Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс аҟны иаԥҵоу Аҳәса рхеилак алахәцәа Нхыҵ Кавказ имҩаԥысыз аԥсуа-абаза форум аихшьаалақәа ҟарҵеит.

Селма Базԥҳа

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс аҟны иаԥҵоу Аҳәса ркоординациатә хеилак алахәцәа Нхыҵ Кавказ имҩаԥысыз аԥсуа-абаза форум еихыршьаалеит, иара мҩаԥысуан жьҭаара 19-24 рзы Ставрополь, Черқьесск, Кисловодск, иара убас Гәымлоуқыҭ.

Афорум хьӡыс иаман «Аиуара иашьатоу еибабароуп», уи аихшьалақәа ҟарҵеит АААК апресс-центр аҟны жьҭаара 27 рзы имҩаԥысыз апресс-конференциа аҟны.

Аиԥылара аалыртит Аҳәса ркоординациатә хеилак ахантәаҩы Екатерина Бебиаԥҳа. Лара иҭабуп ҳәа ралҳәеит Аконгресс аусзуҩцәеи АААК Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакьи аныҟәара аиҿкаараҿы иҟарҵаз ацхырааразы, лара хаҭала ари аус анагӡара ахьлаҭәаршьаз азгьы.

 «Абри аҩыза аибабарақәа аҵак ду рымоуп аԥсуааи ашәуааи реизыҟазаашьақәа рырӷәӷәаразы. Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресси уи ахада Мусса Егзакьи иҭабуп ҳәа раҳҳәоит иҳарҭаз ацхырааразы. Ҳныҟәара акырӡа ибеиан, алҵшәагьы аманы имҩаԥысит», – лҳәеит Екатерина Бебиаԥҳа.  

Лара напхгара ззылуаз Аԥснытәи аделегациа иалан Аҳәса рхеилак алахәцәа: Аԥсуа радио ажурналист Алина Ачԥҳа, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет ажурналистика аҟәша 3-тәи акурс астудент Хьыбла Хәарцкьиа, иара убас Инесса Григолиаԥҳаи, Саида Габниаԥҳаи.

Афорум ахҭыс хадас иҟалеит Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс аҟны иаԥҵоу Аҳәса ркоординациатә хеилак ахантәаҩы Екатерина Бебиаԥҳаи Ставропольтәи атәылаҿацә аҟны иаԥҵоу ауаажәларратә еиҿкаара «Абаза» анапхгаҩы Армида Чагәаԥҳаи рыбжьара Еилахәу арҿиаратә проектқәа рынагӡаразы Аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра.

Аԥсны анацәа рхеилак ахантәаҩы, АААК Аҳәса ркоординациатә хеилак ҳаҭыр зқәу алахәыла Гули Кьычԥҳа илҳәеит ари аиқәшаҳаҭра аҵак ду шамоу, насгьы еиқәылԥҳьаӡеит уи аҳәаақәа ирҭагӡаны ԥхьаҟатәи гәҭакқәас иҟоу.

«Напы зҵаҩу аиқәшаҳаҭра акраҵанакуеит, уа иарбоуп хәҭа-хәҭала еихшаны хдара злоу аусқәа зегьы. Аиқәшаҳаҭра иалагӡаны ҳара ҳгәы иҭоуп аԥсуа-абаза жәлар реидкылара иазку аусмҩаԥгатәқәа реиҿкаараҿы аицхыраара, аиҳабыра абиԥареи аҿарацәеи реимадара арӷәӷәара, еицаҳзеиԥшу ацәыргақәҵақәа, афестивальқәа рымҩаԥгара Аԥсны еиԥш Ставропольтәи атәылаҿацә аҟынгьы. Аԥсуааи ашәуааи аҭҵаарадырра аганахьала иааиԥмырҟьаӡакәа аиҿцаара рыбжьазароуп, аҩ-жәларык ирылиааит иналукааша акультуреи аҭҵаарадырреи аусзуҩцәа. Иара убас ҳгәы иҭоуп аԥсышәалеи абаза бызшәалеи иҭыху адокументалтә, асахьаркыратә фильмқәа рӡыргара ҳацхрааларц», – лҳәеит лара.

