Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Аҳәса рхеилакқәа рнапхгаҩы Гета Арӡынԥҳа АААК Адискуссиатә клуб ахԥатәи сасны даҭааит.

Саид Барганџьиа

Ауаажәларратә ԥсҭазаараҿы аԥсуа ԥҳәыс ҭыԥс иаанылкыло, ҳтәылаҿы агәыҳалалра амҩаԥысшьеи, Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс иатәу Аҳәса рхеилакқәа русушьеи иалацәажәан Адискуссиатә клуб изаамҭанытәиу аиԥылараҿы. Ари аиԥылараҿы ажәа зманы иқәгылоз сасыс дҟалеит Аконгресс иатәу Аҳәса рхеилакқәа рнапхгаҩы Гета Арӡынԥҳа.

АААК Адискуссиатә клуб напхгаҩы Ирина Турааԥҳа аиԥылара алагамҭаз иазгәалҭеит, аклуб аилатәара ишалахәу – аполитика, абизнес, ауаажәларратә усура, агәыҳалалра уҳәа реиԥш иҟоу еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рҟны ишьақәгылахьоу аҳәса реиԥш, зынӡа иқәыԥшу аҭыԥҳацәагьы. Турааԥҳа иазгәалҭеит, абарҭ аҩ-категориак реимадара иалнаршар ауеит ҳәа «аԥҳәызбацәа рхатә ҭаацәарақәа анроулакгьы, анреи аҩнреи рҽалагӡаны рхатә еизҳарагьы рхамшҭуа, рзанааҭ ала ԥхьаҟа ацара иацәамшәо рыҟаҵара».

«Ауаа рхы агәра рго, ҳаргьы ҳагәра рго аҟаҵара»

АААК Аҳәса рхеилакқәа рнапхгаҩы Гета Арӡынԥҳа – абас ашьақәгылара зылшаз ԥҳәысуп, лара лзанааҭ аҟны аихьӡарақәа лоуит, аҩнаҭагьы ныҟәылгоит, ҩыџьа ахәыҷқәа лааӡоит. Уажә ааигәанӡа Гета Арӡынԥҳа аус луан аилахәыра «Аҟәафон» аӡыргареи адәныҟатәи акоммуникациақәеи рыҟәша аиҳабыс. Анаҩс лымҩа хеит Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс ахь. Гета лықәгылара дызлалагазгьы Аконгресс ахь дшааиз аиҭаҳәаралоуп.

«Сара еилыскааит схатә еизҳараҿы иҟасҵахьоу шмаҷым, уи аамҭазы «Аҟәафон» аҿы аус зуеижьҭеи 12 шықәса ҵуан. Даҽа усурҭак азхәыцра саналага, усҟан ашьақәгылара иаҿыз Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс акоманда аҟынтә ааԥхьара соуит. Уи аамҭазы Аконгресс акоманда иалалахьан Кан Ҭаниа, Инар Гыцба, Амина Лазԥҳа, Леван Торчуа. Сгәы азҩеит аинтерес зҵоу ак шхацыркхоз. Знык-ҩынтә ҳаиқәшәеит, Аконгресс аидеиақәа сҽыргәыласхалеит. Ари аусура сара гәаныла аетнопсихологиа ахырхарҭоуп ҳәа азысыԥхьаӡеит, избанзар ауаа аинтерес дырктәуп, ухы агәра уго, ауаагьы угәра рго иҟаҵатәуп. Абасала ҽнак сазааит, сзышьцылаз ԥыхьатәи аус ааныжьны, Аконгресс аҿы аусура салагароуп ҳәа», – лҳәеит аклуб асас.

Аҳәса ирылоу аадырԥшырц азы ацхыраара рыҭара

Лҿаԥхьа иқәгылоу апрофессионалтә хыдҵақәа дырзааҭгыло, лара иазгәалҭеит АААК Аҳәса рхеилакқәа русураҿы зегь реиҳа ихадароу – Аԥсны ақалақьқәеи ақыҭақәа рҿы инхо, асоциалтә ԥсҭазаара активла иахәҭакзарц зҭаху, акрызҵазкуа аӡбамҭақәа рыдкылара иалахәзарц иашьҭоу, аха иахьа уажәраанӡа еиуеиԥшым амзызқәа ирыхҟьаны уи аҩыза злымшац аҳәса рыԥшаароуп ҳәа.

«Ҳара еилаҳкааит, абас иҟоу аҳәса шракәу ҳацхыраара зҭаху, аԥсуа уаажәларра иахьынӡарылшо иахәарц азы ирымоу агәаҳәара нагӡахарц», – ҳәа ацылҵеит Арӡынԥҳа.

