Ԥсҳәы ақыҭа ауааԥсыра ргәабзиара гәарҭеит Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресси Агәабзиарахьчара аминистрреи адиспансеризациазы еицымҩаԥырго апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны цәыббра 15-18 рыҩныҵҟа. Уажәазы аҳақьымцәа уахь рнеира уаанӡа еиԥшымкәа амҽхак ҭбаан.

АААК уаанӡа ақыҭақәа рҿы адиспансеризациа мҩаԥнагон арҵаҩцәеи аҵаҩцәеи рзы, аха Ԥсҳәы азы иӡбан ҽакала азнеира, ақыҭауаа арахь рылбаара ахьыуадаҩу аҟынтә. Убри азы адуцәагьы ахәыҷқәагьы амедицинатә гәаҭара иахыжьын. Агәабзиарахьчара аминистрра, Аҟәа араион ахадара, аполиклиникақәа рыдгыларала инарҭбааны агәаҭара мҩаԥган. Раԥхьаӡакәны Ԥсҳәыҟа ихагалан УЗИ, ЕКГ аппаратқәа, еиҭарго арентгенодиагностиатә комплекс.

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Аҵареи, асоциалтә активреи, агәабзиарахьчареи рыҟәша анапхгаҩы Изольда Ҳагԥҳа амедусзуҩцәа арахь рнеира даԥшьгаҩын, дагьеиҿкааҩын.

«Арахь ҳаара аҽазыҟаҵаратә усқәа аԥхьанеиуан. Адиспансеризациа араион аполиклиника иахьаду ҳазхәыцны аполиклиника аиҳабы Андреи Ҭыжәбеи ҳареи ҳаилацәажәан аусура аплан шьақәҳаргылеит. Анаҩс, агәабзиарахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ Саида Делԥҳаи  аминистрра аҟазауаҩ хада Есма Гәниаԥҳаи ҳареи аҳақьымцәа ргәыԥ аиҿкаара нап аҳаркит. Аҟәа араион ахада Алхас Ҷыҭанааи Ԥсҳәы ахада Пиотр Новинкини амедусзуҩцәа рыбригада аҭыԥ аҿы рыҟазаара, рныҟәгара азҵаара рыӡбуан», - ҳәа еиҭалҳәоит Изольда Ҳагԥҳа.

Лара иазгәалҭеит ари аҩыза акциа ауадаҩрақәа шацу, аха урҭ  зегьы аӡбра рыҭаны ақыҭауаа рзы имҩаԥгаз ауснагӡатә хра ду шамаз.

 «Акциа иадҳаԥхьалаз амедусзуҩцәа зегьы ацԥыҳәаны иахьҳадгылаз иалнаршеит уаанӡа зеиԥш еиҿаҳамкаацыз мҽхакыҭбаалатәи ауснагӡатә амҩаԥгара. Агәахәара унаҭон уи зызкыз ауаагьы ахәшьара ахьыҟарҵоз. Ақыҭахь анеира иамоу ауадаҩрақәа ианаамҭоу ауааԥсыра ацхыраара рыҭара алнаршом. Убри азы  акциа иалагӡаны  алшара аԥҵан  ачымазара аарԥшра адагьы ауаа абжьагарақәа рыҭаразы», - ҳәа азгәалҭеит Ҳагԥҳа.

Адиспансеризациа мҩаԥысуан хымш. Аԥхьатәи амш азы  анализқәа ргон, урҭ ҳаирпланла Аҟәаҟа,  НИИЕПиТ ахь иаашьҭын. Аҩбатәи амш азы аҳақьымцәа рнапаҿы иркын анализқәа рҭакқәа. Ари иалнаршеит ақыҭауаа иныҭкааны ргәабзиара аҭагылазаашьа ашьақәыргылара.

Ԥсҳәы ақыҭаҿтәи адиспансеризациа иалахәын: акардиолог Инга Ԥиԥиаԥҳа, амедиеҳәшьа Ева Нарманиаԥҳа, арентгенолог Аслан Берзениа, ахаԥыцхәышәтәҩы Лев Амҷба, агинеколог Оксана Чытанааԥҳа, ахәыҷтәы хирург Зита Апԥҳа, аневропатолог Фатима Сангәлиаԥҳа, аендокринолог Нана Аргәынԥҳа, аофтальмолог Анна Ақаҩԥҳа, амедеиҳәшьа Мадина Царгәышԥҳа, ауролог Давид Смыр, атерапевт Андреи Ҭыжәба, Аԥсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа ИЕПиТ аусзуҩцәа Фаина Горухчиевеи Ҳамида Ҭраԥшьԥҳаи.

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Аҵареи, асоциалтә активреи, агәабзиарахьчареи рыҟәша аусзуҩ Наур Хышба иазгәеиҭеит ақыҭауаа агәаҭара ахысра ишазыхиаз.

«Иҳәатәуп ақыҭауаа заҟа аԥхарра аҵаны ҳрыдыркылаз. Иубартә иҟан урҭ ари акциа ишеигәырӷьаз. Иааидкыланы иуҳәозар, уа инхо ауаа ргәабзиара цәгьаӡам. Апроблемақәа аарԥшын аурологиа, акардиологиа, астоматологиа рганахь ала. Аблачымазарақәа рганахь ала иҟоуп ахирургиатә цхыраара зҭаху», - ҳәа иҳәеит иара.

Агинеколог Оксана Ҷыҭанааԥҳа лгәаанагарақәа ҳацеиҩылшеит.

 «Иҟан аҳәса хьаа рызымҭоз проблемақәак. Ҳара урҭ рыхәышәтәра ҳазыхиоуп. Анализқәа Аҟәаҟа иаагоит. Уа мышқәак рыла ацитологцәа зегьы ҭҵааны аҭакқәа аздырхиоит», - ҳәа лҳәеит лара.

Ақыҭа ахада Пиотр Новинкин аиҿкааҩцәа  ҭабуп ҳәа раҳәо иазгәеиҭеит адиспансеризациа аҵак ду шамоу.

«Аԥсуа-абаза конгресси ҳареи ҳаиԥылараан ауснагӡатә амҩаԥгара азҵаара ҳалацәажәеит. Аиҿкаара мҩаԥган ҩаӡара ҳаракыла. Акциа иалахәыз зегьы хаҭа-хаҭала иҭабуп ҳәа раҳҳәоит», - иҳәеит иара.

Адиспансеризациазы апроект азырхоуп Аԥсны ақыҭа школхәыҷқәеи арҵаҩцәеи амедицинатә цхыраара рыҭара. Иара мҩаԥысуеит АААК Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь иҟаиҵо афинанстә цхыраарала.