Афорум алҵшәақәа реихшьалара авидеоеимадара ахархәарала рхы аладырхәит Ставрополь, Кисловодск, Черқьесск ақалақьқәа рҟынтәгьы: Ставропольтәи атәылаҿацә аҟны иаԥҵоу ауаажәларратә еиҿкаара «Абаза» анапхгаҩы Армида Чагәаԥҳа, Ашәуа қыҭақәа ирыланхо аҳәса рхеилак ахаҭарнак Наҭелла Џьмаҟәыл, агазеҭ «Абазашҭа» аредактор хада Фардаус Ҟәыл, Ставропольтәи аҳәынҭқарратә университет адоцент Владимир Ҟәырча, Черқьесск иҟоу ИАЕ «Алашара» аҟәша анапхгаҩы Мураҭ Мықәа.

Армида Чагәа лажәақәа рыла, Афорум хықәкы хадас иамоуп аԥсуааи ашәуааи реимадарақәа рырӷәӷәара, абиԥарақәа зегьы рыбжьара.

«Аԥсуа-абаза еизыҟазаашьақәа реиқәырхареи реизырҳареи алыршахоит ҳара-ҳара ҳаимадара ԥымҵәакәа иааҳгалар. Еицаҳзеиԥшу апроектқәа рынагӡара абзоурала ҳҿар еиҳагьы еизааигәахоит. Хара-харала ҳахьеимадоу адагьы абасеиԥш ҳаизцалароуп», – лҳәеит Чагәа.  

Афорум аусура иалагӡаны Ставрополь имҩаԥысит алитературатә хәылԥазы «Аԥсны ашықәснҵа ажурналист иблала». Ахәылԥаз еигәыцхәу ажәларқәа – аԥсуааи ашәуааи руникалтә культура аарԥшра иазкын. Ҳаҭыр зқәу сасык иаҳасабала уа дықәгылеит Аԥсны аҳәса ркоординациатә хеилак ахантәаҩы Екатерина Бебиаԥҳа.

Черқьесск, агазеҭ «Абазашҭа» аредакциаҿы Аҳәса рхеилак алахәцәа 1992-1993 шықәсқәа рзтәи Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы хатә гәаԥхарала аԥсуаа ирывагыланы иқәԥоз аибашьцәа рыуацәа ирԥылеит.

Кисловодск имҩаԥысит амилаҭтә-культуратә автономиа «Абаза» активи ауаажәларратә еиҿкаара «Абазашҭа» алахәцәеи рԥылара. Афорум апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны аҳәсақәа Гәымлоуқыҭ анхацәагьы ирԥылеит, иара убас аҭыԥантәи ахәышәтәырҭа-рзҩыдаратә комплекс иаҭааит.

Аԥснытәи аделегациа иалаз ААУ ажурналистика аҟәша астудент Инесса Григолиа илҳәеит дызлахәыз аусмҩаԥгатә цәаныррақәас илнаҭаз.

«Ставрополие ҳцаны ҳаешьаратә жәлар – ашәуаа ҳалала иахьаҳбаз – хҭыс дууп ҳара астудентцәа ҳзы. Афорум цонаҵы аӡәырҩы ҳрабадырит, аҩызцәа ҿыцқәа ҳарҳаит. Аҭыхрақәа ҳамацара имҩаԥаҳгон, ҳԥышәа еимаҳдон. Уажәшьҭа ҳҩызцәа Аԥсныҟа раара ҳазыԥшуп. Ҳақәгәыӷуеит уи лассы иҟалап ҳәа», – азгәалҭеит Григолиаԥҳа.

Аԥсуа-абаза форум «Аиуара иашьаҭоу еибабароуп» АААК аҟны иаԥҵоу Аҳәса ркоординациатә хеилак имҩаԥнагаз аҩбатәи проектуп. Хара имгакәа аиԥш зеиԥшу афорум мҩаԥысраны иҟоуп Аԥсны.