АААК аҭыԥантәи аҟәша Ахеилак аԥҵан Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс ахаҭарнакцәеи Очамчыра араион ауааԥсыреи реиԥылара аҳәаақәа ирҭагӡаны.

Саид Барганџьиа

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс ахаҭарнакцәа Очамчыра араион ауааԥсыра ирԥылеит аҩаша, жәаран 5 рзы. Аиԥылара ахыркәшамҭаз иаԥҵан Аконгресс аҭыԥантәи аҟәша Ахеилак, уи дахагылеит Очамчыра ақалақьуаҩ Даур Ҵәыџьба.

Ахеилак иалалеит иара убас: Екатерина Габелиа-Делба, Лика Ҵәыџьԥҳа, Сельма Чагәаа, Бадри Делба, Ахра Кәартаа, Мадина Шьоуа, Нора Миқаа, Ҭемыр Ԥачлиа, Мадина Чилачава.

АААК ауснагӡаратә маӡаныҟәгаҩ Инар Гыцба аизара иаҭааз ирзеиҭеиҳәеит Аконгресс аӡбахә, нас уи ааигәатәи гәҭакқәас иамоуи ртәы. Иара иазгәеиҭеит абас еиԥш иҟоу Аконгресс ахаҭарнакцәеи араионқәа рактивистцәеи реиԥыларақәа хықәкы хадас ирымоу ишреиуоу аҭыԥантәи аҟәшақәа рхеилакқәа раԥҵара.

«Ҳара системала аус зуша аимадара ҳабжьазарц ҳҭахуп, аҭыԥантәи ауааԥсыра рхаҭақәа ишиашоу аинициативақәа рыманы иқәгылаларц, дара ахьынхо араион апроблемақәа еиҳа иласны рыӡбаразы. АААК аҭыԥантәи аҟәшақәа рхеилакқәа аԥҵоуп Гал Тҟәарчали араионқәа рҿы, урҭ активла ҳусура рҽаладырхәхьеит», - ҳәа еиҭеиҳәеит Гыцба. 

АААК Иреиҳаӡоу ахеилак алахәыла Виачеслав Чрыгба очамчыраа ирзеиҭеиҳәеит Аконгресс аусура аҵак ду аманы ишыҟоу, раԥхьаӡа иргыланы аԥсуа-абаза милаҭ реиқәырхареи, реизҳареи рганахьала.

«Хаҭала сара сзы ари ҳажәлар реидкылара иацхраауа лшароуп, избан акәзар, ишдыру еиԥш, хыԥхьаӡара рацәала ҳдиаспора адунеи иалаԥсоуп. Хықәкы хадас иҳамоу - аглобализациа аҿаԥхьа ҳмилаҭ аиқәырхареи арӷәӷәареи роуп. Сгәыӷуеит, шәаргьы адунеи ахьынӡанаӡа-ааӡо ҳмилаҭ реидкылара иазааԥсо абри аиҿкаара шәалалоит ҳәа», – ациҵеит Чрыгба.

Еизаз рҿаԥхьа дықәгылеит иара убас Очамчыра инхо, Аԥсуа-абаза (абаза) милаҭ жәларбжьаратәи рассоциациа (1992 шықәсазы Аконгресс раԥхьаӡатәи хьӡыс иамаз - аред.) аԥцара ахыҵхырҭаҿы игылаз, иахьа Очамчыра араион абыргцәа рхеилак аиҳабыс иҟоу Аполлон Думаа. Иара игәалаиршәеит 1992 шықәса жьҭаарамзазы Лыхны ақыҭан имҩаԥысыз Аконгресс раԥхьаӡатәи аизара ду шыҟаз.

«Очамчыра араион ауааԥсыра акыршықәса раахыс Абазашҭатәи ҳашьцәеи ҳареи ҳаимадоуп. Ҳара ҭаацәарак ҳауп. Аибашьра (Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра 1992-1993 шш. - аред.) ҟалаанӡагьы даара ирацәаны ҳаиҿцаауан. Сара изныкымкәа Черқьесск сцахьан, уаҟа еснагь гәыбылра дула ҳрыдыркылон. Агәра ганы сыҟоуп Мусса Егзакь иааирала Аконгресс еиҳагьы еффективла аусура ишалаго», – ҳәа азгәеиҭеит иара.

Аиԥылараҿы иқәгылеит иара убас Аконгесс аҟны иаԥҵоу Аҳәса рхеилаки Аҿар рхеилаки рнапхгаҩцәа Гета Арӡынԥҳаи Леван Торчуеи, урҭ еиҭарҳәеит доусы напхгара ззыруа ахырхарҭақәа рыла аусура шцо.

«Иахьазы ихадароу хыдҵас ҳҿаԥхьа иқәгылоу – Аԥсны раионцыԥхьаӡа Аконгресс аҟәшақәа раартроуп, "амҩатә хсаала" ҳәа изышьҭоу аԥҵаразы. Уи ахсаалаҟны иарбахоит иконкреттәу асоциалтә проектқәа, раионцыԥхьаӡа рыпроблемақәа рыӡбара иазку. Уажәазы уаала ҳҽеиқәҳаршәароуп», – ҳәа азгәалҭеит Арӡынԥҳа.

Лара лажәақәа рыла, аҳәса рхеилакқәа русура хықәкы хадас иамоу иреиуоуп – зхатә ус, ма анаплакы ахацыркра згәы иҭоу, аха раԥхьатәи ашьаҿы аҟаҵара иацәшәо аҳәса рыцхыраара.

«Аҳәса ҳрыцхраар ҳҭахуп рџьабаала акрырҳараҿы, убри аан иахьынхо араион иалымҵқәа, аҭыԥан аусурҭақәа роурц. Аԥсны араионқәа зегьы рҟны аҳәса раԥшьгарақәа ҳарцыхцыхыр ҳҭахуп, рымчи-рылшеи агәра рго аҟаҵаразы», – ҳәа ацылҵеит лара.

Аиԥылараҿы иӡырган бызшәаларацәала аус зуа, Аконгресс аусура атәы еиҭазҳәо аинформациатә портал, уи еиднакылоит аԥсуа-абаза милаҭ рҭоурыхи ретнографиеи, иналукааша аҵеицәеи рыӡбахә еиҭазҳәо аматериалқәа.

Еизаз ахәыԥшырц ирыдгалан иара убас Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс ихымԥадатәиу партниорс иқәгылоу Жәларбжьаратәи аилазаара "Алашара" иазку адокументалтә фильм. Хәышықәсатәи аусура иалагӡаны "Алашара" алҵшәа бзиаӡақәа аанарԥшит ашәуаа рсоциалтә проблемақәа рыӡбараҿы, ашәуа қыҭақәа руааԥсыра рыбжьара аспорти акультуреи рырҿиара аганахьала иалшахьоу рацәоуп, комплексла аҭҵааратә усурақәа мҩаԥнагоит.

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс ахаҭарнакцәеи Очамчыра араион ауааԥсыреи реиԥылара - ахԥатәиуп аиԥш зеиԥшу Аԥсны араионқәеи ақалақьқәеи руааԥсыра рԥыларақәа рхыԥхьаӡараҿ. Абри аҩыза аиԥыларақәа мҩаԥгахоит Аԥсны араионқәа зегьы рҿы, Аконгресс ахь алахәцәа ҿыцқәа рааԥхьаразы, анаҩс уи аусура ралархәразы.