АААК аҟны иаԥҵоу Аҳәса ркоординациатә хеилак ахантәаҩы Аԥсны ахақәиҭразы иҭахаз аҵеицәа ранацәа рԥылара еиҿылкааит.

1992-1993 шықәсқәа рзтәи Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьраҿы Аиааира амш 29 шықәса ахыҵра аламҭалазы АААК аҟны иаԥҵоу Аҳәса ркоординациатә хеилак ахантәаҩы Екатерина Бебиаԥҳа Аԥсны анацәа рхеилак алахәылацәа дырԥылеит. Аиԥылара мҩаԥысит цәыббра 29 рзы Аԥсуа ҳәынҭқарратә университет афилологиатә факультет аҟны арҵаҩцәеи астудентцәеи алархәны.

Аибашьраан анацәа иаадырԥшыз аилкаареи аӡәкреи, афырхацәа ргәымшәареи ирылацәажәеит, уи аамҭа иазку ргәалашәарақәа ирзыхынҳәит Анацәа рхеилак аиҳабы, Аҳәса ркоординациатә хеилак аҳаҭыр зқәу алахәыла Гули Кьычԥҳаи уи лҩызцәеи: Заира Џьопуа-Лагәлаа, Ҭамара Аҩӡԥҳа-Езыгәбаиа, Емма Ермолова, Ламара Ҳашԥҳа-Қәычбериа.

Аԥхьа ахәылԥаз асасцәеи алахәцәеи минуҭктәи аҿымҭрала иргәаладыршәеит Аԥсны ахақәиҭразы иҭахаз, анаҩс иеизаз зегьы аԥсшәа ралҳәеит АААК аҟны иаԥҵоу Аҳәса ркоординациатә хеилак ахантәаҩы Екатерина Бебиаԥҳа. Лара анацәа рахь лхы нарханы иҭабуп ҳәа ралҳәеит зыԥсадгьыл азы зхы иамеигӡаз афырхацәа ахьырааӡаз азы, иагьацылҵеит дара анацәа рхаҭақәагьы ргәымшәареи ргәамч аӷәӷәареи акырӡа шаҵанакуаз.

«Анацәа иаадырԥшыз агәымшәареи, агәамчи, ахамшаҭареи атәы ибзиаӡаны иҳәеит раԥхьати ҳхада Владислав Григори-иԥа Арӡынба. Иара лассы-лассы иҳәалон аибашьраҿы ҳиааира ахыҵхырҭаҿы игылоу аԥсуа анацәа роуп ҳәа», – азгәалҭеит Екатерина Бебиаԥҳа.

АААК Аҟәатәи аофис анапхгаҩы Ҭемыр Рекәаа аиԥылара иалахәыз Аԥсны анацәа рхеилак алахәылацәа Аиааира амш рыдиныҳәалеит ҳамҭасгьы иранеишьеит асахьаҭыхҩы Гарри Дочиа ҷыдала доусы лзы иаԥиҵаз асахьақәа.

Анаҩс еизаз иддырбеит Аԥсны афырԥҳәыс ҳәа ззуҳәаша аҳәса ирызку афильмқәа рцыԥҵәахақәа, иҭахаз аҵеицәа ранацәагьы зну архивтә кадрқәа уахь иналаҵаны. Ари аҩыза ахроника ахәаԥшра анацәа рықәгыларақәа рыла ихырҷан, дара аҿар ирылабжьон, ргәалашәарақәа рыцеиҩыршон.

«Ҳара ҳаҷкәынцәа ҭахеит Аԥсны ахақәиҭреи ахьыԥшымреи раагара ишазықәԥоз, ари ашәышықәсала ҳажәлар ззааиуаз ахықәкы акәын. Ҳаԥсадгьыл ахьыԥшымра шьала иаагоуп, хәы змаӡам акоуп, уи уажәшьҭа шәара ихьчаны ишәымазароуп, ҿыц игыло абиԥарақәа ирзеиқәшәырхароуп», – ҳәа астудентцәа рахь лхы нарханы дцәажәеит Ҭамара Аҩӡԥҳа-Езыгәбаиа.

Аҿар рхаҭарнакцәа рыхәҭаахьалагьы анацәа иҭабуп ҳәа рарҳәеит имҩаԥыргаз аиԥыларазы, дара рҿаҟынтә аҭоурыхтә хҭысқәеи афырхацәеи рыӡбахә ахьраҳаз азы.

«Иҭабуп ҳәа шәасҳәоит аӡәыцыԥхьаӡа иахьа абра шәааины шәагәалашәарақәа ахьҳацеиҩышәшаз. Шәара ҳара ҳзы шәҿырԥшыгоуп. Шәгәымшәареи шәгәамчи угәы шьҭырхуеит. Ҳреихырхәоит шәыҷкәынцәа, урҭ рфырхаҵара наунагӡа хашҭра ақәым!» – лҳәеит афилологиатә факультет 3-тәи акурс астудент Хьыбла Хәарцкьиаԥҳа.

Афилологиатә факультет адекан Баҭал Хагәышь иазгәеиҭеит ас еиԥш иҟоу аиԥыларақәа аҵара процесс азы аҵак ду шрымоу, даара иаҭахны ишыҟоу.

«Астудентцәеи ашколхәыҷқәеи рзы имҩаԥгалатәуп ари аҩыза аиқәшәарақәа. Аҿар ртәыла аҭоурых рдыруазароуп, изхысыз дырны уи ҵыргәас иҟарҵаларц, раԥхьаҟа гха рмыхьырц, аԥеиԥш лаша рымазарц. Аҭоурых ашәҟәаҿы уаԥхьаны иуҵеит ҳәа иунаҭо маҷуп, уи зхызгаз ауаа рлакҭа уҭаԥшхьазароуп, ражәа улымҳа иҭыҩхьазароуп», – иҳәеит иара.

АААК аҟны иаԥҵоу Аҳәса ркоординациатә хеилак ахантәаҩы Екатерина Бебиа еиҿылкааз Аԥсны анацәа рхеилак ахаҭарнакцәа рԥылара – раԥхьатәи усмҩаԥгатәуп цәыббрамзазы иаԥҵаз Аҳәса рхеилак имҩаԥнагаз.