20197

Лаҵара 21, Кавказтәи аибашьра анеилга амш аҽны Аԥсныи Нхыҵ Кавказ атәылақәеи рҿы алахьеиқәҵаратә митингқәа мҩаԥыргоит аибашьра иалаӡызи, мчыла зыԥсадгьыл иахцази ргәалашәара иазкны.

Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәалашәара иазку аџьабар амш – лаҵара 21 азы Аҟәа имҩаԥысит алахьеиқәҵаратә митинг.

Амитинг алахәцәа минуҭктәи аҿымҭрала иҭахаз ҳашьцәа ргәалашәара ршьеит, амҳаџьырцәа рбаҟа аҿаԥхьа ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит, иара убас ашәҭырқьақьақәа амшын ихырҵеит. Агәаларшәаратә усмҩаԥгатәқәа ари аҽны имҩаԥысуеит Аԥсны ақалақьқәа рҿы, Нхыҵ Кавказтәи ареспубликақәа рҿы, иара убас аԥсуа-абаза, адыга диаспорақәа ахьынхо атәылақәа рҿы.