34423

Жьҭаара 16-18 рзы Аԥсны имҩаԥысуаз акультуратә-спорттә фестиваль «Абаза» аныҳәатә концерт ду ала ихыркәшахеит Аҟәа.

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Аԥсны имҩаԥнагаз раԥхьатәи акультуратә-спорттә фестиваль «Абаза» аныҳәа ду ала ихыркәшахеит Аҟәа, Амҳаџьырцәа рыԥшаҳәаҿы, ахәаша, жьҭаара 18 рзы.

Аԥсуа драматә театр аҿаԥхьа асцена шьақәыргылан. Амш аҽеиҩшамҭазы арахь еизо иалагеит ақалақь ауааԥсыреи афестиваль асасцәеи. Адәы иқәыҩуан амилаҭтә музыка, иаднаԥхьалоз зегьы аныҳәатә гәалаҟара рыҭауа.

Анаҩс, инеишьҭаргыланы асценахь иқәло иалагеит аԥсуеи абазеи кәашартә коллективқәа, ашәаҳәаҩцәа, амузыкантцәа.

АБРИ АТӘЫ ЕИҲА ИНАРҬБААНЫ >>

Афестиваль афинал аҟны аконцерт адагьы узхәаԥшыша рацәан. Аныҳәа ахьымҩаԥысуаз адәы ҭыԥ-ҭыԥла еихшан: џьара – ашәуаа ржәытә фотосахьақәа дуны икьыԥхьны еиврыԥххаа игылан, ҽаџьара – алингвистикатә хсаалақәа, урҭ инарцәыхарамкәа – Аԥсны аҳәынҭқарратә музеи аколлекциа аҵәахымҭақәеи Ельбырӷан ақыҭа аетнографиатә музеи аекспонатқәа рфотосахьақәеи рекспозициа.

Афестиваль хәлаанӡа ацара иаҿын, ажәлар еибабон, инеиааиуан, еицгәырӷьон.

Аԥсны имҩаԥысыз раԥхьатәи акультуратә-спорттә фестиваль «Абаза» хацыркын жьҭаара 16 рзы Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы ихраҿа агаразы зхы иақәиҭу аиқәԥара атурнир ала, иагьцон хымш.