АААК Анацәеи абацәеи рыклуб имҩаԥнагеит аҩбатәи апрактикатә еиԥылара – уажәазы аклуб алахәцәа зԥылаз специалистны дҟалеит ахәыҷтәы ҳақьым Асҭанда Кәарҷиаԥҳа.

Саид Барганџьиа

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс иатәу Анацәеи абацәеи рыклуб аҟны имҩаԥысит Москватәи «Ахәыҷқәа ргәабзиара аҭҵара иазку аҭҵаарадырратә медицинатә центр» иатәу Хырԥашьа змам апедиатриа аҟәша иналукааша апедиатр Асҭанда Кәарҷиаԥҳа лԥылара.

Аиԥылара мҩаԥысуан ҩ-сааҭк инарзынаԥшуа. Абри аамҭа иалагӡаны аиԥылара иалахәыз, еиҳаракгьы анацәа, асас илырҭеит ахәыҷқәа ргәабзиара иазку азҵаара рацәаны. Зҵаарақәак рыла еилашуа аилацәажәарақәа хтит. Ахәыҷтәы ҳақьым анацәа ргәы иҵхоз азҵаарақәа зегьы инарҭбааны рҭак ҟалҵеит.

Асҭанда Кәарҷиаԥҳа лыԥсадгьыл Аԥсныҟа мчыбжьык ҳәа дааит. Аҳақьым қәыԥш аамҭа рацәа шлымамызгьы, Анацәеи абацәеи рыклуб еиҿнакааз аиԥылара алахәхара дақәшаҳаҭхеит. Иахьазы, аҳақьымтә практика адагьы лара аҭҵаарадырратә усурагьы лнапы алакуп. Аҳақьым ишылҳәаз ала, иақәкны илымоуп Аԥсныҟа ахынҳәра, араҟагьы лзанааҭ ала аусура ацҵара.

Ахәыҷтәы ҳақьым Асҭанда Кәарҷиаҧҳа лыҿцәажәара инагӡаны шәахәаҧшыр шәылшоит абра>>

Лара иазгәалҭеит, Анацәеи абацәеи рыклуб аартра – иаҭахызижьҭеи крааҵуаз «даараӡа ибзиоу, актуалра зҵоу идеианы» ишыҟоу.

«Лассы-лассы, анацәеи абацәеи хаҭала рҽазыршәоит ахәыҷы симптоматикала ихәышәтәра (еиуеиԥшым амзызқәа змазар зылшо ачымазара иацааиуа ацәырҵрақәа рымацара раԥыгара – аред.). Аклуб абзоурала анацәеи абацәеи ироуеит ихадароу, шьаҭанкылатәи адыррақәа, иаҳҳәап, аҳақьым иахь ахәыҷы игара анахәҭоу, алакҩакра аныҟамло, ииашаны амцашоура аларҟәышьа атәы уҳәа. Абарҭ адыррақәа змоу анацәеи абацәеи, иаабац аинфекциа аҩны ишыҟоугьы иаиааирц рылшоит. Сара сгәаанагарала, Анацәеи абацәеи рыклуб имҩаԥнаго аиԥыларақәа – ахәыҷқәа зааӡо зегьы рзы даараӡа иаҭахуп, еиҳаракгьы анацәа қәыԥшқәа рзы, урҭ роуп лассы-лассы агәыҭҟьа-ԥсыҭҟьара аазырԥшуа, ашәарақәагьы змоу», - лҳәеит Кәарҷиаԥҳа.

Аиԥылара лхы алалырхәит Еиду Амилаҭқәа Реилазаара иатәу Ахәыҷтәы фонд ИУНИСЕФ Аԥсны иҟоу ахаҭарнак Нала Аргәын. Афонд х-хырхарҭак рыл аус ауеит: аҵарадырра, агәабзиарахьчара, асоциалтә маҵзурақәа рыҿиара. Афонд апроектқәа зегьы ишакәзаалакгьы анацәеи, абацәеи, урҭ рхәыҷқәеи ирызцәырҵуа ауадаҩрақәа ирыдҳәалоуп.

«Ҳара еилаҳкаауеит, шаҟа ифундаменталтәу анацәеи абацәеи иааныркыло ароль. Арҭ аиԥыларақәа ишаҳдырбо ала, араҟа анацәеи абацәеи аспециалист иҟнытә хәарҭара злоу, зхаҭабзиара ҳараку аинформациа ахьроуа адагьы, ирымоуп алшара егьырҭ анацәеи абацәеи рабадырразы, рацәажәаразы, ирызцәырҵуа еиуеиԥшым апроблемақәа дара реиԥш егьырҭ аҭаацәарақәагьы ишрымоу аилкааразы», - лҳәеит Аргәынԥҳа.

Аҧсны иҟоу ЕАР ИУНИСЕФ Ахәыҷтәы фонд ахаҭарнак Нала Аргәынҧҳа лыҿцәажәара инагӡаны шәахәаҧшыр шәылшоит абра>>

Аклуб аилатәара ихы алаирхәит аб қәыԥш, АААК Ауснагӡаратә маӡаныҟәгаҩ Инар Гыцба. Уи еиҭеиҳәеит ахәыҷқәа рааӡараҿы хаҭала иара имоу аԥышәа атәы, насгьы иазгәеиҭеит АААК аклуб здыррақәа реизырҳара иашьҭоу анацәеи абацәеи рзы ишаԥҵоу.

