Адискуссиатә клуб ахԥатәи сасны даҭааит Аконгресс иатәу Аҿар рхеилак анапхгаҩы.

Саид Барганџьиа

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Адискуссиатә клуб имҩаԥнагаз ахԥатәи аиԥылараҟны аҿартә политика иалацәажәеит. Аиԥылараҿы спикерс дықәгылеит АААК Аҿар рхеилакқәа рхантәаҩы Леван Торчуа.

Иара еизаз ирзеиҭеиҳәеит АААК Аҿар рхеилакқәа усурас имҩаԥырго, нас урҭ реилазаашьа зеиԥшрахо атәы.

«Аԥсны арегионқәа зегьы рҿы иаартхоит аҭыԥантәи аҟәша ахеилакқәа. Ҳара есымза арегионалтә напхгаҩцәа ҳарԥылалоит ицәырҵуа азҵаарақәа зегьы рылацәажәаразы», – иҳәеит Торчуа.

Иара иациҵеит, араионқәа рҟны иаԥҵахо Аҿар рхеилакқәа еиуеиԥшым апроектқәа ирзынархоу аидеиақәа шеизыргало, нас урҭ рҟынтә реиҳа актуалра зҵоу алхны аԥсҭазаара иаларҵәахоит ҳәа.

АААК Аҿар рхеилакқәа рнапхгаҩы еиҭеиҳәеит убасгьы, хаҭала иара Аконгресс ахь иааира шыҟалаз, Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь даниабадыр аамышьҭахь.

«Сара стол гьежьык ахь ааԥхьара сыман. Убраҟа Мусса Егзакь ихаҭа дықәгылон, уброуп раԥхьаӡа акәны дахьызбазгьы. Иара абаза жәлар рҵасқәеи рқьыбзқәеи дрылацәажәон, ҳакзаара, ҳҭоурыхи ҳԥеиԥши, Аконгресс аидеиақәеи уҳәа рыӡбахә иҳәон. Убас аԥсы ахаҵаны дцәажәон, сара иаразнакала сгәы ианырит иажәақәа, иара убра сшыҟаз иагьиасҳәеит, иаҭахызар иара убыржәгьы «ажыга аанкыланы убри ҳԥеиԥш лаша аргылара нап асыркуеит ҳәа», – иҳәеит Леван Торчуа.

Иара аиԥылара алахәцәа ирзеиҭеиҳәеит Аконгресс хықәкыс, хыдҵақәас иамоу, нас иара напхгара зиҭо Аҿар рхеилак гәҭакқәас иамоугьы.

Аиԥылара иалахәын Аҿари аспорти рызҵаарақәа рзы Аҟәа ақалақьтә еилакы анапхгаҩцәа, иара убас Аԥсны иҟоу аҿар реилазаарақәа (АМЧ, ДИУНА, Авангард, ААУ астудентцәа рхеилак, АИФ астудентцәа рхеилак – аред.) рхадацәеи рактивистцәеи, Гәдоуҭа иаарту АААК аҭыԥантәи аҟәша анапхгаҩы Амра Лакәиа уҳәа егьырҭ асасцәа. Дара зегьы аицәажәара рхы аладырхәуан.

Торчуа игәаанагарала, аиԥылара қәҿиарала имҩаԥысит, уи зыршаҳаҭуагьы – аҭааҩцәа зегьы аицәажәара активла рхы ахьаладырхәуаз, «азҵаара рацәа ахьырҭиуаз» ауп.

«Еиуеиԥшым азҵаарақәа ҳарҭон, еиҳаракгьы – схырхарҭала имҩаԥысуа аусура иазкны. Аинтерес рыман, иарбан қалақьқәоу, ма нхарҭа ҭыԥқәоу анаҩстәи АААК аҭыԥантәи аҟәшақәа ахьаатуа, урҭ рылахәхара шалшо уҳәа иазкны. Ҳалацәажәон убасгьы аҳәынҭқарратә усбарҭақәа аҽрымадашьа амҩақәа, хаҭалагьы Аҟәа ақалақь Аҿари аспорти рызҵаарақәа рзы аилак. Аҿар рхырхарҭала аусушьа аконцепциа ҳалацәажәеит. Ауаажәларра аҿар ирыдҳәалоу азҵаарақәа лассы-лассы пассивла ишрызнеиуа атәгьы ҳҳәеит, адгылара ахьмаҷу зыхҟьо уҳәа», – ҳәа азгәеиҭеит Леван Торчуа.

Аиԥылара аламҭалаз Аклуб алахәцәа Skype ала рыҽрымардеит АААК Ауснагӡаратә маӡаныҟәгаҩ Инар Гыцбеи, АААК Аинформациатә портал анапхгаҩы Амина Лазԥҳаи, дара арҭ амшқәа рзы маҵураныҟәарала Европа иҟоуп.

«Иаҳзеиҭарҳәеит рныҟәара иалагӡаны имҩаԥысыз аиԥыларақәа ртәы, урҭ ирнаҭаз ацәаныррақәа, иара убас ԥхьаҟатәи гәҭакқәас ирымоу», – ҳәа азгәалҭеит АААК Адискуссиатә клуб анапхгаҩы Ирина Турааԥҳа.

Лара лажәақәа рыла, Аклуб ахԥатәи аиԥылараан иалыршахеит асас инапы злаку ахырхарҭа алацәажәареи аҿар рполитика аганахьала Аконгресс апроектқәеи рыдагьы, «активтә социалтә позициа змоу аҿарацәеи аҿартә хеилакқәа рхаҭарнакцәеи реидкыларагьы, Аԥсны аҿар ирзынархоу еицырзеиԥшу аусқәа рынагӡара иазыхиоу».

