6856

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь Ашықәс ҿыц аламҭалазы Аԥсни Урыстәылеи ажәларқәа рахь ааԥхьара ҟаиҵеит.

Акыр иаԥсоу аҩызцәа!

Ҽааныбзиала шәнеиааит! Ԥшӡала шәҭалааит 2023-тәи ашықәс!

Иҳаҩсыз 2022 шықәса Аԥсни Урыстәыла дуӡӡеи ртоурыхқәа рҿы, доусы ҳаԥсҭазаарақәа рҿы уажәшьҭа иааҳарҳәыз ашәҟәы абӷьыц еиԥшхеит. Ҳҭоурых ҳнапала иҳаҩуеит, ҳагәҭакқәа нагӡауа, ҳгәазырҳәарақәа ҳрызцо, аҭаацәара ҿыцқәа аԥҵауа. Ашықәс амшқәа зегьы ҳауаажәлари ҳаԥсадгьыли ҳгәы рзыбылуа иаҳхаҳгеит, ҳажәлар ргәалашәараҿы акрызҵазкуа арыцхәқәеи ҳмилаҭтә ҵас-қьабзқәеи ҳаҭыр ҳазрықәны. Ҳнеибеиԥшны зегьы ашықәс ҿыц азы абзиарақәа ҟалап ҳәа ҳгәыӷуеит. Аха еилаҳкаауеит, иаҳԥеиԥшу – иахьа ҳазхаану ахҭысқәа ишырхылҿиаауа.

Арҭ амшқәа рзы ҳхаҿы иааиуеит 2022 шықәсазы зегь реиҳа агәыхыҭхыҭра зцыз аимгеимцарақәа. Ацәгьеи абзиеи рышьхәа еивҵоуп, зегь акоуп ари ашықәсгьы иаҳнарҵаз ыҟоуп, аԥышәа ҿыц ҳауит, уажәшьҭа инаскьаго ҳгәырӷьареи ҳхьааи ҳацеиҩызшоз ҳауацәеи ҳҭахцәеи иҭабуп ҳәа раҳҳәоит. Иахьа аамҭа уадаҩ ҳҭагылоуп, асқәа раан еиҳагьы абзиарахь ухы урхалароуп: аԥҵара, арҿиара, аргылара. Доусы иҿаԥхьа иқәиргылаз ахыдҵақәа изынагӡозар, иуаажәлари иҳәынҭқарреи даара дрыхәоит.  Агәыӷра ҳамоуп ашықәс ҿыц аҭынчреи, аҭышәынтәалареи, алшара дуқәеи ҳзаанагап ҳәа, урҭ ҳхы ишаҳархәаша, раԥхьаӡа иргыланы ҳара ҳауп изыӡбо. 

Даҽазныкгьы гәыкала ишәыдысныҳәалоит ари аҭаацәаратә ныҳәа лаша, шәгәакьацәеи шәареи напеикәырша шәаԥылааит Ашықәс ҿыц!

Ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, аманшәалара, шәыҩнаҭақәа рҿы аҳәоуеиқәшәареи, анасыԥи, абзиабареи ыҟазааит!