Аԥсны аҳәынҭқарратә бираҟ  амш азгәарҭеит Сҭамԥыл инхо аԥсуа-абаза жәлар рхаҭарнакцәа.

Саид Барганџьиа

Аԥсны аҳәынҭқарратә бираҟ  амш – аԥсуаа жәпаҩны иахьықәынхо атәылақәа рҿы Акультура амш ҳәагьы изышьҭоу, азгәарҭеит Ҭырқәтәыла инхо аԥсуа-абаза диаспора ахаҭарнакцәа.

Агәырӷьаратә уснагӡатәқәа мҩаԥысит Есқьишьеҳир ақалақь азааигәара, иара убас аԥсуа қыҭа Тандыр аҟны.

Абираҟ амш азгәаҭара рхы аладырхәит 1500-ҩык инарзынаԥшуа ауааԥсыра, урҭ Ҭырқәтәыла еиуеиԥшым арегионқәа рҟынтә ари аныҳәа иаҭааит. Аԥсуа-абаза жәлар рконгресси, ауаажәларратә диаспоратә еиҿкаарақәеи иҟарҵаз ацхыраарала, аконцерттә программа мҩаԥган, уи иалахәын афольклортә-хореографиатә коллективқәа, ҭырқәтәылатәи аҵараиурҭақәа рҿы аҵара зҵо аԥсуа студентцәа, ашәаҳәаҩцәа, ашәҟәыҩҩцәа.

Аныҳәа иаҭааз зегь рахь ааԥхьаратә ажәа иманы дықәгылеит Аԥсуа культуратә центрқәа рфедерациа ахантәаҩы Аҭанур Аҟәысба. Иара иазгәеиҭеит Афедерациа 2009 шықәсазы ишаԥҵаз, аҵыхәтәантәи хышықәса инеиԥынкыланы Аԥсны абираҟ амшгьы шазгәарҭо.

«Ари амш – аԥсуаа зегьы иеицырзеиԥшу ныҳәоуп, адунеи ҭыԥс иахьынхозаалак. Есқьишьеҳир имҩаԥысуа иахьатәи агәырӷьаратә усмҩаԥгатәқәа рхы рыладырхәит араион ачынуаа рацәаҩны. Гәыкала ишәыдысныҳәалоит аҵак ду змоу иахьатәи амш! Хара ҳбираҟ лымкаала пату ҳзақәуп, избан акәзар уи рхы ақәырҵеит шәҩыла ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи», – иҳәеит Аҟәысба.

Аныҳәа иаҭааз рҿаԥхьа дықәгылеит иара убас Ҭырқәтәылатәи Ареспубликаҿы иҟоу, Азинмчра нагӡа змоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ахаҭарнак Вадим Ҳаразиа. Иара инаҵшьны иазгәеиҭеит ас еиԥш иҟоу аныҳәақәа адунеи иалаԥсоу абаза жәлар реизааигәатәра ишацхраауа.

«Ҳара ҳабацәа рыԥсадгьыл абираҟ азы хамеигӡарада иҭахон. Реиҳа ихьанҭоу аамҭақәа рзы абираҟ ҳаиднакылон. Аҭынчра аамҭазы – абираҟ ҳаидызкыло факторк аҳасабала иҟалап ҳәа агәыӷра сымоуп», – иҳәеит Ҳаразиа.

Аныҳәа иалахәыз Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс анагӡаратә маӡаныҟәгаҩ Инар Гыцба иажәақәа рыла, аныҳәа амҩаԥгараҿы ихадароу ҷыдарас сынтәа иҟалеит ателемост аиҿкаара. Уи абзоурала иалыршахеит Аԥсны, Ҟарачы-Черқьесиа, Ҭырқәтәыла, Иорданиа атәылақәа рҿы аамҭаказы имҩаԥысуаз аныҳәатә акциақәа ирылахәыз зегьы реидкылара.

«Ас еиԥш иҟоу аидеологиатә акциақәа ажәлар реидкылара, реизааигәатәра иацхраауеит, амилаҭтә хдырра иазнарҳауеит, аҳәаанырцә инхо ҳаицтәылауаа аетнокультуратә ҟазшьала рҭоурыхтә ԥсадгьыл еиҳагьы иаднаҳәалоит», – ҳәа игәы иаанагоит Гыцба.

Иахьатәи Аԥсны Аҳәынҭқарра абираҟ шьақәырӷәӷәан Аԥсны Иреиҳаӡоу Ахеилак асессиаҟны 1992 шықәса, ԥхынгәымза 23 рзы, Аҟәа, 1978 шықәсазтәи Аԥснытәи АССР Аконституциа аԥыхны, 1925 шықәсазтәи Аԥснытәи ССР Аконституциа амчра аҭаразы аӡбамҭа анрыдыркыла ашьҭахь. 2005 шықәса инаркны Аԥсны Аҳәынҭқарратә бираҟ амш официалла иазгәарҭоит ныҳәак аҳасабала ԥхынгәы 23 рзы.