«Ҳара зегьы ҳконтактқәа еимаҳдеит, ԥхьаҟатәи ҳусеицура ҳалацәажәеит. Ҳаиԥылара сгәы алаҟаны сыҟоуп, абас акәын аханатәгьы сшазхәыцуаз Адискуссиатә клуб аусушьа: аиԥылара иалахәу зегьы рхы азышьҭны ианеицәажәо, аиԥылара алҵшәа анаиуа. Лҵшәас иҟоугьы – аҿар рхеидкылақәеи, Аконгресси Аҿари аспорти рызҵаарақәа рзы аилаки русеицуреи реицхыраареи рзы иконкреттәу ашьаҿақәа ралкаареи, Аконгресс аволонтиор ҿыццәа ахьарҳази ауп», – лҳәеит Ирина Турааԥҳа.

Ауаажәларратә еиҿкаара «АМЧ» анапхгаҩы Алиса Ԥачалиа иазгәалҭеит, хра злоу азҵаарақәа рылацәажәаразы адискуссиатә клуб аформат Аԥсны ибзианы аус ауеит ҳәа. Зегь реиҳа иуадаҩу – ауаа ԥхамшьакәа ргәы иҭоу аҳәара ахьрылшо атмосфера аԥҵароуп ҳәагьы ацылҵеит лара.

«Сара сгәы излаанаго ала, АААК акоманда уи аҟаҵара рылшеит: Адискуссиатә клуб аҿы шәара еснагь ишәзыԥшызаауеит аинтерес зҵоу асасцәа, азҿлымҳара змоу алахәцәа, аиҿкааҩцәа гәыразқәа», – лҳәеит Ԥачалиа.

Лара иазгәалҭеит, иахьа акырӡа шаҵанакуа – «баша ацәажәара мацара иазкым аҭыԥ аиҿкаара».

«Еиҳаракгьы сара исгәаԥхаз, аиҿкааҩцәа ҭакԥхықәрала иахьазнеиз ауп тематикацыԥхьаӡа иадгалахо ауаа ралхра азҵаара. Убри ала иубаратәы иҟоуп, иҟашәҵо шыжәдыруа, шәхатә программа шшәымоу, аусура системала шәшазнеиуа. Акызаҵәык сара акцент ҟасҵарын иаҳа иконкреттәу зҵаарак аҟны, избан акәзар иааидкыланы аҿартә политика мчыбжьыкгьы уалацәажәо иҟоуп. Ҳаԥхьаҟазы ас еиԥш аклубқәа ашколхәыҷқәа рзы иаартызар ҟалоит. Урҭ имаҷны ирацәажәошәа сгәы иабоит, имҩақәызҵо ҳәа аӡәгьы дызбом», – лҳәеит аиҿкаара анапхгаҩы.

Аиԥылара иалахәыз Аҿари аспорти рызҵаарақәа рзы Аҟәа ақалақьтә еилакы аспециалист хада Оксана Ԥачлиаԥҳа излалԥхьаӡо ала, Адискуссиатә клуб – «ҷыдала иалкаау атемақәа уахьрылацәажәаша ҭыԥ бзиоуп».

«Ҭыԥк аҿы аамҭак азы еизугар ҟалоит проблематикак аус адызуло, ма иазҿлымҳау ауааԥсыра. Асоциалтә ҳақәа рҟны аицәажәара рҽаҟәыҭханы ас еиԥш аиԥыларақәа рыбзоурала ауаа лаҩҿаба еицәажәоит, рҽеимардоит. Ахшыҩҵакқәа, аидеиақәа, агәаанагарақәа хаҿыдам, зхәыцшьа еиԥшу ауаа рҽеидкыланы, рымч еибыҭаны рҿаԥхьа иқәгылоу аусқәа нарыгӡар рылшоит. Ас еиԥш аиԥыларақәа ирылоу аеффективра иаразнак ала имааԥшыргьы, аамҭак ашьҭахь, ажәақәа аус ахь ианиаслак, ауаа рымчқәа анеиларҵалак – алҵшәақәагьы зегь убарҭахоит», – лҳәеит Оксана Ԥачлиаԥҳа.

Аклуб аилатәара инагӡоу авидеоверсиа шәахәаԥшыр шәылшоит АААК иамоу YouTube канал аҟны >>

Адискуссиатә клуб шәалахәхарц азы анкета хашәырҭәаароуп, шәзызҿлымҳау ахырхарҭа алкааны, анаҩс иара шәышьҭыроуп абри аелектронтә пошьҭахь (discussclub@abaza.org). Хырхарҭацыԥхьаӡа иалахәхарц зылшо рхыԥхьаӡара ԥкуп: уи зыдҳәалоугьы аклуб аилатәарақәа ахьымҩаԥысуа аҭыԥ (Лакоба имҩала игылоу Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа ахыбра актәи аихагылаҿы иҟоу «Алашара» аофис) 25-30-ҩык рыда ахьазымкуа ауп. Аха, иалкаау темак алацәажәара зҭаххо рхыԥхьаӡара еиҳахаргьы, аиҿкааҩцәа уи ацикл даҽазнык амҩаԥгара рҽазыршәоит. Реиҳа акрызҵазкуа аиԥыларақәа рвидеонҵамҭақәа АААК YouTube аканал аҿы иҭагалахоит. Иазгәаҭоуп иара убас аклуб аилатәарақәак асоциалтә ҳақәа рҿы ишиашоу ицо аефир ала рышьҭра.