Лара еиҭалҳәеит АААК Аҳәса рхеилакқәа еилазашьаас ирымоу, уи шышьақәгылоу Черқьесск иҟоу, ибзиангьы зхы ԥызшәахьоу ИАЕ «Алашара» аҿырԥшала.

«Аԥсны иҟоуп ихадароу Аҳәса рхеилак. Иахьазы уи актив иалоуп быжьҩык аҳәса: Аза Гәымба, Асҭанда Барцыц, Гәында Агрба, Илона Амҷԥҳа, Кама Кәыҵниа, Лиуда Коӷониа, Фатима Баркал», - ҳәа адырра ҟалҵеит Гета Арӡынԥҳа.

Аҳәса рхеилак актив иалоу Аза Гәымбагьы ари аиԥылараҿы ажәа лыманы дықәгылеит.

«Сара сзыҳәангьы ари (АААК Аҳәса рхеилак ахь ааԥхьара – аред.) зынӡа сыззыԥшымыз акакәын. Аԥхьақәа раан зегьыҵәҟьа нҭырҳәцааны иаҳзеилкаауамызт, аха ус-ус ҳашнеиуаз [Аконгресс] аидеиа хадақәа ҳзаатит, ҳаргәылахалеит. Ҳкомандаҿы зҳәоу еиқәшәоу ауаа ҳаизеит. Аҿар рхеилакқәеи ҳареи аус еицаҳуеит», – лҳәеит Аза Гәымба.

Гета Арӡынԥҳа дазааҭгылеит 2020 шықәсазы АААК гәҭакқәас иамоу. Лара иазгәалҭеит апроектқәа рыхәҭак макьана разырхира ишаҿу, аха уажәнатә ҿыӷәӷәала иуҳәар ҟалоит, Аԥсны аҳәынҭқарратә бираҟ амши Ахәыҷқәа рыхьчара жәларбжьаратәи амши рзы

Аконгресс зымҽхак ҭбаау аныҳәа дуқәа мҩаԥнагоит ҳәа. Арҭ аусмҩаԥгатәқәа реиҿкаара знапы иану Аҳәса рхеилакқәа роуп.

«Ҳәара аҭахума, ҳазҭало ашықәс азгьы акультуратә-спорттә фестиваль «Абаза» мҩаԥаҳгоит, Аԥсназы ари ахҭыс уникалтәуп», – лҳәеит Арӡынԥҳа.

«Аԥҳәыс лхаҿсахьа змоу» агәыҳалалра

АААК Аҳәса рхеилакқәа рнапхгаҩы еиҭалҳәеит убасгьы Аконгресс имҩаԥнаго агәыҳаларатә проектқәа ртәы. Ари атема иаразнакала илымырԥааит аиԥылара иалахәыз агәыҳалалратә еиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа.

Хаҭалагьы, агәыҳаларатә фонд «Ашана» («Ашана» - Аԥсны инхо ачымазара ӷәӷәа змоу ахәыҷқәа рыхәышәтәразы аԥара аԥшаара иацхраауеит – аред.) адиректор Мактина Џьынџьалԥҳа излалԥхьаӡо ала, «Аԥсны агәыҳалалра «аԥҳәыс лхаҿсахьа» амоуп». Лара еизаз рҿаԥхьа илҳәеит АААК Аҳәса рхеилак анапхгаҩы «еснагь агәыҳаларатә фонд адгылара шалҭо».

Уи анахысгьы Гета Арӡынԥҳа уажәшьҭа хышықәса раахыс агәыҳалалратә еилазаара «Кьараз» аицаԥҵаҩыс дыҟоуп («Кьараз» - заагарҭа маҷу Аԥсны аҭаацәарақәа ирыцхраауеит – аред.). Ари аиԥылара иалахәыз «Кьараз» ауснагӡаратә директор Камма Гәаԥиаԥҳагьы аҭагылазаашьа лхы иархәаны еизаз ирзеиҭалҳәеит напхгара зылҭо аилазаара есышықәса имҩаԥнаго агәыҳалалратә акциа атәы.

«Ацхыраара зҭаху ахәыҷқәа рысаламшәҟәқәа еидаҳкылеит. Зынӡа 900 раҟара ыҟоуп. Асаламшәҟәқәа изҭаху зегьы иргар рылшоит, Аԥсны анҭыҵ инхогьы ухь иналаҵаны. Ахәыҷқәа Ашықәс ҿыц азы ҳамҭас ироур ирҭаху анырҵеит. Аҳамҭақәа даара еиуеиԥшым. Зны ҷкәынак аҳәыс даҳәеит, уи изаархәеит иара. Еиҳарак изыҳәо амаҭәа ԥхақәеи ашьаҵақәеи роуп», – лҳәеит Гәаԥиаԥҳа.

