Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аан аблокада иҭакыз Ленинград зыхьчоз Ҟарачы-Черқьессктәи Ареспублика иалҵыз афырхацәа рмемориал аадыртит Санкт-Петербург. 

Саид Барганџьиа

Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аан иҭахаз Ҟарачы-Черқьессктәи афырхацәа рмемориал аартра ацеремониа мҩаԥысит Санкт-Петербург, Пискаревтәи аԥсыжырҭаҿы, цәыббрамза 5 рзы. Ари амемориал аартрала аблокада иҭакыз Ленинград ахьчаҩцәа ашәуаагьы назлаз ргәалашәара наӡаӡартәит.

Амемориалтә хаҳә аартра иалахәын Санкт-Петербург авице-губернатор Анна Метианина, Ҟарачы-Черқьессктәи Ареспублика ахада Рашьыҭ Темрезов, Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс (АААК) Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы, Иавтономтәу, икоммерциатәым аилазаара «Алашара» ахада Мусса Егзакь.

Егзакь иазгәеиҭеит ари ахҭыс аҵак ду шамоу Санкт-Петербург иқәынхо ауааԥсыра зегьы рзы, лымкаалагьы Ҟарачы-Черқьесиа иалҵыз рзы.

«Ирацәаҩуп араҟа инхо ҳџьынџьуаа рхыԥхьаӡара. Ҳара ҳзы иҳаҭыр духоит ҳхәыҷқәеи ҳҩызцәеи ҳаманы абраҟа ааира, Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аан иҭахаз Ленинград ахьчаҩцәа ргәалашәара ашьаразы. Ҳара ҳзы ари амемориалтә хаҳә ақәыргылара – хҭыс дууп», – ҳәа азгәеиҭеит АААК ахантәаҩы.

Аусмҩаԥгатә ахьынӡацоз уи алахәцәа иргәаладыршәеит Ҟарачы-Черқьес тәыла аул Бесленеи иалҵыз аибашьцәа ргәымшәара. Ашәарҭара ду шыҟазгьы, урҭ рыҩнқәа рҿы ленинградтәи ахәыҷқәа афашистцәа ирцәырҵәахуан. Аибашьра ашықәс хьанҭақәа раан Ҟарачы-Черқьесиа абас аԥхьакырҭа роуит 32-џьа Ленинград аблокада иалгаз ахәыҷқәа.

Пискаревтәи аԥсыжырҭаҿы иҟоуп иара убас 2004 шықәса лаҵарамзазы иаартыз Аԥсны иалҵыз Ленинград ахьчаҩцәа рмемориалтә хаҳәгьы.

Ҟарачы-Черқьес тәыла афырхацәа рмемориал 101-тәихеит еиуеиԥшым арегионқәа рҟынтә иааны Ленинград зыхьчоз афырхацәа рмемориалтә комплекс аҟны.

Пискаревтәи аԥсыжырҭа шьаҭаркын 1939 шықәсазы Ленинград аҩадатәи аҵкар аҟны, ахьӡгьы аиуит ааигәа ишьҭаз ақыҭа Пискаревка иахаршаланы. 1941-1944 шықәсқәа раан Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аҿы иҭахаз ирзеиԥшу ԥсыжырҭахеит.

Аиашьаратә нышәынҭрақәа рҟны ижуп Ленинград аблокадаҿы зыԥсҭазаара иалҵыз ауааԥсыреи, Ленинградтәи афронт аҟны иҭахаз аибашьцәеи – иааидкыланы 470 нызқьҩык ауаа. Даҽа дыррақәак рыла – 520 нызқьҩык: 470 нызқьҩык аблокада иахәхази, 50 нызқьҩык аибашьцәеи. Пискаревтәи аԥсыжырҭа – адунеи аҿы зегьы иреиҳау ԥсыжырҭоуп Аҩбатәи адунеитә еибашьра иалаӡыз анышә иахьамадоу аԥсыжырҭақәа зегьы рҟынтә.