеи апоезиатә «марафон» иахәҭакхеит. Афестиваль аҳәаақәа ирҭагӡаны иӡырыргеит аҧсшәахь еиҭагоу ҩ-шәҟәык – Ҟарачы-Черқьесиатәи апоет Артур Кенчешаови Зарина Кануковеи ртәқәа.
Апроект иалахәын еицырдыруа аҧсуа поетцәа, ашәҟәыҩҩцәа, аиҭагаҩцәа. Иҟан аҿарацәагьы. Аусмҩаҧгатә раҧхьаӡа акәны рхы аладырхәит: Краснодартәи атәылаҿацә аҟнытә иааз, зхатәы шаҧсыӷ бызшәала иҩуа апоет, автор, ашәақәа рынагӡаҩ Хасан Аллало, Ҟабарда-Балкариатәи амузыкант қәыҧш, апоет Анзор Апшев, Адыгатәылатәи апоетҵәа – агазеҭ «АдыгэМакъ» ахҳәааҟаҵаҩ Ҭемыр Дербе, АРИГИ аинформациа-ҭыжьратә ҟәша аҭҵаарадырратә усзуҩы хада Сулҭан Мисроков.
Есышықәса имҩаҧысуа афестиваль «Риҵа арифмақәа» жәларбжьаратәи апроект «Апоезиа аӡеибафара» иахәҭакуп. Уи 2008 шықәса инаркны имҩасуеит. Арҭ ашықәсқәа зегьы апроект активла лхы алалырхәуеит афестиваль адиректор Лиубовь Сосналиева, Аҧсны Афырхаҵа Сулҭан Сосналиев иҧшәмаҧҳәыс.
Иазгәаҭатәуп, афестиваль аиҿкаашьа иабзоураны алахәцәа ашықәс аҩнуҵаҟа зегьы аусура ишаҿу. Маиҟәаҧ, Нальчик, Черкесск имҩаҧысуеит Аҧсны акультура аусзуҩцәа рзы еиҿкаау алитературатә еиҧыларақәа, Аедыгьтәылаҿы акәзар апроект «Апоезиа аӡеибафара» аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаҧысуеит афестиваль «Руфабго астрофақәа».
Афестиваль аиҿкаацәа – Аҧсны акультура аминистрра, ААУ аҟны еиҿкаау, Владимир Анқәаб ихьӡ зху аҧсуа-адыга филологиа Аҭыҧ хада. Аусмҩаҧгатә аиҿкаараҿы афинанс-информациатә цхыраара ҟанаҵеит Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгресс.
шәҭалароуп, ма шәыҽҭажәыҩроуп.