Ҩыџьа ахәыҷқәа ран Саманта Аиԥҳа лгәаанагарала, ҳаамҭазы ирацәоуп, еиҳаракгьы аинтернет аҟны, узырблаҟьо, еиқәымшәо, ма еиҿагыло аинформациа, убри амшалагьы иҟалалоит анацәеи абацәеи иҟарҵо рзымдыруа ианықәхо. Убри азы аспециалистцәа рԥылара даара акраҵанакуеит.

«Аамҭа ԥхьаҟа ицоит, амедицина ҿиоит, ахәыҷтәы психологиа ҿиоит, аҽаԥсахуеит. Ҳтәыла ахьыԥшымра адунеи зегь аҟны иахьазхарымҵац иахҟьаны, хра злоу аинформациа аофициалтә ҳаракыра аманы ҳара ҳҟынӡа иааиаанӡа аамҭа рацәа аҭахуп, акыр иагхангьы иаҳзаауеит. Убри аҟнытә анацәеи абацәеи аофициалтә дыррақәа ианраԥасуагьы ыҟоуп, аинформациа аинтернет аҿы еилыркаауеит. Аха лассы-лассы уи аинформациа еиҿагылоит… ус аныҟало, анацәеи абацәеи иҟарҵо рзымдыруа иқәхоит, дара аҳақьымцәа рхаҭақәагьы ирҳәо еиԥшӡам. Аклуб ацхыраарала анацәеи абацәеи ирылшоит аинформациа ииашаны адкылара, аиҿырԥшра, хәарҭара злоу алкаара, агәаанагарақәа реимдара», - лҳәеит Саманта Аиԥҳа.

Ҩыџьа ахәыҷқәа зааӡо Аԥсны ахада иԥкаанҵатә усбарҭа аиҳабы Хьыбла Возԥҳа аиԥылара ахә ҳаракны илшьеит, иагьазгәалҭеит анацәеи абацәеи рзы акыр шаҵанакуа хаҭала аҳақьымцәа рԥылара, ахәыҷқәа анычмазаҩу мацара акәымкәан, урҭ ргәы аныбзиоугьы, избан акәзар усҟан ауп ҭынч азҵаарақәа рыҭиразы алшара аныҟоу.

«Аклуб абзоурала иҳалшоит ҳгәаанагарақәа еибаҳҳәарц, аҳақьым икабинет анҭыҵ иуԥымло аспециалистцәа ҳарԥыларц, ичмазаҩхаз ахәыҷы дҟыуҵәыуо ҳнапы дакымкәа ҭынч ҳрацәажәарц», - лҳәеит аиԥылара алахәҩы.

Анацәеи абацәеи рыклуб анапхгаҩы Кама Кәыҵниаԥҳа еиҭалҳәеит, иҿыцу аиԥыларақәа еиҳа еффективла имҩаԥысларц азы, урҭ реиҿкааран имҩаԥысхьоу аиқәшәарақәа рԥышәа шазгәарҭо.

«Ҳара ҳзы акраҵанакуан ииашоу, еиҳа хәарҭара злоу, анацәагьы ҳаргьы еиҳа иаҳзааигәоу аформат аилкааразы акык-ҩбак аиԥыларақәа рымҩаԥгара. Иҳауз ақәҿыҭра даараӡа ҳгәы азҭоуп. Иааиуа [2020-тәи] ашықәс азы аклуб аҭааҩцәа еиҳагьы ирацәаҩхоит. Уажәнатә аҭел иаҳзасуеит, иаҳзырыҩуеит. Аҽырҭбаара ҳазхәыцуеит», - лҳәеит Кама Кәыҵниаԥҳа.

АААК Адискуссиатә клуб инагӡаны ҩымзгьы зхымҵуа аусура аихшьалақәа ҟаҵо, аклуб анапхгаҩы Ирина Турааԥҳа иазгәалҭеит, апроект қәҿиарала аусура шхацнаркыз. Абҵарамза анҵәамҭазы аусура иалагаз Анацәеи абацәеи рыклубгьы, лара лгәаанагарала, ааишьа даара ибзиоуп.

«[Имҩаԥысыз] аиԥыларақәа рыла иуҳәозар, ауаа рацәа уи аинтерес рымоуп, избан акәзар доусы ринтересқәа рыла иҟоу еиуеиԥшым аклубқәа рацәоуп, аха анацәеи абацәеи хыԥхьаӡарала зегьы иреиҳауп, убри аҟнытә ари – зегь иреиҳаны Аԥсны ауааԥсыра еидызкыло клубуп. Араҟа ҳазлацәажәо апроблемақәа еснагь актуалра рымазаауеит», – ҳәа лажәа хлыркәшеит Ирина Турааԥҳа.

Анацәеи абацәеи рыклуб – Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс иаԥнаҵаз Адискуссиатә клуб иапроект ҷыдоуп, иара аусура иалагеит абҵарамза 30 рзы. Анацәеи абацәеи рыклуб алахәҩыс иҟалар рылшоит ахшара дызмоу, ахәыҷқәа зааӡо зегьы. Аиҿкааҩцәа ражәақәа рыла, уи азы ихадароу – «азҿлымҳареи амотивациеи» рыҟазаароуп.