Аԥснытәи аҳәсақәа рхықәкқәеи урҭ рынагӡареи

Аиԥылара далахәын Аԥсны еицырдыруа ауаажәларра-политикатә усзуҩы Наҭелла Акаба. Лара дахьаауаз иаалгеит «Аԥсны аԥҳәыс лроль ҭоурыхла ишыҟази иахьа уажәраанӡеи» ҳәа астатиа зну аброшиурақәа. Еиуеиԥшым аамҭақәа рзы ҳтәылаҿы амаҵураҭыԥ ҳаракқәа аанызкылоз Наҭелла Акаба иазгәалҭеит, Аԥсны аҳәынҭқарратә мчраҿы аҳәса рмаҷра, урҭ еиҳахарц азы улаҿы иааиуа ԥынгылак шыҟамгьы. Ҿырԥшысгьы иаалгеит уажәтәи Аԥсны апарлмаент, уаҟа аус зуа адепутатцәа зегьы рахьтә аӡәызаҵәык лоуп иԥҳәысу.

Ауаажәларратә усзуҩ лгәаанагарла, ари азҵаара аус адулатәуп, аҳәса рхыԥхьаӡара еиҳахароуп амчратә усбарҭақәа рҟны. Лара иалылкааит иара убас анаҩстәи аиԥыларақәа раан алацәажәаразы аинтерес зҵоу атема: «Нхыҵ Кавказ аҳәсақәа рфактор ақырҭуа-аԥсуа еибашьраҿы».

«Сара сгәанала, АААК азы ари даара актуалра зҵоу темоуп. Аԥсны раԥхьатәи Апарламент адепутатс саныҟаз, Владислав Арӡынба снапы ианиҵеит Аԥснытәи аҳәсақәа рделегациа сахагыларц, ҳҽааидкыланы Нхыҵ Кавказҟа ҳцеит, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы зԥацәа ҭахаз анацәа ҳарԥыларц азы. Ҳара даара ҳгәы хыҭхыҭуан, иаҳзыԥшыз аиқәшәара шымариамыз ҳдыруан аҟнытә акыр игәнаҳгон. Дунеихаан исхашҭуам иԥханы ҳашрыдыркылаз! Абри атемала аҭҵаарақәа мҩаԥгазар бзиан. Сара иахьаҭаху шәывагылара сазыхиоуп», – лҳәеит Акаба.

Аклуб аилатәара инагӡоу авидеоверсиа шәахәаԥшыр шәылшоит АААК иамоу YouTube канал аҟны >>

Аԥсуа еилазаараҿы аԥҳәыс иаанылкыло аҭыԥ азы лгәаанагара лҳәеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет астудент Лана Папԥҳа. Лара излалԥхьаӡо ала, иахьатәи аԥсуа уаажәларраҿы аԥҳәыс лҿаԥхьа иқәлыргыло ахықәкы анагӡараҿы ԥырхага ҳәа акгьы лымам.

«Зегь зыцку лара аԥҳәыс лхаҭа лоуп, лхықәкы зеиԥшроу, уи анагӡара лара лзы иаанаго», – лҳәеит аҭыԥҳа.

Адискуссиатә клуб шәалахәхарц азы анкета хашәырҭәаароуп, шәзызҿлымҳау ахырхарҭа алкааны, анаҩс иара шәышьҭыроуп абри аелектронтә пошьҭахь (discussclub@abaza.org). Хырхарҭацыԥхьаӡа иалахәхарц зылшо рхыԥхьаӡара ԥкуп: уи зыдҳәалоугьы аклуб аилатәарақәа ахьымҩаԥысуа аҭыԥ (Лакоба имҩала игылоу Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа ахыбра актәи аихагылаҿы иҟоу «Алашара» аофис) 25-30-ҩык рыда ахьазымкуа ауп. Аха, иалкаау темак алацәажәара зҭаххо рхыԥхьаӡара еиҳахаргьы, аиҿкааҩцәа уи ацикл даҽазнык амҩаԥгара рҽазыршәоит. Реиҳа акрызҵазкуа аиԥыларақәа рвидеонҵамҭақәа АААК YouTube аканал аҿы иҭагалахоит. Иазгәаҭоуп иара убас аклуб аилатәарақәак асоциалтә ҳақәа рҿы ишиашоу ицо аефир ала рышьҭра.