Мусса Егзакь идҵала АААК аилазаашьаҿы иаԥҵоуп аусбарҭа ҿыц – Аконгресс Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы иаппарат.

Саид Барганџьиа

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь инапы аҵаиҩит АААК аилазаашьаҿы Аконгресс Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы иаппарат аԥҵаразы адҵа. Аппарат дахагылеит Кан Ҭаниа.

Ҿыц иаҭоу анапхгаҩы иазгәеиҭеит, аппарат – анапхгараҭаратә усбарҭак аҳасабала ишықәымгыло, уи Аконгресс аԥҟаԥҵәатә усура амҩаԥгара еиқәзыршәо, ахантәаҩы инапынҵақәа рынагӡара иацхраауа аилазаашьатә ҟәшаны ишыҟоу.

АААК арегионалтәи, аҭыԥантәи аҟәшақәа аус рыцура агәцаракра ду амазаауеит.

«Иаҭахны иаҳбоит Аконгресс арегионалтәи, аҭыԥантәи ахеилакқәа зегьы русура аҳәаақәҵара, насгьы дара-дара русеицура арҭбаара. Абарҭ ахықәкқәа рынагӡаразы иагьаԥҵан Аконгресс ахантәаҩы Мусса Егзакь иаппарат», – иҳәеит Кан Ҭаниа.

Иара иациҵеит Аконгресс амҽхак аҽшарҭбаауа: арегионалтәи, аҭыԥантәи аҟәша ҿыцқәа ашьақәгылара иаҿуп, ари апроцесс ԥхьаҟагьы иацҵахоит. Иахьазы иаԥҵоуп, аусгьы руеит Аԥсны, Ҭырқәтәыла, Урыстәыла (ҞЧА, ҞБА, Ставрополь, Санкт-Петербург, Москва) рҟны иаарту Аконгресс ахеилакқәа, аха уи зегь макьана «раԥхьатәи шьаҿоуп».

Аусбарҭа ҿыц аҿаԥхьа иқәгылоу ахыдҵақәа ируакуп – Аконгресс есышықәсатәи аусмҩаԥгатәқәа рыплан аиқәыршәара, урҭ ахантәаҩы иҿы рышьақәырӷәӷәара, нас рынагӡара ахылаԥшра, есышықәсатәи афинанстә уҳәа егьырҭ аҳасабырбақәа реиқәыршәара, ахантәаҩы дызлахәу аилатәарақәеи егьырҭ аусмҩаԥгатәқәеи разырхиара, ауааԥсыра разыҳәарақәа аус рыдулара, иара убас ахантәаҩы идҵақәеи иӡбарақәеи инарықәыршәаны ицәырҵуа егьырҭ афункциақәагьы рынагӡара.

Мусса Егзакь идҵала иаԥҵан иара убас аԥсуа-абаза милаҭ рыҿиара ацхырааразы жәларбжьаратәи аилазаара «Алашара» ахада иаппарат. Уи анапхгаҩысгьы даҭоуп Кан Ҭаниа.