Есышықәсатәи акультура-спорттә фестиваль «Абаза» хдыркәшеит ахәмаррақәа рыла. Аицлабрақәа еиҿыркааит — Егзакь ифонд, Жәларбжьаратәи аидгыла «Алашара», «Абаза жәлар рыспорт Академиа».

Селма Базҧҳа

Ԥхынгәымза 26 ҞЧА Адыга-Ҳабльтәи араион Хәыжәду ақыҭан имҩаҧысит Абаза жәлар Х рыхәмаррақәа. Зымҽхак ҭбааз ахәмаррақәа еидыркылеит Ҟарачы-Черқьессиа абаза ҳаблақәеи Аҧсни рыҟнытә 12 гәыҧ. Спортхкқәак рыҟны иқәгылеит Москвантәи иааз агәыҧгьы. Алахәцәа ирыдгыланы, аныҳәатә гәалаҟазаара рыцеиҩыршаразы ахәмаррақәа рахь имҩахыҵит зқьҩыла асасцәа.

Аҵасқәеи аспорти рымч: Ҟарачы-Черқьессиа имҩаҧысит Абаза жәлар Х рыхәмаррақәа

Ахәмаррақәа рҳамҭа хада – аџьаз ала ирҭәоу, амилаҭтә дыргақәа зну, ииасуа ахраҿа. Ишьақәгылаз атрадициа инақәыршәаны, ҵыҧхтәи ахәмаррақәа рҿы аиааира згаз агәыҧ издызкыло аган – Хәыжәду ақыҭа ахраҿа рырҭеит.

Аицлабра апрограмма шьақәгылан гәыҧлеи хаҭа-хаҭалеи имҩаҧысуаз ахәмарра лахҿыхқәа рыла:  ашьапылампыл, анапылампыл, 100 метрак аҩра, аурала аҧара, ахыхкеицлабра, ахысра – зегьы 11 спорттә хкы. Аицлабрақәа рнаҩсангьы, изҭахыз зегьы рзы еиҿкаан адартс, апетанк, аквагрим уҳәа убас иҵегьы.

Иазгәаҭатәуп, Хәыжәдуи Хәыжәчкәыни инхо ауаажәлар рымчқәа рыла сынтәа ашьапылампыл асырҭақәа ҩба шеиҿкааз. Уи адагьы, раҧхьаӡа акәны асасцәа хәыҷқәа рзы иаздырхиеит ашәахрчытә хәылҧазы. Асасцәа адәныҟа икацциуаз амра ҧырхагас ирмоурц азы, аиҿкааҩцәа рымчқәа рыла иазырхиан аш зхаршәыз аҧсшьарҭақәа.

«Аидгылареи, ахәмаррақәа разырхиаразы имҩаҧгаз аусуреи, асасдкылареи рзы ҷыдала иҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп Хәыжәдуи Хәыжәчкәыни рқыҭауаа. Урҭ рыбзоурала аҵакырадгьыл арҽеира инаркны, афинанстә цхыраара аҟаҵара аҟынӡа аусмҩаҧгатәқәа зегьы рыҩаӡара ҳаракны еиҿкаан.

Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгресс Ахантәаҩы Мусса Егзакь еснагь иҳәоит аиҧш зеиҧшу ахәмаррақәа абаҩрҵәыра арҿиара адагьы хықәкыс ишрымоу ауаа реидкылара, аибабареи аилибакаареи рзы алшарақәа раҧҵара. Еизаз ауаа рхыҧхьаӡареи аицлабрақәа рҿы аҳра зуаз агәалаҟазаареи иаҳдырбоит уи ахықәкы шынагӡоу. Ари иаанаго акоуп – амҩа иаша ҳануп, гәадурала ҧхьаҟа ҳцалоит», - ҳәа азгәеиҭеит «Абаза хәмаррақәа ракадемиа» ахада Мураҭ Тлисов.

Хаҭалатәи аспортхкқәа рыла аихшьаалақәа рыҟарҵа ашьҭахь ахәаҧшцәеи ахәмарҩцәеи асцена хадахь ииасит – уаҟа имҩаҧыргеит аспорттә ныҳәа аартра ацеремониа. Ахәаҧшцәа рҿаҧхьа аҧшатлакә еиҧш ииаҟьеит акзаареи агәадуреи зныҧшуа абираҟқәа зкыз 12-ҩык аҽцәа. Урҭ ирышьҭаланы иаацәырҵит зеихьӡарақәа рыла арена архыџхыџра иазыхиаз агәыҧқәа. Еизаз рҿаҧхьа дықәгылеит АААК Иреиҳаӡоу ахеилак Ахантәаҩы, Жәларбжьаратәи аидгыла «Алашара» аиҳабы Мусса Егзакь.

