Аԥсны раԥхьатәи акультуратә-спорттә фестиваль «Абаза» аламҭалазы АААК апресс-центр аҟны амассатә-информациатә хархәагақәа рзы апресс-конференциа мҩаԥысит.

Саид Барганџьиа

Аԥсны имҩаԥысраны иҟоу акультуратә-спорттә фестиваль «Абаза» аӡбахә ажурналистцәа ирзеиҭарҳәеит АААК апресс-центр аҿы, ахәаша, жьҭаара 11 рзы.

Апресс-конференциа алахәцәа рҿаԥхьа дықәгылауа, Аконгресс аппарат анапхгаҩы Кан Ҭаниа иазгәеиҭеит, афестиваль амҩаԥгара импульсны иазыҟалеит ҳәа ИАЕ «Алашара» ҞЧА инанагӡо аусура қәҿиаралатәи аԥышәа: абар уажәшьҭа фышықәса раахыс ассоциациа аиԥш зеиԥшу афестиваль мҩаԥнагоит Черқьесск ақалақь аҟны, алаҵәара дугьы амоуп аԥсуа-абаза диаспора рыбжьара.

«Раԥхьатәи ашықәс азы ҞЧА имҩаԥысуаз афестиваль иалахәын 50-ҩык ауааԥсыра, адырҩашықәсазы – 120-ҩык раҟара. Сынтәа Черқьесск имҩаԥысыз афестиваль «Абаза» иаҭааит 2500-ҩык. Афестиваль алшара ҟанаҵоит адунеи иалаԥсоу аԥсуа-абаза диаспора ахаҭарнакцәа дара-дара реибадырразы», – иҳәеит Ҭаниа.

Иара иазгәеиҭеит афестиваль Аԥсны амҩаԥгара аҵак ду шамоу.

«Хадара злоу ахыдҵақәа ируакуп – еиуеиԥшым атәылақәа рҿы инхо ҳџьынџьуаа рҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь ихынҳәыртә еиԥш аҭагылазаашьақәа раԥҵара. Ари афестиваль цхыраагӡоуп ҳџьынџьуаа ҳкультура разхьарԥшра аус аҿы, – ҳәа алкаа ҟаиҵеит Кан Ҭаниа, иагьациҵеит аԥсуааи абазақәеи рыбжьара «абжьааԥнытәи ауаҩытәыҩсатә еизыҟазаашьақәа ҿиалароуп» ҳәа.

Афестиваль апрограмма атәы ажурналистцәа инарҭбааны ирзеиҭалҳәеит АААК Аҳәса рхеилакқәа рнапхгаҩы Гета Арӡынԥҳа. Лара иазгәалҭеит афестиваль ҩ-етапкны ишымҩаԥысуа. Актәи ахь иаҵанакуеит Аконгресс Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь ихраҿа агаразы зхы иақәиҭу аиқәԥаразы жәларбжьаратәи атурнир. Иара мҩаԥысуеит Гәдоуҭа. Аҩбатәи аетап акультуратә программала ишьақәгылоуп, иагьымҩаԥысуеит Аҟәа, Амҳаџьырцәа рыԥшаҳәаҿы.

«Афестиваль ақәгыларатә программа агәыцәс иҟазаауеит аҭаца аҩнду лыҩнагара иазку ажәытә абаза ҵас ареконструкциа. Аҽны идыргыло ацәыргақәҵатә қьалаҿы ицәыргахоит Ельбырӷан ақыҭа иатәу аетнографиатә музеи, Аԥсны аҳәынҭқарратә музеи рҵәахымҭақәа ирылху аекспозициа. Иара убри ацәыргақәҵатә ҭыԥ аҿы идырбахоит иара убас афестиваль аҳәаақәа ирҭагӡаны ҷыдала арахь иаарго акостиумқәа. Адәы зегьы галереиак аҳасабала иҟалоит, апостерқәа иреиԥшны икьыԥхьу абазақәа ржәытә фотосахьақәа рцәыргақәҵа мҩаԥысуеит, «Ҳабазоуп ҳәа рхы иазырҳәоит» зыхьӡхо. Абаза милаҭтә чысқәа ргьамабара рылшоит изҭаху зегьы, урҭ ҷыдала ирхианы иааргоит Ҟарачы-Черқьестәылантә ИАЕ «Алашара» иатәу Аҳәса рхеилак алахәцәа», – ҳәа еиҭалҳәеит Арӡынԥҳа.

