Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс иӡырнагеит апроект ҿыц – Адискуссиатә клуб.

Саид Барганџьиа

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Аԥсны аҳҭнықалақь аҿы ихацнаркит Адискуссиатә клуб аусура, араҟа инарҭбааны иалацәажәалоит аԥсуа-абаза жәлар реиқәырхареи рыҿиареи ирыдҳәалоу хадара злоу атемақәа зегьы.

Аклуб ӡырыргеит абҵара 7 рзы аибадырратә еиԥылараҿы, уи рхы аладырхәит Аконгресс Иреиҳаӡоу ахеилак алахәцәеи, аԥсуа массатә-информациатә хархәагақәеи. Ари нахыс апроект активла аусура иалагоит: уи иалахәхарц зҭаху разыҳәарақәа реидкылареи, аилатәарақәа реиҿкаареи рганахьала. Аклуб аилатәарақәа ирылахәхар рылшоит Аԥсны атәылауаа зегьы, қәрас ма социалтә статусс изҵанакуазаалак.

Аклуб анапхгаҩыс дыҟоуп ААУ Аполитологиеи асоциологиеи ркафедра арҵаҩы еиҳабы Ирина Турааԥҳа. Аклуб аусураҿы ихадароу принципс лара иалылкаауеит «аиҟарара» аформат. Уи иаанаго – аиԥыларақәа зегьы ҭаацәашәала имҩаԥыслоит, зегь рыла иаартны – аиԥылара иалахәу зегьы, аиҳабы-аиҵбы ҳәа еилых ҟамҵакәа, дара-дара реицәажәарала ишьақәыргылахоит аклуб аусура: аҿар аиҳабыратә абиԥара рхаҭарнакцәа азҵаара рырҭар рылшоит, абжьаратәи атәылауаа ракәзаргьы, ргәы иҵхо азҵаарақәа рыла ишиашоу аекспертцәа ирыдҵаалар рылшоит.

Адискуссиатә клуб алахәразы азыҳәақәа аарышьҭхьеит 28-ҩык ҳәа адырра ҟалҵеит Ирина Турааԥҳа.

Иаҳҳәап, аклуб аусура лхы алалырхәырц лыӡбеит Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа иатәу аҭҵаарадырра аҿиара афонд аҟәша аиҳабы Ханна Наҷҟьебиаԥҳа. Лара АААК акорреспондент изеиҭалҳәеит Аконгресс аусура дшацклаԥшуа, адискуссиатә клуб лассы ишхацыркхо атәы анлаҳагьы, лакҩакрада анкета шхалырҭәааз.

АБРИ АХҬЫС ИАЗКУ АВИДЕО АХӘАԤШРА >>

«Агәра ганы сыҟоуп, ари аклуб – аиҳабыратә абиԥареи аҿари еиԥымҟьо реиҿцәажәара ахьалыршахо ҭыԥхоит ҳәа, иара убасгьы ҳаилазаараҿы асоциалтә ҵакы змоу апроектқәа раларҵәаразы зеиӷьыҟам ак акәхоит ҳәа», – лҳәеит Наҷҟьебиаԥҳа.

АААК ауснагӡаратә маӡаныҟәгаҩ Инар Гыцба иазгәеиҭеит Адискуссиатә клуб аԥҵара аидеиа шықәсык аҟара алацәажәара шцоз.

«АААК аҽарҭбаауеит ҳаилазаараҿы акрызҵазкуа аусқәа рылахәхара аганахьала. Ҳара ҳшазхәыцуа ала, ари аклуб – апроектқәа «рышьҭаҵарҭатә банк» иаҩызахоит. Аҿарацәеи аиҳабацәеи реибабара, русеицура ахьалыршахо ҭыԥ бзиахоит ҳәа ҳақәгәыӷуеит», – иҳәеит Гыцба.

Аклуб аусураҿы иалкаауп ихадароу ф-хырхарҭак: аԥсуа бызшәа аиқәырхареи арҿиареи, ахатәы бызшәала иаԥҵоу алитература аларҵәара ацхраара, аԥсуа-абаза милаҭ рҭоурыхтә-культуратә ҭынха аиқәырхара, амилаҭтә ҭҵаарадырра аҿиареи аларҵәареи ацхраара, итрадициатәу аморалтә-етикатә кодекс Аԥсуара аиқәырхараҿы ацхыраара аҟаҵара, иааҳакәыршоу аԥсабареи аекологиеи рыхьчара.

АААК Адискуссиатә клуб аҳәаақәа ирҭагӡаны аусура иалагоит иара убас иавтономтәу апроект (ихадоу атемақәа рынахыс – аред.) – «Анацәеи абацәеи рыклуб». Уи хацыркхоит абҵара 30 рзы, напхгаҩыс дамазаауеит ахшара рацәа ран Кама Кәыҵниаԥҳа.

«Анацәеи абацәеи рыклуб» хықәкыс иамоу атәы далацәажәауа, лара иазгәалҭеит русура ихадоу х-хырхарҭак шамазаауа.

«Аспециалистцәа рԥыларақәа еиҿаҳкаалоит, анацәеи абацәеи рдыррақәа ирызҳарҳалоит, акрызҵазкуа, аинтересгьы зҵоу еиуеиԥшым онлаин-школқәа рахь иҳашьҭлоит. Хықәкы хадас иҳамоу – зхәыҷқәа рыԥсҭазаашьа аиӷьтәразы ак ҟазҵар зҭаху анацәеи абацәеи реидкылароуп. Ахәыҷқәа ирызҳацыԥхьаӡа ицәырҵуеит еиуеиԥшым азҵаарақәа, ауадаҩрақәа, убасҟан аспециалист, мамзаргьы уи ақәра иҭысхьоу ахәыҷқәа зааӡахьоу аӡәы иабжьгара даара иуҭаххоит», – лҳәеит Кәыҵниаԥҳа.

Адискуссиатә клуб шәалахәхарц азы анкета хашәырҭәаароуп, шәзызҿлымҳау ахырхарҭа алкааны, анаҩс иара шәышьҭыроуп абри аелектронтә пошьҭахь (discussclub@abaza.org). Хырхарҭацыԥхьаӡа иалахәхарц зылшо рхыԥхьаӡара ԥкуп: уи зыдҳәалоугьы аклуб аилатәарақәа ахьымҩаԥысуа аҭыԥ (Лакоба имҩала игылоу Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа

ракадемиа ахыбра актәи аихагылаҿы иҟоу «Алашара» аофис) 25-30-ҩык рыда ахьазымкуа ауп. Аха, иалкаау темак алацәажәара зҭаххо рхыԥхьаӡара еиҳахаргьы, аиҿкааҩцәа уи ацикл даҽазнык амҩаԥгара рҽазыршәоит. Реиҳа акрызҵазкуа аиԥыларақәа рвидеонҵамҭақәа АААК YouTube аканал аҿы иҭагалахоит. Иазгәаҭоуп иара убас аклуб аилатәарақәак асоциалтә ҳақәа рҿы ишиашоу ицо аефир ала рышьҭра.

АДИСКУССИАТӘ КЛУБ АЛАХӘҨЫ ИАНКЕТА АҬГАРА