«Сара гәахәара дула бзиала шәаабеит ҳәа шәасҳәоит ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи рзы аидгылара атмосфера аҳра ахьауа аныҳәаҿы. Даара сеигәырӷьоит агәыҧқәа ӷәӷәала ишеиндаҭлозгьы, аицлабратә цәаныррақәа рхаҭыҧан, аиашьареи аидгылареи ҧыжәара хьрымоу. Гәахәара дула иҭабуп ҳәа шәасҳәоит зегьы ҳгәы хыҭхыҭуа ҳаззыҧшыз аныҳәа аиҿкаара иалахәыз зегьы. Ҳаизааигәазтәуа арҭ ахәмаррақәа рҿы иаҵахаз ҳәа уаҩ дыҟаӡам – зегьы аиааира ҳгеит» - ҳәа азгәеиҭеит Мусса Егзакь.

Аартра ацеремониа иалахәын ҳаҭыр зқәу асасцәа – ҞЧА Аиҳабыра алахәцәа, Жәлар реизара адепутатцәа, абаза қыҭақәа рхадара аиҳабацәа. Аҧснытәи аделегациа еиҳабыс дрыцын Басҭаҟәа Агрба – Аҧсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы аиҳабы ихаҭыҧуаҩ.

Ацеремониа ахыркәшара ашьҭахь аицлабрақәа ирыцҵан. Ахәмаррақәа мҩаҧысуан лахҿыхрала, ахәаҧшцәа ирбоз зегьы напеинҟьарыла ирыдыркылон, рыбжьы ҭыганы ргәыҧқәа ргәы шьҭырхуан.

Аҧснытәи агәыҧ акаҧдан, АААК аҿар рыҿиареи абаҩрҵәыреи рыҟәша анапхгаҩы Валери Берзениа аҧсуа гәыҧ ақәгылашьа далацәажәеит.

«Есышықәса ахәмаррақәа зхы алазырхәыр зҭаху рхыҧхьаӡара иацлоит. Ҳгәыҧ акәзар, сынтәа 40-ҩык инареиҳаны ауаа алахәын. Арҭ амшқәа даара ишоуроуп, аха ҳгәыҧ алҵшәа бзиақәа аанарҧшит. Аицлабырҭақәа зегьы рҿы ауаа ргәы шьҭыҵны еиндаҭлоит. Уи даара ибзиоуп!» - иҳәеит иара.

Аҧсуа гәыҧ аиааира агеит анапылампыл асраҿы. Абар уажәшьҭа хәынтәуп Аҧснытәи аҭыҧҳацәа еишьҭаргыланы аҧхьахә рҽаҧсартәуеижьҭеи.  

«Ҳгәыҧ быжьҩык рыла ишьақәгылоуп. ҞЧА имҩаҧысуаз ахәмаррақәа кыраамҭа ҳҽырзыҟаҳҵон. Есышықәса арҭ ахәмаррақәа рахь ҳамҩахыҵуеит. Ҳәарада, аиааира ҳашьҭаланы ҳаауеит!» - ҳәа азгәалҭеит анапылампылтә гәыҧ ахәмарҩы қәыҧш Иана Шамҧҳа.

Аҧснынтәи ицаз егьырҭ агәыҧқәагьы алҵшәа бзиақәа аадырҧшит. Ус, «100-метрак аҩра» адициплинаҿы ахҧатәи аҭыҧ ааникылеит Амал Кәакәасқьыр, армреслинг аҿы аџьаз иҽаҧсеитәит Рамир Махариа.

АААК Аҟәатәи аофис анапхгаҩы Ҭемыр Рекәаа иазгәеиҭеит афестиваль аҩаӡара ҳаракны ишымҩаҧгаз, насгьы аспорттә ныҳәа аиҿкааҩцәеи алахәцәеи иҭабуп ҳәа реиҳәеит.

«Даара илахҿыхыз, ҳәаада ҳзыргәырӷьаз, ҳаидызкылаз аспорттә фестиваль аиҿкааҩцәеи, алахәцәеи, асасцәеи иҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп. Абаза жәлар рыхәмаррақәа мҩаҧысуеижьҭеи сынтәа жәантәуп. Арҭ аицлабрақәа даҽазныкгьы иаҳдырбеит аспорт ауаа шеиднакыло».

Шьыбжьышьҭахь ихацдыркит ахәмаррақәа рҿы зегь реиҳа илахҿыхыз ахәҭа – ашаха ахара. Зқьҩыла ахәаҧшцәеи ахәмарҩцәеи аицлабырҭа хадаҿы еизеит ргәыҧқәа ргәы шьҭырхразы.

Азеиҧшгәыҧтә еихшьаалаҿы аиааира ргеит Иынџыгь-Чкәын ахәмарҩцәа. Хазы игоу аспортхкқәа рҿы хәыџьара аиааира ргеит Ҟәыбинатәи аспортсменцәа, Иынџыгь-Чкәынаа ҧшьыџьара аиааира ргеит, Кара-Погои Гәымлоуқыҭи аҧхьахәқәа ҩба рҽаҧсартәит, иааирак иааирак ргеит Аҧснытәи агәыҧи Хәыжәду аспортсменцәеи.

Ҳаҧыхьаҟатәи ахәмаррақәа рымҩаҧгара Казма иадырҵеит. Акультура-спорттә фестиваль ахыркәшамҭа арлахҿыхит Абазашҭа акәашаратә амилаҭтә ансамбльқәеи аестрада ахаҭарнакцәеи злахәыз аконцерт.