АААК Аҳәса Рхеилакқәа рнапхгаҩы иазгәалҭеит афестиваль аиҿкааҩцәа раԥхьаӡа иргыланы хықәкыс ишрымоу «ҳаауажәлар амилаҭтә цәа зхоу аныҳәа ԥшӡа ҳамҭас рыҭара, зҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь иаауа ҳашьцәа абазақәеи ҳареи акультура аганахьала ҳҽеимаҳдартә аҟаҵара».

Лара иацҵаны илҳәеит, афестиваль хықәкы хадас ишамоу – аԥсуа-абаза жәлар реидкылара, уи азҵаара аӡбарагьы аиҿкааҩцәа азнеиуеит «еицаҳзеиԥшу аҭоурых агәылаԥшрала» ҳәа.

«Убри азоуп асценартә план аҟны аҭоурыхтә, аетнографиатә материал абас азҿлымҳара ду замоу. Уаанӡа ҳшыҟаз атәы аиҭаҳәара хымԥадатәны иҳаԥхьаӡоит иахьа ҳзакәу аилкааразы, ҳмилаҭтә хдырра ашьақәыргыларазы. Уаанӡатәи ҳакзаара ҩаԥхьа ҳазааироуп, уи ада ҳмаҭәаӡам, ас еиԥш иҟоу аусмҩаԥгатәқәа убри аус иацхраауеит», – ҳәа азгәалҭеит лара.

Афестиваль аспорттә хәҭа атәы ҳҳәозар, ари аҩыза зхы иақәиҭу аиқәԥаразы атурнирқәа Аԥсны уажәадагьы акырынтә имҩаԥысхьан. АААК Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь ихраҿа агаразы атурнир раԥхьаӡа акәны имҩаԥысит жәашықәса раԥхьа, уи аахысгьы алаҵәара ду аиуит аспортсменцәа рыбжьара. Абри атәы азгәеиҭеит зхы иақәиҭу аиқәԥаразы аклуб «Абаза» ауснагӡаратә директор Леонид Боџьгәуа, иагьациҵеит ииасыз ашықәсқәа рыла аклуб «аихьӡара дуқәа аиуит» ҳәа.

«Сынтәа атурнир иалахәуп ақалақьқәа Москва, Санкт-Петербург, Калининград, Шәача рҟынтә аспортсменцәа, убасгьы Ҟарачы-Черқьесиа, Адыгатәыла, Нхыҵ Уаԥстәыла, Аахыҵ Уаԥстәыла, Ҟабарда-Балкариа, Ингәыштәыла рҟынтә аспортсменцәеи Аԥсны ақалақьқәа зегьы рҟынтә ақәԥаҩцәеи. Ҳтурнир ақәратә категориақәа ҩба рыла еихшаны имҩаԥысуеит. Акадетцәеи ақәыԥшцәеи ҳәа. Акадетцәа – 15-16 шықәса рхыҵуеит. Ақәыԥшцәа – 17-18 шықәса. Зынӡа 200-ҩык раҟара алахәцәа ыҟоуп», – иҳәеит Боџьгәуа.

Акультуратә-спорттә фестиваль «Абаза» мҩаԥысуеит Аԥсны хымш рыбжьара, иагьхацыркхоит жьҭаара 16 рзы Гәдоуҭа, ҩымш ицало зхы иақәиҭу аиқәԥаразы атурнир ала. Жьҭаара 18 рзы афестиваль Аҟәаҟа имҩахыҵуеит, иагьацҵахоит Амҳаџьырцәа рыԥшаҳәаҿы, Аԥсуа драматә театр аҿаԥхьа акультуратә программала. Аҟәа аныҳәа алагоит асааҭ 13:00 рзы иаахәлаанӡагьы ицалоит.